Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ҳџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз ари аԥҳәызба зынӡа дқәыԥшӡан. Лиана Зыхәба диит Гәдоуҭа ақалақь аҿы.
Ахәбатәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, аиурист ҵара дҭаларцаз Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи русқәа рыҟәшаҿы шықәсык аус лур акәхеит. Лиана лаб занааҭла диуристын, иара иоуп изҭаххаз лара абри азанааҭ алылхырц. Лианагьы дазыразны аусура далагеит Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҿы.
– Лиана, иабабаҳаи аибашьра ишалагаз?
– Аибашьраҵәҟьа аӡәгьы ҳақәгәыӷуамызт. Август 14 рзы сусураҿы сеиҳабы иуадаҿы сааԥхьаны сшыҩнагылаз исаҳаит ахысыбжьқәа. Асааҭ 11 рыбжа ҟалахьан, ус игоит абыжьқәа аибашьра иалагеит, ақырҭқәа Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа иааихьеит ҳәа. Сеиҳабы ииҳәоз акгьы схахьы иаамгакәа акабинет сындәылҟьан, сҭыԥахь сааҩналеит. Уа дысзыԥшны дгылан аус ҳацызуаз Дина (Қарҭтәи афилиал аректор Шоҭа Антелава иԥшәма) «иббома, аԥсуаа иҟарҵаз, шәа шәҵыхәала аибашьра иалагеит, бара Гәдоуҭаҟа бымцан, ара бҳацаангыл», – лҳәеит. Сара мап ҳәа ласҳәеит. Нас ус лҳәеит: «ақырҭқәа 4 миллионҩык ыҟоуп, шәара – 100 нызқьҩык, шәдырҟьацуеит». Абарҭ ажәақәа рышьҭахь убысҟак ирымчны, тәамбашақә сыччо сналыхәаԥшын, «уи аԥхьаҟа иаабап» сҳәан сарҭмаҟ аашьҭыхны сшыҩуаз мацара Ацҳа ҟаԥшь ахь сцеит. Уа ҳара ҳтәқәа, аԥсуа ҷкәынцәа маҷымкәа еизахьан, аиашаз издыруаз аӡәгьы дыҟамызт, ақалақь ахәышәтәырҭа амедеиҳәшьцәа уахь инеихьан Марина Амқәаб, Емма Инаԥшьба, зегьы убысҟак имшәа-имырҳа рхы мҩаԥыргон, еилыскааит ҳашҭамхоз, ҳдоуҳа аӷәӷәара ҳшеиқәнархоз.
Ԥыҭк ааҵхьан еиԥш, Адлеиба ҷкәынак, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зуаз даасыдгылан: «Гәдоуҭаҟа бҭаацәа рахь баалароуп» ҳәа сыхҭеикит, иҟасҵоз сиццеит, нас Аҟәа ҳанахысуаз излеилыскааз ала, аҳәааҿ игылаз аԥсуа ҷкәынцәа аҳәсеи ахыҷқәеи рыда аӡәгьы дырмышьҭӡозаарын: «Еиҭа уаахма?» ҳәа наиарҳәеит, аха доурыжьит, еилкаан сҭаацәа рахь сгара гәырҩас изикыз! Ҳаурыжьит.
Аԥхьа саҳәшьа лҿы снеит. Сымаҳәцәа зегьы еибашьра ицахьан. Еибашьра сцоит ҳәа анласҳәа, саҳәшьа адгылара ансылымҭа сҭаацәа рахь сцеит. Уантәи сцеит Ауадҳара, уа Гена Сабуа командирс дызмаз агәыԥ срыланы зхатәгәаԥхарала цхыраара ашьха ихыҵны иаауаз ҳарԥылеит. Ахәра зауз Ҳалуашь ҷкәынак ацхыраара шисҭоз схы ӷәӷәала икыдсҟьеит… Сыхшыҩ ҵысызаап, Гагра анырга ашьҭахь Гәдоуҭаҟа агоспиталь ашҟа цхыраара сцеит. Уи ашьҭахь салалеит аҩбатәи абаталион, аҟабардақәа ргәыԥ, Руслан Токови, Салима Варитлови напхгара зырҭоз. Ҳара дҳацын амедеиҳәшьа Марина Цәышба, ҳрыцхраауан ахәра зауз ҳаибашьцәа-ҳашьцәа, насгьы ҳсолдаҭцәа рформақәа анаҳаӡәӡәозгьы убарын.
Аибашьраҿы иҟоуп убри аҩыза аԥҟара, ҩымчыбжьа рахьтә ҩымш аҩныҟа ҳаурыжьуан, убри аҩыза ҳамшқәа раан ҳаиҳабы исеиҳәеит Шьромаҟа ҳдәықәырҵоит, баныгьежьуа ара ҳҟалаӡом, бышиашоу уахь адачахь бхал ҳәа. Уа саннеи сгәыԥ иатәыз аӡәгьы дыснымиеит, ирмышьҭӡазаап, адҵа рыԥсахын, убас сара салалеит Гәрам Шьоуа игәыԥ.
