АХҬЫСҚӘА

Шәачатәи ацирк Аԥсны анхашьа

Шәачатәи ацирк Аԥсны анхашьа

Шьҭа мызкы ҵуеит Аҟәа иааны иҟоижьҭеи Урыстәылатәи ацирк Шәачатәи афилиал. Мчыбжьык ахьтә хынтә ақәгыларақәа мҩаԥысуеит. Ацирк Аԥсны иҟазаауеит нанҳәамза нҵәаанӡа. Аԥшьаша, асабша, амҽыша асааҭ хәба рзы иалагоит рықәгыларақәа.

Урыстәылатәи ацирк аусзуҩцәа Аԥсны раамҭа шырхырго, ацирк апрограмма иалоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи аҭыԥантәи аҳауа ишашьцылаз, урҭ русуреи рыԥсшьараамҭеи шеиҿкаау,ирызкуп акьыҵхьымҭа.

Синоп игылоуп ацирктә арена. Имҩасуа уи имбар залшом. Абар, шьҭа ҩышықәсоуп, Шәачантәи Аԥсныҟа иаауеижьҭеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә цирк. Ари ҩ-тәылак, Аԥсни Урыстәылеи ркультура аминистррақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра иабзоурахеит. Ацирк зегьы даҽа тәылак ахь аагара дара артистцәагьы изышьцылахьоу усым. Абжьааԥны арена аҳаракыра 20 метра иҟазар, араҟа 14 метра иҟалеит. Аманеж ахаҭа жәаха метра иҟоуп. Уи иаанаго аномерқәа зегьы иаҳа еиҵоу ашәага-загақәа ииагатәуп, убри аан аханатә ишыҟаз еиԥш, акгьы агмыжькәа еиқәырханы иааныжьтәуп. Ацирк администратор хада Вера Мешьчанова лажәақәа рыла, Аԥснытәи ахәаԥшцәа ацирк шрыгу  иаразнак иубоит.

«Ак реиҩшәар ҳәа ишәаны аномерқәа зегьы кылыршәшәааны иахәаԥшуеит, иҭырҵаауеит. Артист уи игәаԥхоит. Ақәгылара анынҵәалак рнапеинҟьабжь акыраамҭа еихсыӷьуам. Ацирк – ҳара ҳзы иусураӡам, уи ҳара ҳаԥсҭазааароуп. Убри аҟынтә, Аԥсны ақәгылара агәахәара ду ҳнаҭоит», - ҳәа азгәалҭоит Вера ҳаиҿцәажәараҿы.

Араҟа амш иалагоит ашьыжь асааҭ быжьба рзы. Есыҽны, ашәахьа ада, ицоит аҽазыҟаҵарақәа. Ҳара ҳаннеи аамҭазы аҽқәа ираамҭан. Ф-ҽык еишьҭагыланы арена иакәшон. Аҟамчы кны агәҭа дгылан урҭ ирхылаԥшуаз. «Аҽқәа рзы аныҟәара - ԥсҭазаароуп» – лҳәоит урҭ азыҟазҵо Екатерина Венегас. Дара аухантәарак игылан аҟынтә ирныҟәатәуп, ирыҩтәуп. Убри – аан Екатерина ҳгәаҳҽанылҵоит, аманеж ахь убӷа рханы угылар шыҟамло, аԥстәқәа акы иацәшәар, машәыр ҟалар шалшо.

Екатерина аспорт аҟынтәоуп ацирк ахь дшааз. Алаҳәара лбеит ацирк аҿы акробат дшаҭаху. Еиҿартәышьала лара данаалон. Краснодарынтә Хабаровсҟа дцеит, алԥшаарақәа рхы рылалырхәырц. Жәа-нызықь километргьы дааннамкылеит лыгәҭакы анагӡаразы. 

«Аҽқәа шныҟәо рыбӷаҿы акәашара сара сзы даара интерес зҵаз ԥышәахеит. Уаанӡа аҽқәа рааигәарагьы сымнеицызт урҭ срықәтәаны аҟазара дырҵара акәым, аха зегьы ԥышәоуп», - лҳәоит лара.

