Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Атехнологиа ҿыцқәа рӡыргара

Ишдыру еиҧш, ааигәа Ҭаҭарсҭанынтә Аҧсны иааны иҟан еиҭаҵуа атехнологиақәа рганахь ала ахәыҷқәа ирызку «Амобилтә технопарк». Уи еиҳараӡак изызкыз ашколқәа рҟны аҵара зҵо ахәбатәи акласс инаркны ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа ракәын.

Урҭ рзы имҩаҧыргон, еиуеиҧшым иахьатәи ҳаамҭазы ицәырҵхьоу атехнологиатә мыругақәа ирызкны амастер-классқәа. Иазгәаҭатәуп ас еиҧш иҟоу амастер-классқәа раҧхьаӡакәны Аҧсны ишымҩаҧырго. Ари аҩыза арҵаратә марафонқәа мҩаҧган Аҟәатәи, Гагратәи, Галтәи ақалақьтә школқәа рҟны.

Раҧхьаӡа арҵаратә марафон аартхеит Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны. Уи аартра рҽаладырхәит Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба. Еиҿкааз амастер-классқәа рмарафон аартраҿы асасцәеи ашкол аҵаҩцәеи идырбан атехологиақәа ирызкны иҟаҵаз авидеоҭыхымҭа. Анаҩс ажәа иман Аҧсны иҟоу «Россотруднечество» ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов. Иара бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо асасцәеи ашколхәыҷқәеи ирзеиҭеиҳәеит Аҧсныҟа иаагаз «Амобилтә технопарк» Урыстәыла иреиҕьӡоу шакәу. Иара убас Урыстәылеи Жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҟны аҧхьахәқәа згахьоу, ирылыркаахьоу атехнологиатә усумҭақәа араҟа ишдырбахо.

Абас еиҧш иҟоу атехнологиатә занааҭқәа рҿы Урыстәыла даара ишмаҷу аспециалистцәа. Иазгәеиҭеит амастер-классқәа даара ишыцхыраагӡоу аҵаҩцәа раҧхьаҟа рзанааҭ алхраҿы. Дазааҭгылеит анаҩс ирҭаараны ишыҟоу Галтәи Гагратәи ашколқәа. Зынӡаск хықәкы хаданы ирымоуп 1500-ҩык рҟынӡа ашкол аҵаҩцәа ирызнаргарц амастер-классқәа рыла ҳаамҭа иақәшәо атехнологиатә мыругақәа.

Анаҩс аҵара аминистр Инал Габлиа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Ҭаҭарсҭанынтә иааз асасцәа. Иазгәеиҭеит агәыҕра шимоу, алҵшәа бзиа аанарҧшып ҳәа иреиҳау атехнологиақәа ирызкны иахьатәи амастер-классқәа рымҩаҧгара. Раҧхьаҟа рзанааҭ алхраҿгьы ирыцхраап ҳәа. Еиқәииҧхьаӡеит дара ишдырбахо аробот иазку атехнологиа, акосмонавтика, аинформациатә технологиақәа, авиртуалтә лабҿабара уҳәа убас ирацәаны.

Асасцәа идырбан ашкол аҵаҩцәа рыла еиҿкааз аҧсуа кәашара. Анаҩс акласстә уадақәа рҟны имҩаҧган амастер-классқәа.

Амобилтә еимадара «А-мобаил» аспециалист Ельвира Аиба излаҳалҳәаз ала, «Амобилтә технопарк» Аҧсныҟа аара адгылара ду анаҭеит дара реимадара, аинформациатә ӡыргара аҟны еиҧш егьырҭ русмҩаҧгатәқәа рҟынгьы.


С.Сақаниа

  • Last modified on Ахәаша, 15 Цәыббра 2023 09:32
    Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me