Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иахьазы – ҩ-еилахәырак…

2023 шықәса декабр 16 азы Урыстәыла Аиҳабыра ақәҵара ҭрыжьит. Уи инақәыршәаны аилахәыра «Роснефт» заҵәык азин аҭан Аԥсныҟа анефт аалыҵқәа раашьҭра.
Февраль азынӡа цәынха-мынхақәак абылтәы змоу «Подорожники» «Роснефт-Аԥсни» аалхны, Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны абылтәы аҭира аанкылоуп ианвар 1 инаркны, – арадио Спутник иеиҭаз аинтервиу аҟны абас иҳәеит Аԥсны Абылтәы ассоциациа апрезидент Артур Ашәба.
Уи иажәақәа рыла, Аԥснытәи аилахәырақәа рбылтәыҭаҭәарҭақәа рҟны аҭагылазаашьа лахьеиқәҵагоуп, избанзар иҟаз амаҷ-саҷ нҵәеит, аҿыцқәа раагара залыршахаӡом Урыстәыла Аиҳабыра иҟарҵаз ақәҵарала.


«Амза акы инаркны аҭира зынӡаск иаанкылан, иҟоуп иаҳа режим маҷла макьаназы аус зуа, ацәынхақәа зҭиуа еилахәырақәак», – иҳәеит иара.
Ашәба иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҿиашьа зеиԥшрахауа шизымдыруа. Уи иациҵеит Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҟны аусқәа уажәтәи рҭагылазаашьа абас аҿынанахар, аус знапы алаку аҭыԥантәи ауааԥсыра анефт аалыҵқәа зынӡаск ирылхәдахоит, ари акризис ҳәа изышьҭоу ахь икылнагоит.
«Роснефт-Аԥсны» заҵәык ала зхыԥхьаӡара рацәоу амашьынақәа рмаҵзура даараӡа ихьанҭахоит», – игәы иаанагоит Ашәба.
«АЗиД» аиҳабы Адамур Габуниа далацәажәеит декабр 25 азы аилахәыра официалтә саит аҟны аҭааҩцәа рыхсаалагақәа рыла абылтәы аушьҭра шаанкылоу азы аинформациа шыркьыԥхьыз, ианвар азы абылтәы аахәаразы ақьаадшәҟәқәа шрыдрымкылоз.
«АЗиД» аиҳабы иинформациала, Аԥсны аекономика Аминистрра Урыстәыла Аиҳабыреи абри аус иаԥшьу аусҳәарҭақәеи рҟны аҭагылазаашьа аилкааразы аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит.
«Макьаназ хықәкылатәи алҵшәақәеи армаҷрақәеи зыхҟьаз еилкаам. Урыстәыла аҳәааҿы игылоу абылтәы азҵаара макьаназ иӡбам. Ҳгәыӷуеит, аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәҵахап ҳәа аусуратә мшқәа ралагамҭазы», – иҳәеит иара.
Габуниа иазгәеиҭеит, Аԥсны Абылтәы Ассоциациа алахәылацәеи аилахәырақәа русзуҩцәеи реизараҿы зегь еицҿакны гәаанагараны ишырҳәаз «Росснефт» аҟны хықәкылатәи аилаӡарақәа ишырҿагылауа, ари ишаанагауа аџьармыкьа напаҿык аҟны аагара.
«Ҳара иаахтны иаҳҳәон, Ахада иахь ҳхы ҳархон уи шиашам азы, ари аџьармыкьа ампыҵакра ауп, акоммерциа аганахьала акәзааит, аҳәынҭқарра аганахьала акәзааит аӡәгьы ишигәамԥхауа», – иҳәеит иара.
Аԥсны Абылтәы ассоциациа еиднакылоит аҭыԥантәи абылтәы џьармыкьа иаҵанакуа аилахәырақәа 40 раҟара.
Арадио Спутник декабр 25 азы Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган иалҭаз аинтервиу аҟны еиҭалҳәеит абылтәы аагаразы армаҷрақәа зыдҳәалоу Урыстәыла Аиҳабыра рықәҵара шакәу. Уи ала аилахәыра «Роснефт» ауп азин зауа ҳтәылахь анефт аалыҵқәа раашьҭра.

