Иԥсабаратәу аефиртә хәшақәа ахьыҭрыжьуа азауад АНРА Очамчыра ақалақь аҿы аусура иалагеижьҭеи шықәсык ауп иҵуа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Очамчыра аибашьра ҟалаанӡа аус зуаз азауади уи иатәыз аплантациақәеи ааха рыҭан, анаҩс дара гәыгәҭажьын, хархәара узрымҭо аҟынӡа инаган.
2026-тәи ашықәс азы аусхк аиҭашьақәыргылара хацыркын. Жәамз рыҩнуҵҟала иаԥҵан аилазаара "Аԥсны афҩы хаа зхоу аԥсабаратә ҵиаақәа". Очамчыра араион азы аефиртә хәшақәа рҭыжьра иҿыцу усхкым, аха зегьы акоуп ауснагӡатә амҽхак ҭбаауп, ус унадххыланы аҟаҵара мариамызт. Аиашаз, ицхыраагӡан иҟалақәаз иреиуоуп, асовет аамҭазтәи аусура шеиҿкааз азы аинформациа ахьыҟоу. Арҭ аҵиаахәша алхратә традициақәа уажәшьҭа шәышықәса рхыҵуеит. 1926 шықәса рзы аҵарауаа Аԥсны иаадыртит раԥхьаӡатәи аефиртә хәша аҭыжьразы аԥышәаратә станциа. Ари апроект напхгара аиҭон академик Н.И. Вавилов, уи дадгылон ацхыраарагьы азыҟаиҵон Аԥсны усҟан напхгара азҭоз Н.А.Лакоба.
Асовет аамҭазтәи ашықәсқәа раан Аԥснынтәи аефирхәшатә нхамҩа Аидгыла зегьы иахьаҵанакуаз инанашьҭуан ахьӡ-аҧша змаз, зхаҭабзиара агәра ргоз аалыҵ. Араатәи асубтропикатә ҳауатә ҭагылазаашьа ас еиҧш иҟоу акультурақәа рааӡаразы ихазыноуп ҳәа усҟан еиԥш иахьагьы иԥхьаӡоуп. Атехнологиа ҿыцқәа адгаланы, амала аҟаҵашьа еиламгаӡакәа, ахыԥхьаӡара акәымкәа ахаҭабзиара ақәыӷәӷәареи ацклаԥшреи аҭаны анаплакы аиҿкаареи, аусхк аиҭарҿиареи зҽазызкыз Беслан Шьакаиеи АНРА атехнолог Леон Қәҭелиеи ирыбзоураны иахьа аҭыҧантәи анхацәа рзы аусутә ҭыҧқәа аҧҵоуп. Анаҩсгьы, дара анхацәа рҟынтәи еиуеиҧшым аҵиаахкқәа қьырала ирыдыркылоит. Уи алшара рнаҭоит иара араион аҿы хыҧхьаӡара рацәала изызҳауа «золотарник» ҳәа ззырҳәо аҳаскьын, мамзаргьы акатиџьар аҧара аҭныхра. Иара зыфҩы хаау ахәша замана алҵуазаап.
Иахьа анаплакаҿы аус рыдырулоит 30-раҟара аалыҵ хкқәа, урҭ рыбжьара иҟоуп аҳәса рхы иадырхәо ахаҿырԥшӡагатә хархәагақәа ирыларҵо, асасааирҭақәеи аспақәеи рзы иҷыдоу аформулақәеи. «АНРА» ахатә плантациақәагьы рырҿиара иаҿуп, аҵиаақәа рзаазго аҭыԥантәи анхацәа жәаҩык аус рыцыруеит, иааидкыланы иахьа анаплакаҿы аџьабаа рбоит 30-35-ҩык аусзуҩцәа.
"Ҳхықәкы – аефиртә хәшақәа рылхраҿы иҟоу аԥышәеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи реидҵара, ари аусхк аиқәырхара иацхраауа ааглыхратә база аԥҵара ауп. Абиотехнологиатә агрокластер зызку аалыҵқәа раарыхра аиқәыршәара, аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анаплакытә усеицура арҭбаара ауп", - ҳәа иазгәарҭеит АНРА анапхгара Москва ақалақь аҿы иӡырыргаз апроект алацәажәараан.
Убасгьы иазгәаҭан Асовет Еидгыла атрадициақәеи еиқәхаз аҵиаақәа рааӡареи, рыплантациақәа реиҭашьақәыргылареи анаплакы анапхгара рыгәҭакқәа ишреиуоу. Абас ала, Очамчыра аус зуа иуникалтәу аефиртә хәшақәеи агидролатқәеи ахьыҟарҵо азауад АНРА шьаҿа-шьаҿала аҽарҭбаауеит. Аефиртә хәшақәа злырхуа аҵиаақәа арҧхарҭақәа рҿы ирааӡаӡом, насгьы екологиала ицқьоу аҭыҧқәа рҿы напыла мацара еизыргоит. Ҿыц еизгоу абыӷьқәеи амахәқәеи иаразнак ацех ахь амҩа иқәырҵоит. Араҟа ҧҟара хаданы иқәныҟәоит ахимиеи ашәыгақәеи, егьырҭ иҧсабаратәым амаҭәашьарқәеи раалыҵ аламҵара. Аҵиаа ахәарҭареи афҩи амхразы рхы иадырхәоит шәышықәсала игәаҭоу азнеишьа - ахылҩа-ҧсылҩала аус адулара. Иҷыдоу ачуан дуқәа аҵиаақәа рҭаҵаны афақь цаҳә-цаҳә рыхдырҟьоит. Уи иалнаршоит аҵиаақәа рефиртә хәшақәа рылхра. Анаҩс ахылҩа-ҧсылҩа аныхьшәашәахалак, еиҭа иӡны иҟалоит, аха хыхь ихылоит зегь реиҳа зыхә ҳараку, ицқьоу ижәпаӡа иҟоу ахәша, даҽакала иуҳәозар аконцентрат.
Ара иҭрыжьуа еиуеиҧшым аефиртә хәшақәеи агидролатқәеи рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп иуникалтәқәоугьы. Иаҳҳәап агеран ҳәа изышьҭоу аҵиаа. Аҵиаақәа ирылҵуа ахәша даара имаҷуп, шәкьылак иалҵуа цәықәбарқәак роуп. Уи аҧсабаратә косметикеи еиуеиҧшым ахәшәқәеи шьаҭас ируҭар ауеит, избан акәзар, ахаҭабзиара убри аҟара иҳаракуп. Аҵиаа ахәша аналырхлак анаҩс атехнологцәа ахаҭабзиара гәаҭаны, икапанны, изаны ашьушьақәа ирҭарҭәоит. Излыху зну аҩырақәа ақәырҷабны аҭирҭақәа рахь идәықәырҵоит.
Азауад аҿы иҭрыжьуа иҧсабаратәу ахәшақәеи агидролатқәеи аазхәо еиҳарак аҧсшьацәа роуп. Аха аҭыҧантәи ауааҧсырагьы уажәшьҭа игәарҭахьеит. Ахәшақәа ахархәара рырҭоит апарфиумериеи акосметикеи рҿы.
Аефиртә хәшақәа рҭыжьра арҿиара араион аекономика шьҭызхуа аусхкқәа ирхуҧхьаӡалар ауеит. Ҳтәыла аҧсабара абеиара хаҳарала ахархәара алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит абизнес азы еиҧш, атәыла зегьы азгьы.
Елана Лашәриа