Ацирк аҿы Екатерина лразҟгьы лыԥшааит. Лара лыԥшәма Мурад Хадыров – дыбжьаҩуп. Дара рыҩџьагь убас аа-ҽык, маамынк, апарпарқәа, алемурқәа, алеопардқәа ҩба, иара убас адикобразқәа рыла ишьақәгылоуп ацирк атруппа зегьы. Аԥстәқәа зегьы ацирк аҿы аусура рылшоит, ауаа зегьы спортсменцәахар шрылшо еиԥш, араҟа иаҭау агәаҳәара ауп. Ааигәа аманеж ахь ицәырыргеит ҽык. Иара уажәы иныҟәоз рҵыхәан игылан. Аҽқәа зегьы еихәаԥшны шьаҿа еиқәшәала, аруаа реиԥш еицныҟәон. 

«Жәашықәса ҵуеит аҽқәа аус рыдызулоижьҭеи, макьанагьы зегь здыруеит ҳәа сызҳәом, иахьагьы урҭ рыҭҵаара саҿуп. Раԥхьа аҽы ҿыц ианааҳго, дара-дара еибадырырцаз, еишьцыларцаз аманеж аҿы иауҳашьҭуеит. Нас ҩба-ҩбала разыҟаҵара ҳалагоит, уи нахыс хԥа-хԥала, убас ашьшьыҳәа иаалаҳгалоит. Аҽқәа разыҟаҵара мариаӡам. Абнатә ԥстәқәа рхымҩаԥгашьа атәы алкаа, урҭ иаразнак иргәамԥхаз удырдыруеит, маана рыҵаӡам. Аҽқәа ракәзар, урҭ хәыцуеит. Убри аҟынтә, иҭҵаатәуп ибзианы, уажә иҟанаҵараны иҟоу удырырцаз», - лҳәоит Екатерина.

Аҽқәа рықәрахь ианнеилак, номерқәак рҟынтә иқәыргоит. Иаҳҳәап, ашьҭахьтәи ашьапқәа ирықәгыланы аныҟәара аҽы  ҩажәа шықәса анахыҵуа аамҭазы иацәыбыргуп. Иҟоуп аҽы ашьапы анхәахәо, усҟан иара ацирк аҟынтә иқәҵыр акәхоит. Абжьаҩцәа ус иҟоу аҽқәа аҩнқәа рзырыԥшаауеит. Аԥшәмацәа иргоит урҭ рырҿиаразы.

Екатеринеи сареи ҳшеицәажәоз аҽқәа рырныҟәара аамҭа нҵәеит. Дара рҭыԥқәа рахь иргон шьҭа. Мурад ҷыдала ҳара ҳзы аҽы амаана шыҟанаҵо атәы шаҳирбо иҳәеит, убри аан ҳгәаҳҽаниҵеит, знык ада ишыҟаимҵо, избанзар аҽы иргәаҟырц иҭахым. Дукат (аҽы ус ахьӡын) аманеж иаахагьежьын, Мурад ибжьала аԥхьатәи ашьапқәа шьҭыхны агьежьра иалагеит. Аҽыхәа кахәхәа аҽанаашьҭнах, ҳаԥсы ӡаны ҳаагылеит. Нас ҩаԥхьа аманеж иаахагьежьын, ихәхәаӡа агәҭа ишьҭаз ақды иаахыԥеит ашьҭахьтәи ашьапқәа мацара ирықәгыланы. Анаҩс Дукат аахырхәаны, абри ала ақәгылара шынҵәаз ҳаилыркааны, аԥарда ашьҭахьҟа ицеит. 

Екатерина илҳәоит, аҽқәа рахьынтә иаҳа бзиа илбо ҳәа руак алкаара шыҟамло, аха Дукати лареи реизыҟазаашьақәа ртәы акы иалаҩашьом. 

«Иаргьы саргьы убысҟак ҳаибадыруеит, иҟанаҵарц аҭаху абла схыԥшыланы еилыскаауеит, иаргьы – убас. Зны атриук аҟаҵара сгәы иҭаскит. Уи анагӡара даара ицәгьан. Иҟазҵогьы маҷҩуп. Иаргьы саргьы ҳааицәажәан, аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь уи анагӡара ҳалҳаршеит», - еиҭалҳәоит абжьаҩ.  

Ҳәарада, ацирк аҿы аусура иацуп ашәарҭара. Аԥстәқәа аус рыцура мацара ада иуҭахузеи. Екатерина еиҭа аҳауаҿы ашаха дықәгылан амаанақәа ҟалҵоит. Зхы еиқәшәоу ацирк аҿы аус изуӡом, лҳәоит лара лафҵс.

