«Аҧыза қәыҧш»

Атәыла аҿиареи уи ауаажәларра рыбзазара еиуеиҧшым ахырхарҭақәа реизырҳареи, занааҭтә ҩаӡарала урҭ рымҩақәҵареи знапы иану, уи азы агәыҕра рацәа зыдҳәалоу ҳәарада, Ҳазшаз аҧсынҵыра ду заҭәеишьаша еиҵагыло абиҧарақәа роуп.


Дарбанызаалак агәахәара ҳаракы инамҭарц залшом, ҧсыцқьала зыжәлари зыҧсадгьыли ирзыҟоу, змаҵуратә напынҵақәа ҭакҧхықәрала рынагӡара иазыҳаҵҳаҵо данубалак. Ҵабыргыхаҭаны Анцәа ду иҟнытә аҿар рахьтә имаҷҩым урҭ рҩызцәа.
2023 шықәса аҵыхәтәантәи амшқәа руак азы алкаақәа ҟаҵан, Аҧсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала еиҿкааз, Аҧсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи, 30 шықәса рҟынӡа зхыҵуа русзуҩцәа рзы аицлабра «Аҧыза қәыҧш».
Аицлабра аҧҟарақәа инарықәыршәаны аминистррақәеи аусбарҭақәеи Аҳәынҭеилакы ашҟа инарышьҭыр акәын ари ақәратә категориа иаҵанакуа русзуҩцәа х-ҩык рыхьӡқәа. Анаҩс, уаҟа иаҧҵаз аилак ҷыда алахәцәа маӡалатәи рыбжьыҭарала далкаахон «ҧызара зылшоз».
Убас, иарбаз аусмҩаҧгатәқәа рылҵшәақәа рыла ахьӡ – «Аҧыза қәыҧш» иаҧсахеит 21-ҩык аҿарацәа еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны ззанааҭ ҭакҧхықәрала иназыгӡо. Урҭ иреиуоуп: Инаала Гоова, Шьахәсна Ӡиӡариа, Диана Лакоба, Хамида Аџьба, Милана Акаба, Андреи Ншаниан, Сариа Ҳашыг, Леон Торчуа, Асҭамыр Инаҧшьба, Гәырам Григолиа, Аслан Қәҭелиа, Омар Кове, Сариа Џьопуа, Сандра Џьопуа, Осман Џьопуа, Леон Хәытаба, Олег Морозов, Саид Чан-оглы, Милана Хоџьаа, Кристина Ануа, Хьыбла Роган-оглы.
Иара убас, ари аиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган еиуеиҧшым аспорттә хкқәа рҟны, ашықәс аҩнуҵҟа иаадырҧшыз аихьӡарақәа рылҵшәақәа рыла «ашықәс аспортсмен қәыҧш» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьара иазкыз аусмҩаҧгатәгьы. Уаҟа иалкаахеит: Елҟан Гәазаа (атлетика хьанҭа), Инал Гаделиа (аӡиудо), Ерика Кәарҷиа (аишәатә ҧқьаҭ), Даниил Харчлаа (ахы иақәиҭны аиқәҧара), Асҭамыр Асланӡиа (амҵәышәымпыл), Лиудмила Бганба (анапылампыл), Амина Аншба (аҧқьаҭ ду), Харитон Агрба (абокс), Џьубеи Аҩӡба (аҽтәы спорт), Леон Сабуа (ашьапылампыл), Дмитри Гәазаа (амашьынатә спорт).

Асоциалтә ҳақәа рҟны заанаҵы ирыларҳәахьаз, ахәаҧшцәа рыбжьыҭарақәа рылҵшәақәа рыла «Ашықәс иреиҕьу аспортсмен» ҳәа далкаан – Елҟан Гәазаа; Аҳәынҭеилакы аҟны иаҧҵаз аилак ҷыда ралкаарала – Харитон Агрба.
Абраҟа иазгәаҭатәуп Харитон Агрба февраль 10 рзы, Екатеринбург ақалақь аҟны имҩаҧысраны иҟоу, зыҩаӡара ҳараку аҧхьахә аҧсахаразы аиндаҭлара иҽалаирхәраны дшыҟоу.
Аӡбахә ҳәатәуп убасгьы аусмҩаҧгатә «ашықәс аспортсмен қәыҧш» анымҩаҧыс ашьҭахь, Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба дышидикылаз, ҳтәылаҟны макьана аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыслартә аҭагылазаашьақәа ззаҧҵам аспорт хкы – аҵаа ақәшьқьраара азы, аҩбатәи азанааҭтә ҩаӡара иаҧсахаз, Аҧсны анҭыҵ аҽазыҟаҵарақәа ирхысуа, иқәыҧшӡоу Шорена Гәыниа. Уи леихьӡарақәа азгәаҭо аҧаратә ҳамҭа ланашьан Аҳәынҭеилакы ахьӡала.
Ишдыру еиҧш, ҳара ҳзы иҿыцу ари аспорт хкы аҟны, уажәааигәа Краснодар имҩаҧысуаз аҵаа ақәшьқьрааразы атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҟны аҩбатәи аҭыҧ даҧсахеит, Шәача академиа «Аолимпиатә ҵаа» аҟны зҽазыҟазҵо аҧсуа ҭыҧҳа Анна Тхагушева.
Угәы еизнамырҳарц залшом хымҧада, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзагуа, уаҟа имҩаҧысуа есышықәсатәи апремиа «Аспорт аҟны иреиҕьу – 2023» захьӡу аусмҩаҧгатә аҿы, иҷыдоу ҳамҭала дахьалкааз.
Нестор Гадлиа иакәзар, Краснодартәи атәылаҿацә таитәи абокс – муаитаи афедерациа, 10-11 шықәса зхыҵуа рыбжьара, ашықәс иреиҕьу аспортсмен ҳәа далнакааит.
Ашықәс иалагӡаны жәларбжьаратәи атурнирқәа акыр рҟны аҧхьахәқәа аанызкылахьоу Самед Бабаев карате кекусинкаи Аҧснытәи афедерациа алахәцәа рахьтә «иреиҕьу» ҳәа дыҧхьаӡоуп.
Ажәакала, ҳажәлар ианакәызаалак ирылиаауан еилҟьаз, гәамчла иҕәҕәаз, хшыҩла иҵарыз, иахьаҭаху ианаҭаху аамҭазы ҧызара зылшоз аҵеицәа. Урҭ реилкаареи, ргәымшәареи, рыгәаҕьреи рыбзоуралоуп есааирагьы Аҧсни аҧсуа жәлари рыӡбахә адунеи ишадыруа.
Шәышықәсала иагымхаша Аҧсынра!!!

А.Бзыҧба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me