Иара убас, лара иазгәалҭеит аекономика Аминистрра аҭагылазаашьа ишахылаԥшуа.
Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит иахьа Аԥсны абылтәы џьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Еизаз иргәалаиршәеит 2023 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла Аиҳабыра 2012 шықәса декабр 12 азы ахәаахәҭра азы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы азин ҷыда рызҭо аӡбамҭа шаднакылаз.
«Аиԥш-зеиԥшу аӡбамҭа рыдыркылеит Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахьалагьы. Иахьатәи амш азы Аԥсныҟа еиԥш, Аахыҵ-­Уаԥстәылаҟагьы анефҭ аалыҵқәа рекспорт инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиԥшуп. Иарбоу аӡбамҭа зызкыз, насгьы уи ҳара ҳзы ахҟьаԥҟьақәас иацыз? Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа аӡәырҩы Ԥсоу аҳәааҿы зыхә ршәахьаз, насгьы зымҽхакқәа ашәҟәы иҭагалаз, аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьаз ртауар аиагараан ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Урыстәылатәи Афедерациа аҳазалхратә усбарҭақәа, аалыҵ аиагара азин рырҭомызт. Ари аҩыза аҭагылазаашьа, жәаҳәарада, ауааԥсыра рыдагьы, атәыла анапхгарагьы акыр агәҭынчымра рызцәырнагоит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр атәыла анапхгара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа активла аӡбара ишаҿыз азгәеиҭеит.
«2023 шықәса иалагӡаны Аԥсны аекономика Аминистрра изныкымкәа ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шиашам азы агәаанагара аофициалла иаанарԥшуан. Уи Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа русдкыларатә усурақәа аԥкрақәа рылазгало усны иԥхьаӡан», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иаанханы иҟоуп 6 нызқь тонн абылтәы. Уи мызкы мацара иазхоит.
«Иахьа, Урыстәылатәи ҳколлегацәа иҳарҭо адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ақәҵара ҭрыжьит. Уи уаанӡа ирыдыркылаз ақәҵара азинмчы ааннакылоит. Уи иабзоураны иалыршахоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьоу анефҭ аалыҵқәа Аԥсныҟа раагара. Ари аҩыза аӡбамҭа ҳазыԥшуижьҭеи акрааҵуан», - инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәақәак мызкы рбылтәыҭаҭәарҭақәа русура ааныркылар акәхеит. Иҿыцу ақәҵара азинмч аҿҳәара фымз рҟынӡа инаӡоит.
«Ари хра злам анырра анаҭоит Аԥсны атәылауаа рымаҵ аура адагьы атәыла асоциалтә ҭагылазаашьагьы, иара убас ашәахтә лагалақәа рынагӡара. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Аԥсны анапхгара акыр ҭакԥхықәрала иазнеит. Аԥснытәи аган абылтәы џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа арҽеиреи Аԥснытәи аусдкылаҩцәа русура арманшәалареи рзы иалшоз зегьы ҟанаҵеит», – иҳәеит аминистр.
Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, абылтәы џьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалахеит, уажәазы абылтәы азымхара ыҟаӡам.
«Абылтәыҭаҭәарҭақәак аркуп, урҭ русура аангылеит. Аха иҟоуп уаанӡа аилахәыра «Роснефт» аус ацызуаз, урҭ абылтәы аҭира иадҳәалоу аусура мҩаԥыргоит. Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит аԥсуа ган апозициа еилкааны ҳусдкылаҩцәа иарбоу аусура рылзыршо амеханизмқәа шрыдыркыло», – иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Иахьазы Аԥсны иҟоуп 11 инарзынаԥшуа анефҭ аалыҵ аимпортиорцәа. ­Ҩ-­еилахәырак роуп иахьазы иҭышәынтәаланы аус зуа – «РН-Абхазиа», «Аԥсны-Оил». Аԥсны зда ихәарҭам ашықәсбжьаратәи абылтәы амҽхак – 100 нызқь тонн рҟынӡа инаӡоит.
