Аҭагалара ахыркәшарахь инеиуеит

Аҧсны қыҭанхамҩатә тәылоуп уи ахыи аҵыхәеи иахьрыҵаркуа аҭыҧқәа зегьы еилшәарада дгьыл чашәроуп..
Асовет аамҭазы ақыҭанхамҩа ҩ-напыкла аус адырулозҭгьы, асовнхарақәеи аколнхарақәеи еиҳа аҽаҩра ҭазгало ҳәа еицлабуазҭгьы, ҳаамҭазы ҳәарада аҭагылазаашьа зынӡа даҽакуп. Џьоукы- џьоукы анхацәа иаҟәыҵхьеит адгьыл аус адулара.

Адгьыл ду иҭатәоу анхаҩы изы иҧхашьароуп ааҧынразы аӡынхәы азымхәыцра, аџьықәреии аҟәыди изхара изаамрыхыр, «аҧшәма уҟоума» ҳәа сасык иашҭа дааҭалар фырџьанк изцәырымгар.
Аҵыхәтәантәи жәашықәса ры­ҩныҵҟа, анхацәа рҭагылазаашьа акыр аҽаҧсахит. Аарыхрақәа ир­ҧырхагоу ахәаҷақәа хкырацәала ицәырҵит. Зныкыр аџьықәреи ӡәыр ихәышәтәхьазма? Аха уажәшьҭа, амармалташьтә бты иахҟьаны уи аҟаҵара анхымҧадатәугьы ҟалалоит. Иагьа ус иҟазаргьы, ҳазҭагылоу ҭагалан анхацәа рхы иахашшаартә иҟам. Аҽаҩра аингалара макьана аҵыхәтәанынӡа ихыркәшаӡам, аха абжьаратәи арбагақәа урыхәаҧшны иуҳәар ауеит, аарҩара аҧырхага шыҟанаҵазгьы, зегьы акоуп сынтәа аҽаҩра бзиан ҳәа.
Амш бзиақәа рхы иархәаны анхацәа рҽаҩра аизгара иаҿуп. Аҧсны ақыҭанхамҩатә раионқәа иреиуоу Очамчыра араион иахьаҵанакуа аусурақәа рхыркәшарахь инеиуеит. Аҿаҩа қыҭақәа рҿгьы цуҭала еицхырааны раарыхра аизгара иаҿуп. Араион ахадараҿы еиҿкаау ақыҭанхамҩа аусбарҭа иҟанаҵаз алкаақәа рыла, сынтәа анхаҩцәа аҽаҩра беиа еиныргалеит. Иааидкыланы сынтәа араион аҟны илаҵан ҩнызқь гектар аџьықәреи, еиныргалахьеит ф-нызқь тонна инарыцны. Уи даара иҟаҵарба бзиоуп ҳәа азгәеиҭеит араион ахадара ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭенгьыз Какәбаа. Иара ижәақәа рыла, иҟоуп қыҭақәак аҽаҩра ахәаҷа аҧырхага ахьанаҭаз , иахьырхәыштәызгьы. Очамчыра араиан ақыҭақәа Тамшь, Маркәыла аҽаҩра аҭагаларазы аусура еилашуеит.
Иазгәаҭатәуп, аџьықәреи анаҩ­сгьы, сынтәа ианаамҭаз араион аҟны ибзианы аус шадулаз акарпыжә ааӡара. Иааидкыланы анхацәа ирзылан ҧшьышә гектар рҟынӡа, ихырхыз аалыҵгьы акыр ирацәоуп. Иҳәатәуп, сынтәа раҧхьаӡа акәны, Очамчыра араион ахадара ахарџьқәа рыла ишеиҿкааз ахшара рацәа змоуи, зымаха-зышьаха еибгами рыцхрааразы аусурақәа. рыдгьылқәа аус рыдулараҿы ацхыраара.
Ҳәарада, анхацәа реиҳарак аарыхра зегьы рхатәы харџьқәеи рџьабааи рыла иеиҿыркааит. Ауааҧсыра ирҳәоит рҽаҩра аҭираҿы ауадаҩрақәа шырҧымлаз. Акыр шықәса раахыс Аҧсныҟа аҳәаанырцәынтәи акарпыжә аҭиразы иааргон. Иара ахәҧсагьы аҭыҧантәи аасҭа акыр еиҵан. Аха сынтәа акарпыжә аҳәаа ахгара аан ахәҧса шьҭырхит, убри азы иаагаз еиҳа имаҷын. Уи иалнаршеит аҭыҧантәи анхацәа раалыҵ аџьармыкьаҿы хәбзиала аҭира. Иара убасгьы Очамчыра араион аҿы имаҷҩым ацитрустә шәырқәа зааӡо анхацәагьы.
Лашькьындар ақыҭа анхаҩы Реваз Басариа мышқәак рыла далагоит амандарин аҿыхра. Анхаҩы иҳәоит бжьаратәла жәохә-жәаф тонна рҟынӡа дшазыҧшу. Реваз иажәақәа рыла, иҭаацәеи иареи рхала иахьӡаӡом аҟынтә аусуҩцәа ааигоит. Анхаҩы иазгәеиҭоит иара изыҳәан зегьы еизакны аҭира еиҳа ишыманшәалоу атәы.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы анхаҩцәа рџьабаа акыр иҕәҕәахеит, ашәырҵлақәеи, ауҭраҭыхи, иара аџьықәреи ахаҭагьы ахәшә ақәҭәара аҭахуп. Уи ахҟьоит хыҧхьаӡара рацәала ахәаҷа хкқәа ахь­цәырҵыз. Аха, егьа ус акәзаргьы Сынтәа Аҧсны араионқәа зегьы рзы, шамахамзар, аҽаҩра аамҭа азыбзиахеит. Уаанӡа аҧырхага ҕәҕәа ҟазҵоз ахәаҷамаҷагьы рхыҧхьаӡара еиҳа еиҵоуп ҳәа алкаа ҟарҵоит аекологцәа. Аҧсуаа ишырҳәо еиҧш, алаҵареи арашәареи раан имаашьаз аӡынхәбзиа иоуеит. Аҭагалара аамҭагьы маншәалахеит. Анхацәа иаамҭаны рҽаҩра еиныргалартә еиҧш алшара рымоуп.

Елана Лашәриаԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me