Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҩ-ԥышәарак рыкәша-мыкәша

Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа гәыԥҩыки Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Наур Нарманиеи идикылеит.
Урҭ Аԥыза-министр жәабранмза 8, 2024 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра иҭнажьыз Адҵа­ № ­21 ина­маданы Аԥсны арҵаҩратә еилазаара, абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, еицҿакны рзанааҭтә гәаанагара ахьаадырԥшыз аҳәамҭа ирҭеит.
Иарбоу Адҵа ала, аҵара Аминистрра «амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас амаҭәар «Аматематика: алгебреи анализ алагареи, агеометриа 11-тәи акласс аҿы» ала иҩны аԥышәара аҭаразы» Аԥҟара шьақәнарӷәӷәеит. Арҵаҩратә еилазаара аҳәамҭаҿы урҭ ас еиԥш аӡбамҭа рақәшаҳаҭымра Аминистрра аҟынтәи зҭак рмоуз азҵаарақәа жәпакы ишрыдҳәалоу арбоуп. Ахәҭакахьала, аматематика арҵаҩцәа, аметодистцәа аҩратә ԥышәарақәа рымҩаԥгареи аҵаҩцәа рдырра ахәшьара аҭареи аԥҟарақәа ас еиԥш шьҭанкыла аиҭакра ралагалара хықәкыс иамоу азы азҵаара ықәдыргылоит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ас еиԥш аҿыцрақәа ралагалара иаамҭаӡам, избан акәзар, уи ихадоу ашколтә ԥышәарақәа рымҩаԥгара аҟынӡа хы­мз-заҵәык шыбжьоу имҩаԥысит, урҭ аметодистцәа, дара арҵаҩцәагьы алархәны рылацәажәара мҩаԥгамызт, аесперименттә ҭҵаарақәа раҳасабала агәаҭарақәа (апробациақәа) мҩаԥгамызт, иҟаҵамызт иарбоу аексперимент аихшьалақәа.
Арҵаҩцәеи аметодистцәеи ишазгәарҭо ала, аҵара Аминистрра иарбоу Адҵа аҭыжьраан аспециалистцәа изныкымкәа еиуеиԥшым аформатқәа рыла, аҵарадырреи, анаукеи, абызшәатә политикеи рзы Апарламенттә еилакы аилатәараҿы уахь иналаҵаны, иаадырԥшуаз рзеиԥш позициа иазхьамԥшӡеит.
Аҳәамҭа иарбоу ашьақәырӷәӷәагақәа шьаҭас иҟаҵаны, ареспублика арегионқәа зегьы рхаҭарнакра назыгӡо аматематика арҵаҩцәа, атәыла анапхгара ахь иарбоу Аминистрра Адҵа аԥыхра алыршаразы аҳәара ҟарҵоит.
Аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵо, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәыла Анапхгара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭҵааны, излауа ала хара имгакәа аҭак шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me