Гәахәарыла ирыдыркылеит

Егьа аамҭа царгьы, ахааназ хашҭра рықәым ҳџьынџь ахьчаразы зхы иамеигӡаз ҳҵеицәа. Есааира зхыҧхьаӡара маҷхо ҳветеранцәа ианакәызаалак азҿлымҳара рымазароуп ауаажәларра зегь рҟнытә еиҧш, изызҳауа аҵеира рахьтәгьы аҧхьа инаргыланы.


Избанзар, уи ааӡагоуп, иҧхьаҟацагоуп. «Зҭоурых зхашҭыз ҧеиҧш шимам, иагьшимоуа» ҳхаҳмыршҭуазароуп. Арҭ ажәақәа рҵакы хықәкыс иҟаҵаны ауп; Ашықәс ҿыц аламҭалаз В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аҧша аҳәынҭқарратә музеи анапхгареи аусзуҩцәеи руснагӡатә шхацдыркызгьы. Урҭ раҧшьгарала 2023 шықәса ахыркәшара мышқәак шагыз,Гагра иҟоу 1992-1993 ш.ш. рзтәи Аҧсны жәлар рџьынџьхеиқәырхаратә еибашьраҟны ахәрақәа зауз ргәабзиара аиҭашьақәыргылара иахьахысуа ареабилитациатә центр иаҭааит, ақ Аҟәа Ахадара акультура аусбарҭа аусзуҩцәа, К.В.Ковач ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазаратә школ аҟны иаҧҵоу авокалтә-инструменталтә ансамбль «Диоскуриа», ашәаҳәацәа қәыҧшцәа – Елана Кәарҷиеи Елина Ҳаразиеи, иара убас Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз артист, аибашьра аветеран, еицырдыруа акомпозитор-ашәаҳәаҩ Артур Лакрба ркультуратә программеи аныҳәатә чеиџьыкеи рыманы. Хә-сааҭк инарзынаҧшуа имҩаҧысуаз ари аиҧылара инеизгьы изызнеизгьы агәахәара ҳаракы рнаҭеит.
Аветеранцәа изнысыз аамҭа уадаҩқәа ргәаларшәо иеизҳауа абиҧареи, урҭ уахь ирыцнеиз аиҳабацәеи, ргәаҵахьтә иаауаз ажәа ҧхала «иҭабуп» ҳәа раҳәо, ирзеиҕьаршьеит ҳажәҩан зырлашо амра уаҳа ахаан аибашьра амбарц, агәыцқьареи аҧсҭазааратә маншәалареи еснагь ираҭәашьазарц.
А.Амзацба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me