АХҬЫСҚӘА

Ԥхынгәымза 19 рзы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәа Open 2026» (ақәрақәа зегьы рзы)

Ԥхынгәымза 19 рзы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәа Open 2026» (ақәрақәа зегьы рзы)

Атурнир А иалахәын 56-ҩык ашахматасыҩцәа Аԥсны араионқәа зегьи иара убас Урыстәылантәи рҟынтәи. 

Актәи аҭыԥ ааникылеит Шьанаа Ҭемыр (Очамчыра), аҩбатәи - Табариан Артиом (Аҟәа), ахԥатәи – Миносиан Сергеи (Очамчыра).                   
 
4-тәи аҭыԥ инаркны 7-тәи аҭыԥ аҟынӡа иааныркылеит Карапетиан Альберт (Гәдоуҭа), Зиновиев Иури (Ростов на Дону), Турбасов Данила (Москва), Ӡаԥшьба Руслан (Гәдоуҭа).                                   
  
Амилаҭтә реитинг змоу ашахматасыҩцәа рыбжьара аԥхьахәтә ҭыԥқәа еихшахеит: актәи – Кәарацхьелиа Тристан (Аҟәа), аҩбатәи – Бигәаа Роланд (Аҟәа), ахԥатәи – Казанџьиан Петрос (Гагра).
  
Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит  Шаньгин Валери (Челиабинск), аҩбатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп – Накопиа Борис (Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ Турбасов Олег (Москва)                                                            
Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Киселиов Артиоми (Саратов) Лакоба Сариеи (Гәдоуҭа), аҩбатәиқәа – Топчиан Армени (Гәылрыԥшь) Степина Елизаветеи (Москва), ахԥатәиқәа – Чкотуа Сандрои (Москва) Џьениа Амели (Аҟәа.)
 
Аҳәса реицлабрақәа рҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит Лакәтаа Сарида (Аҟәа), аҩбатәи - Гәынба Сариа (Гәдоуҭа), ахԥатәи-Асланиан Алина (Аҟәа)
  
Ашахматтә фестиваль Аԥсны ашахматқәа рфедерациа имҩаԥнагеит,  аҳҭнықалақь ахадараҿы еиҿкаау аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа ацхыраарала.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image