Август азбжа инаркны Аидгылара, Абжьыуаа, Горки, Сосналиев, Нарҭаа, Гәлиа рымҩақәа рҟны иқәыргылан иазгәаҭаз 150 рахьтә арлашагақәа 130. «Иаанхаз арлашагақәа 20 иахьаҭаху аҭыԥқәа рҟны икнаҳахоит», – иҳәеит апрораб Иури Убириа. Апроект ԥарала еиқәыршәоуп аҭыԥантәи абиуџьет амалқәа рыла.
Арлашагақәа ахьыкнарҳауа агәашьа ҿыцқәа ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәоит: Аиха иалху агәашьақәа 5 метрак иҳаракуп, урҭ дара рхала иакуеит, ицәоит.
Ҳазну аамҭазы аусуҩцәа афымцеибыҭаратә усурақәа мҩаԥыргоит. «Ашьҭаҵара ҳаҿуп аԥхасҭа амоуртә аиԥш иҭаҳәҳәаны иҟаҵоу абҩатә даҷ», – иациҵеит Иури Убириа.
Тҟәарчал араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа иазгәеиҭеит, ауааԥсыра лассы-лассы агәынамӡара шрымаз алашара аҟамзаара аганахьала.
«Иҳаӡбеит абас еиԥш аусурақәа мҩаԥаагарц, избанзар 35-50 шықәса уажәаԥхьа иқәыргылаз ажәытә рлашагақәа ԥхасҭахеит, реиҭашьақәыргылара амуа иҟалеит. Абасеиԥш зымҽхак ҭбаау аусурақәа ақалақь аҿы имҩаԥгамызт 30 шықәса инареиҳаны», – иҳәеит иара. Рлашагак ахәԥса иартәоит 100 нызқь мааҭ аҟара.
Ақалақьуаа абарҭ аиҭакрақәа ргәыӷрақәа рыдырҳәалоит. «Уаанӡа уахынла, иаҳарак заа ианыхәлоз аӡынразы, ныҟәашьа ыҟамызт. Шьҭарнахыс ақалақь зегьы лашоит. Даара ҳаигәырӷьоит, ҭабуп ҳәа раҳҳәоит абри аус аԥшьызгаз зегьы», – лгәаанагарақәа ҳацеиҩылшеит уаҟа инхо Лиуда Аршба.
Ақалақь ауааԥсыра агәыӷра рымоуп ари даара шьаҿа бзианы ишыҟоу, ауаа ақалақь ахь рыхынҳәра иацхраауеит.
Сентиабр азбжазы Тҟәарчал напы ддыркит ақалақь иаҵанакуа аҭыԥқәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара. Уахь иаҵанакуеит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, ақалақьуаа рыԥсҭазаара еиӷьызтәуа, изырманшәалауа.
Абжьыуаа рымҩа, аҩны №4 аҟны агәарԥ ахаҳәршьышьы ақәырҭәаразы аусурақәа хыркәшоуп, аԥхьаҟа ишьҭоуп даҽа ааба рыҟаҵара. Иара убас арҽеиратә усурақәа мҩаԥгахоит Горки, Сосналиев рымҩақәа, Ахақәиҭра амҩаду уҳәа рҟны. Аусурақәа ԥарала еиқәнаршәоит ареспубликатә биуџьет – иазоужьуп 8,7 миллион мааҭ.
Жәлар Реизара адепутат Беслан Емырхәба ауааԥсыра рпроблемақәа рыӡбара активла дацхраауеит.
«Абыржәы ирыгу-ирыбзоу ҟаҵахоит адгьылҵакырақәа жәба, хазы арлашара аус ҳаҿуп, – еиҭеиҳәеит адепутат. Ахаҳәршьышьы ишақәнагоу иқәҳарҭәоит, избанзар арахь лассы-лассы иааиуеит аидара ду шьҭызхуа амашьынақәа».
Емырхәба иаҵишьит Мрагыларатәи Аԥсни уи арҿиареи рызхьаԥшра –ари атәыла анапхгара аԥхьа ишдыргыло. «Исҭахын ҭабуп ҳәа расҳәарц атәыла Ахадеи Аԥыза-министри», – иҳәеит иара.
Аподриадтә усҳәарҭа апрораб Вианор Ҭорҭиа, аусурақәа рымҩаԥысшьа далацәажәауа, иҳәеит раԥхьатәи амҩа шыҟаҵоу, егьырҭ рҟны азыҟаҵаратә усурақәа шымҩаԥысуа. «Аусурақәа зегьы хацҳаркуеит ҳҽазыҟаҵаны. Аԥхьа адгьылҵакыра ҳшәоит, иаҳзоит, абӷанҷ ықәҳаԥсоит, иара убас адаҷ ԥаны ишьҭаҳҵоит, нас ауп ҳус ҳаналагауа», – иҳәеит иара. В.Ҭорҭиа излеиҳәаз ала, иазгәаҭоу зегьы хыркәшахоит ашықәс ҿыц аламҭалазы.
Тҟәарчал ауааԥсыра аҭыԥантәи анапхгара раԥшьгамҭақәа активла ирыдгылоит. «Ҳамҩақәа еснагь ипроблеман, џьара-џьара иҭыжаан, ауаа агәарԥқәа рахь анеира рацәак ирҭахымызт, рмашьынақәа ԥхасҭарымтәырц азы», – дцәажәоит Дали Харчлаа. – Анапхгара ҳрыдҵаалеит, шьҭа амҩа бзиа ҳауит. Атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит иахьҳацхрааз азы».
Агәарԥқәа рырҿыцреи арлашареи – ари алагамҭа ауп. Аԥхьаҟа иазгәаҭаны ирымоуп Ареспубликатә биуџьет амалқәа рыла агәарԥқәа рырлашара. Тҟәарчал араион ахадара иара убас амҩақәа рырлашара, ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа, апарк-баҳчақәа рырҿыцра активла аус адырулоит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аҭыԥантәи амчрақәеи Тҟәарчал ақалақь ауааԥсыра рҭахрақәа хшыҩзышьҭрада иаанрыжьуам. Зегьы хықәкыс ирымоу – аԥсҭазаара маншәала аиҿкаара, ақалақь ааныжьны аҿар рықәымҵра, рықалақь гәакьа арҿиара ауп.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com