Ахрик Цәеиба Гиннесс ирекордқәа рышәҟәы данылеит ԥшь-милаҭтә командак-СССР, ИАР, Украина, Урыстәыла ирылахәыз ашьапылампыласҩы иаҳасабала.
Цәеиба ашьапылампыл иҽазыҟаиҵо далагеит 11 шықәса анихыҵуаз, 17 шықәса анихыҵуаз ааԥхьара иоуит СССР ачемпионат аҩбатәи алигаҿы иқәгылоз Аҟәатәи «Динамо» ахь.
Ахрик Цәеиба далан СКА Хабаровск, «Динамо» Қарҭ, «Динамо» Киев, Иапониатәи «Гамбы Осака», «Аланиа»Владикавказ, Китаитәи «Пудонг», «Урал», Москватәи «Динамо»ргәыԥқәа.
СССР ачемпионатқәа рҿы ашьапылампыласҩы 123 еиндаҭлара мҩаԥигеит, Киевтәи «Динамо» азы - 91. СССР еизгоу Акоманда азы 17.
Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы аусзуҩцәа Ахрик Сократ-иԥа ииубилеи идырныҳәалоит, агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара ҿыцқәа изеӷьаршьоит.