Ианвар 24 азы Аԥсныҟа абылтәы аашьҭра ахцәажәара иазкын аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы Жәлар Реизара аилак инарҭбааз аилатәара. Уаанӡагьы, ианвар 18 азы ари атема иалацәажәахьан Жәлар Реизараҿгьы.
Иара убас, Аԥсны анапхгареи аиҳабыреи рԥылеит Урыстәыла Аиҳабыра 2023 ш. декабр 16 азы ирыдыркылаз ақәҵара иахҟьаны ицәырҵыз аҭагылазаашьа инамаданы абылтәы џьармыкьа ахаҭарнакцәа.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган злахәыз аиԥылараҿы абылтәы џьармыкьа ахаҭарнакцәа абри азҵаара иазкны ргәаанагара рҳәеит. Уи ҵакыс иамоу абри ауп: аӡәы инапаҿы аҟазаара иҵоурам анырра ҟанаҵоит аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы анефт аалыҵқәа раашьҭреи рыҭиреи ирымадоу азҵаарақәа рышҟа.
Ари агәҭынчымра рыцеиҩыршоит Аԥсны анапхгарагьы. Аилахәырақәа рхаҭарнакцәа еиҭах ирзеиҭаҳәан иҟалаз аҭагылазаашьа инамаданы Аԥсны Аиҳабыра еихырго ашьаҿақәа ртәы.
Аиԥылараҿы Алеқсандр Анқәаб ишиҳәаз еиԥш, атәыла анапхгара аҽазышәарақәа зегь рыдыркылоит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵаразы. Иааиуа амчыбжь алагамҭазы Аԥсуа ган агәы иҭоуп убри азҵаара аҵыхәала Москва аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥнагарц. Аԥыза-министр ишазгәаиҭаз аиԥш, урҭ аиԥыларақәа рылҵшәақәа ауаажәлар рлымҳа аҟынӡа инагахоит.

Аминистрцәа Реилазаараҿы аицәажәара ашьҭахь ахыбра аҿаԥхьа еизаза абылтәы еилахәырақәеи абылтәыҭаҭәарҭақәа русзуҩцәеи рахь днеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
«Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳҿы абылтәы инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зегьы, атәыла анапхгарагьы уахь иналаҵаны, агәҭынчымра рызцәырнагеит. Ари Апарламент аҿаԥхьа Аԥснытәи абылтәы еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи адепутатцәеи ҩынтәтәи реиқәшәара ауп. Аԥсны анапхгара ари азҵаара аӡбаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит. Ҳара баша ари азҵаара ахала иӡбахоит ҳәа ҳазыԥшӡам, ҳара иҳалшо ала уи аӡбара ҳҽазаҳшәоит. Аҩаша, ажьырныҳәамза 30 рзы Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниеи сареи Москваҟа ҳаиццараны ҳаҟоуп. Уаҟа Урыстәыла анапхгара иалоуи ҳареи иарбоу азҵаара налаҵаны хадара злоу егьырҭ аҳәынҭқарратә зҵаарақәагьы ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп», – иҳәеит иара. Џьансыхә Нанба, аҳәынҭқарра анапхгара абылтәы џьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҽанраалара ргәы иҭаӡам, уи арҽеиразы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Ианвар 25 азы Абылтәы еилазаара «АЗиД» аофициалтә саит аҿы абылтәы зҭаз авагонқәа аҳәаа иахыҵны Аԥсныҟа иалалеит ҳәа адырра ҟаҵоуп. Убри инамаданы, амш аҩбатәи азыбжазы етап-етапла «АЗиД» абылтәыҭаҭәарҭақәа раартреи абылтәы аушьҭреи ирылагеит. Иара убас акорпоротивтә клиентцәа рыхсаалагақәа рхарҭәааразы азыҳәамҭақәа рыдкылара иаҿуп.
Акьыԥхь иазирхиеит
Б. Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me