АХҬЫСҚӘА

Еснагь адҵа иазхиоуп

Еснагь адҵа иазхиоуп

Очамчыра амцарцәаратә ҟәша иахыҵит шәышықәса. Арыцхә аҳаҭыраз ақалақь амш аҽны еиҿкаан аҭоурыхтә цәыргақәҵа. Уаҟа ицәырган афотосахьақәа, адокументқәа, аҳамҭақәа, амцарцәара-техникатә бџьар, ахәҭа анеиҿкааз аамҭа аахыс. 

 Ацәыргақәҵа аидеиа цәырҵит иахьа уажәраанӡа амцарцәаратә хәҭаҿы еиқәханы иҟоу аҭоурыхтә альбом иабзоураны. Уаҟа аусбарҭа ахы анаркыз аамҭа инаркны напылаҩырала аинформациа еизгоуп, афотоҭыхымҭақәа рыла игәылырҭәаауп. Альбом раԥхьатәи адаҟьа иаҳәоит: «1926 шықәса рзы еиҿкаан хатәгәаԥхаралатәи агәыԥ. Маругасгьы ирыман напылатәи аӡҭарчыга акзаҵәык».

1930-тәи ашықәсқәа рзы иҟаҵаз афотоҿы иубоит, уи аамҭаз амцарцәаратә хәҭаҿы ишыҟаз иҷыдоу аформа. Аӡы мҩаныргон аҽқәа ҵакны ауалырқәа рыла. Аинтерес аҵоуп иара убас 1940-тәи ашықәсқәа рзы Аҟәа имҩаԥысуаз амцарцәаразы аспорттә еицлабрақәа знубало афотосахьақәагьы. Араҟа ицәырган иара убас 1950 шықәсқәа рзы амцарцәаҩцәа иршәыз аформа. Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Фаина Кондратиева лажәақәа рыла, иӡыргаз аекспонатқәа зегьы рыԥшаара алыршахеит Очамчыратәи амцарцәаратә хәҭа аусзуҩцәеи ақалақь аҿы иаԥҵахо аҭоурыхтә музеи ахаҭарнакцәеи рыбзоурала. Араҟа иӡыргаз аекспозициа ахәҭак шеибгоу ҿыц еиҿыркаауа амузеи аҿы иҟалоит.

Иахьа абылраҽацәыхьчаратә хәҭа иахагылоу Мурман Ԥачлиа 44 шықәса ҵуеит ара аус иуеижьҭеи. Иара иаб Ингишьҭергьы ари амцарцәаратә хәҭаҿы аус иуан. Мурман игәалаиршәоит, даныхәыҷыз амцарцәаратә хәҭа давсны амшын ахь иҩызцәеи иареи анцалоз даангыланы амашьынақәа дышрыхәаԥшуаз. Урҭ дхыхны дрыман.

«Саб уа аусура даналага, саргьы лассы-лассы уахь снеилон. Аҵара саналга ашьҭахь саргьы аусура салагеит. Зны амашьына ныҟәысцон, ҽазны амцарцәаҩыс сыҟан.  Ус, аофицер ҳәа ахьӡ соуит», - еиҭеиҳәоит Мурман.

Иахьа амцарцәаратә хәҭаҿы аус иуеит иара иԥа Иракли. Мурман аиқәырхаҩцәа зегьы ирыдиныҳәалеит Очамчыратәи амцарцәаратә хәҭа аиубилеи. «Ауаҩы уаницхраауа еиӷьу иҟои», —азгәеиҭеит иара ҳаиҿцәажәараҿы.

«Ари даара имариам усуп. Ашәарҭара ацуп, арыцҳарагьы ацуп. Ҳаҷкәынцәа анҭахоз ыҟан.  Машәырла ауаа аныԥсуа рыԥсыбыҩ аԥшаара анҳаду ҟалоит. Исымбац иҟои, аха сгәы камыжькәа иахьанӡа сааит», - иҳәоит Мурман.

Иара амцарцәаратә хәҭа дахагылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь. Ҿыц ахәҭа ашьақәыргылара цәгьан, аха аусзуҩцәа рхатә џьабаа иабзоураны аус шьақәыргылан. Иахьа ахәҭа ишахәҭаҵәҟьоу еиқәыршәам, аха џьара хҭыск ҟалар, амцарцәаҩцәа аанызкыло ҳәа акгьы ыҟам.

«Ари ахырхарҭаҿы иҿыцу амаругақәа цәырҵуеит аусура зырманшәалаша, урҭ зегьы ҳаманы ҳәа иҟам, аха аминистрра излалшо ала иҳацхраауеит. Абна амца арцәара даара иуадаҩуп. Амашьынақәеи ауаа ахьзымнеиуа аҭыԥқәеи ыҟоуп. Очамчыра аус зуа анаплакҩцәа ҳрацәажәан, иаҳзааргеит Ҭырқәтәылантәи амца зырцәо амаругақәа. Абас еснагь акы ҳашьҭоуп», - иҳәоит Мурман.

Аиқәырхаҩцәа рлагала ыҟоуп ақалақь арԥшӡараҿгьы. Мурмани егьырҭ аиқәырхаҩцәеи рнапала еиҭарҳаз аҵлақәа иахьа Очамчыра амшын аԥшаҳәа дырԥшӡоит.

Ҽынлоума, уахынлоума, ага иҟа, ашьаха иҟа, адгьыл аҿы, аӡаҿы - аиқәырхаҩцәа аус ахьырымуа ҭыԥ ыҟам. Рхатә ԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоугьы, ауаҩы иеиқәырхара иашьҭоуп. 100 шықәса Очамчыратәи амцарцәаратә хәҭа иагмызт зуалԥшьа назыгӡоз ауаа. Урҭ еснагь иазхиоуп зегь раԥхьа ацхыраара аҟаҵара.

Альбина Жьиба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image