– Иаҳҭахын ари агәыԥ аҟнытә инабыгӡаз дҵак бгәалабыршәар?
– Исгәалашәоит, амедеиҳәшьа Марина Ҭаниеи (аибашьраҿы дҭахеит), сареи аиҳабы иҳаиҭеит адҵа Каман аӡы азааигәара ирхәыз солдаҭк ацхыраара иаҳҭарц. Амашьына ду «Урал» ала ахықә аҿынӡа ҳнеигеит Назим Оҭырба, нас ҳхала ҳдәықәлеит, ҳнаӡеит ахә дахьыҟаз, уи ацхыраара ирҭахьан ҩыџьа ҳсолдаҭцәа, Каман аидыслара ӷәӷәа цон, шьҭа ҳашьҭахьҟа ахәы дҳаман ҳцар акәын, аха ҟалашьа амамызт. Даҳгароуп ҳәа уа ицхрааз ҩыџьа асолдаҭцәа хҭаскит, ахәцәа ахьеизыргоз адәы аҟынӡа днаҳгаразы, уантәи нас верталиотла иалыргон. Ҳаԥсы ӡаны аҵла ҳахьаватәаз Марина ус лҳәеит: «Бара агаӡа хәыҷы, уанӡа ихәлаанӡагьы ҳазнеиуам, амҩан ақырҭцәа ҳааныркылоит. «Атапанчақәа ҳамами?» – налаҭаскит. «Атапанча зҳамоу ҳҽалаҳшьырц азоуп – ҳатҟәаны ҳаргошәа ҳбозар, аибашьра азын акәӡам» – лҳәеит. Уи ашьҭахь уаҳа ҿысымҭит. Ихәыз аҷкәын Афонтәи абаталион датәын, ишьапы убри аҟынӡа ихәын абаҩ ҟәашӡа иааԥшуан.
Каман анҭадырцәы ашьҭахь, исыздыруам агәыԥ зтәыз, аха уа дрылахәын Харабуа ҷкәынак. Класскаҿ исыцтәаз Асида Харабуа лашьа иакәын, аснариад рылаԥжәеит, аурыс ҷкәынак дашьит, ирацәаны иахәит, ҳара ихәыз зегьы амашьына «Урал» иақәҵаны, ҩ-еилаҳәарак ахьаартәага «промидол» сыҭаны срыцҵан Афонҿыцтәи агоспиталь ашҟа амҩа ҳақәлеит. Каман ҳшылбаауаз абахә ахықәаҿыҵәҟьа амашьына аԥсҟы хжәеит. Исыздыруам, аҷкәын қәыԥш излаилшаз, аха ҳабӷамҵакәа амашьына ааникылеит. Амашьына сҭыҵын зегьы ахьаахҽыга агәыр рзыҟасҵеит. Ус саныԥшы, избеит ҩ-машьынак–«Нива» ашкәакәеи, «Вилиси» ҵаҟантәи ахалара ишаҿыз. Сыҩны рымҩа саԥылеит, ишакәхалакгьы амашьынақәа рцәызгоит, ахәцәа алалбаазгоит ҳәа, усҟан сара схаҭагьы аконтузиа сымазаарын.
Ажәа аҳәахагьы самраӡакәа, Аԥсны Ахада ихьчаҩцәа аасыкәшеит. Уа дрылан Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Ирасҳәеит иҳахьыз зегьы, ақәаԥсатара иалагон, аха зегьы рмашьынақәа ирықәаҳҵеит, Афон Ҿыц агоспиталь ахь иаҳгеит, уа аус зуаз аҳақьым хада игәеиҭеит саргьы аконтузиа шсымаз.
–Лиана, иҟазма бара аԥсра абла банҭаԥшуаз ибыцхрааз, бахзырԥаз?
– Исҭахуп ҩынтәны аԥсра сахзырԥаз 16 шықәса зхыҵуаз Анзор Гоглев изы ажәақәак сҳәар.
Зны Марина Цәышбеи сареи аиҳабы аштаб ахь ҳандәықәиҵоз, ақырҭқәа ҳгәарҭазаап.
Анзор дҳахьӡаны даҽа мҩак ала ҳаигеит, иаарццакны уа ҳахьыҟаз ҩ-снариадк ақәрыжьит.
