Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш

2024 шықәса, маи 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥган Кавказтәи аибашьра иалаӡКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш. Ари амш аҽны иҵит 160 шықәса Аурыс-Кавказтә еибашьра еилгеижьҭеи. Азежәтәи ашәышықәсақәа рзы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит.

Абарҭ аамҭақәа ирҿыҵахәхаз ргәалашәаразы маи 21 аҽны, ахәылбыҽха аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит. Аҿар аԥсуа, адыга бираҟқәа, афакелқәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иашҭа аҟынтәи рҿынархеит аԥшаҳәа аҟны иҟоу Амҳаџьырқәа Рбаҟа  ашҟа. 

Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш азы абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара адепутатцәа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азы традициак аҳасабала имҩаԥырго агәаларшәаратә цәашьы «Ашьамаҟа» амца аркын. Аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан амшын ашәҭ шьыҵәрақәа рыхҵарала.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me