Исгәалашәом сахьыҟаз, зны ҳаԥсы ахьеиҭаҳкуаз сааит, асолдаҭцәа акрырфазар акәхап, ҳчанахқәа ҟьашьын, рыӡәӡәара сшаҿыз, ачеченцәа солдаҭк дрыман иааҩнашылеит, сыдам здам уаҩ дыҟам, уи ақырҭқәа цәгьаҳәаҩыс дрымазаарын, исазҵааит дыбдыруама ҳәа. Сара дшысзымдыруаз расҳәеит. Шәара шәгәыԥ датәушәа иҳәеит анырҳәа, ирасҳәеит ахаан дшысымбац. Зегь акоуп дсызныжьны ицеит, абџьар ҳәа акгьы идсымбалеит, аха иара саргьы чанахымзар акгьы скымызт. Иара исеиҳәеит сшидыруаз аибашьра ҟалаанӡа, сара ииашангьы дысгәалашәомызт. Ҳаҷкәынцәа ҩынтәгьы дааныркылахьан, сермануп ҳәа знык ижьеит, ус ҳгәыԥ иалаз Анзори ҳаиҳабы Руслан Токови хынҳәны иааит.Руслан изшьапык имаӡамызт. Маркәла артҟәацга дахаԥжәахьан, сазҵаара ишаҿыз дахьца-дахьаа ҳамбо дныҵашәкәа дцеит атҟәа иаанрыжьыз. Аибашьра ашьҭахь еилыскааит уи аус ахьызуаз днеины сыӡбахә иҳәозаарын.
Анцәа иҟнытә уи уаҳа даҳбартә иҟамлеит. Аинаалара анрыларҳәа сара сыԥшәма Арсен Ефендиеви сареи санхәа лахь Нальчикҟа ҳцеит. Маҷк ааҵхьан еиԥш, сыԥшәма, Ленинградҟа аҵарахьы сцоит ҳәа саҳәаны Аԥсныҟа еибашьра дааит, сара иан лҟны сааныжьны. Сентиабр 20 рзы шыҟаз ҳгәыла исеиҳәеит сжьаны еибашьра дышцаз. Амза 26 рзы ауп Аԥсны санаа, уаҳа исзалмыршеит. Гәдоуҭа аштабаҿ сахьнеиз исарҳәеит Аҟәа аҭарцәра ицаз агәыԥ дышрыцу, ақалақьи Ажәытә ҳаблеи ҭарцәны авокзал анырга ашьҭахь, Аиҳабыра рыҩны ашҟа ицеит. Убраҟа иара, Арсен Ефендиев «Монгол» ҳәа зарҳәоз, агәыԥаҿ илшеит Аиҳабыра рыҩны аганахьала абираҟ ахаргылара. Убасҟан ихы ахәра аиуит, сара сихьӡеит, снапала ихы ҿасҳәеит. «Сара бысҟәаҵ! Егьырҭ аҷкәынцәа брыцхраа!» – иҳәеит, иааиз амедеиҳәшьцәа рнапы днанысҵан ихәыз рыцхраара салагеит. Убри нахыс уаҳа ихабарк ҟамлаӡеит, дыбжьаӡит. Аӡӷабцәа ирҳәеит ақалақь хәышәтәырҭаҿ дышьҭаҳҵеит ҳәа, усҟан уа ҳа ҳтәқәа неихьан… аха дыҟам иахьагьы, ибжьаӡшьахаз еилкаам.
– Лиана, бара аибашьра ахы инаркны бахысит, бҭаацәа рҟнытә уаҳа иалахәыдаз?
– Саҳәшьа гәакьа лхатә ҩыза Оҭар Инал-иԥа дҭахеит Гагра аныргоз, Гена Марганиа игәыԥ далан. Сымаҳә Оҭар иҩыза аибашьҩы Нури Цыгәбеи иареи «Холодная Речка» ҳәа иахьашьҭоу ашәанцәа ргәыԥ ирҿаҳаит. Акомандаҟаҵаҩ иҳәеит, «шәца ишшәылшо, амала ԥхьаҟа». Ус иагьыҟарҵеит, Оҭари, Нури пулемиотла ихысуа рҩызцәа аӷа ицәцартә иҟарҵеит, дара аҩыџьагьы уаҵәҟьа иҭахеит.
Акызаҵәык ҳгәы збаауа, сымаҳә Оҭар Инал-иԥеи саҳәшьеи ирҭынхеит ҩыџьа ахәыҷқәа, аҭыԥҳацәа, аҵара дуқәа ирылганы, рыԥсҭазаара шьақәдыргылахьеит.
Аибашьра ахы инаркны иалсыз аԥҳәызба қәыԥш лџьабаақәа азгәарҭеит Аԥсны ахадара, иланашьоуп акымкәа-ҩбамкәа аорденқәа. Аха, зегьы ирыцку, лара дазгәдууп иахьа аԥсҭазаара бзиахь зшьаҿақәа ҟазҵо, еиқәлырхаз лтәыла хәыҷы