«Ацирк – уи чмазароуп. Уи амца уцранаҵозароуп. Уаамҭа зегьы, ухы-уԥсы зегьы ари аус иахҭнуҵароуп. Чмазарамзар, нас,  изакызеи ари?» - лҳәоит Екатерина.

Аҽқәа аназыҟарҵа ашьҭахь ираамҭан апарпарқәа. Ацирк аусзуҩцәа ҳрыцны урҭ ахьҭакыз рҭыԥ ахь ҳнеит. Рыҭрақәа рҟынтә иҭызгоз апарпарқәа ирацәажәон. Даргьы уаҩык иаҳасабала аҭак ҟарҵон. Зны иаҳзымбатәбарахеит, аха нас ацирк аҿы ҳшыҟаз ааҳгәалаҳаршәеит. Апарпарқәа аманеж ахь ианнеи, адекорациақәа игылаз ирықәтәеит. Дара абжьаҩ, (уи Екатерина лакәын), иахьылҳәоз иқәԥалон. Руак ааганы снапы иқәлыртәеит, иаргьы аҽырманшәаланы иаагылеит. Екатерина апарпар ахь лхы нарханы, «дгәыдкыл» лҳәеит. Азныкәазы иаасцәымаӷхеит, аха нас ахы рххо аҿанаанаха, саргьы сыблақәа наркны схы насырхеит. Апарпар ахы насыднакылан игәыбзыӷӡа аҽааҟанаҵеит. Игылаз зегьы ҳааибарччеит.

Апарпарқәа рҭыԥ ахь ианырга ашьҭахь иааит амаамын аамҭа. Луна – ацирк аеҵәахә ҳәа иашьҭоуп. Иара аусзуҩцәеи ахәаԥшцәеи бзиа еицырбоит. Луна азыҟаиҵоит Мурад. Иара иоуп уи иахәо. Луна – алеишәа цәгьоуп, зегьы ирзыӡырыҩӡом. Уи ҳаргьы иаҳнырит аԥстәқәа рыҭрахьы ҳаннеи. Аманеж аҿы Мурад ииҳәоз зегьы ҟазҵоз Луна, аҭраҿы иалеишәаз аанарԥшит. Иазнаҳгаз ахаа анаба, абжьы ҭганы иҳақәҿнаҭуа иалагеит. Ахаа ԥшьаала иагеит, аха ианынҵәа, еиҭа исышәҭ ҳәа абжьы аргара иалагеит. Амаамын уацәшәаратәы ахы мҩаԥнагон. Луна абжьы егьырҭ аԥстәқәагьы еиланаҵеит. Уи иацәыхарамкәа иҟан алеопардқәа ҩба. Дара шықәсык ауп ирхыҵуа. Макьана урҭ злаху аномер мазеим, аха иаарласны раԥхьатәи рықәгылара ҟалараны иҟоуп. Уи збогьы аԥсуа хәаԥшҩы иоуп.

Аԥсшьара аамҭа анрымоу артистцәа иаразнак рымпахьшьқәа аашьҭыхны амшын ахь еихоит. Амшыни ацирк ахьгылоу аҭыԥи шьаҿақәак роуп ирыбжьоуу. Уи моу, апарпарқәагьы амшын ахь ицоит. Аԥстәқәа араҟа ирзаԥҵоуп иманшәалоу аҭагылазаашьа. Ашоура иамкырцаз аус руеит архьшәашәагақәа. Рыфатә иагӡам. Ирҭаху зегьы аархәоит аҭыԥантәи аџьармыкьаҿы. Луна раԥхьаӡа акәны ара амушмала агьама абеит. Шьҭа уи шәырхаак иазаҩызахеит. Уи иазыршьцылаз аилыргаҩ данабалак, ианбасылҭо ҳәа илзыԥшуп.

Ацирк Аԥсны иҟанаҵы араҟа иит адикобразқәа. Дара ахьаԥарч еиԥш агәыр ҵарқәа рылҳәҳәоит аҟынтә унапаҟны иузкуам. Абжьаҩцәа  аманеж ахь иаарго иалагахьеит, иазыҟарҵоит. Адикборазқәа бзиа ирбоит араса.  Есыҽны ихәмаруа иазыҟарҵоит.  Аԥстәқәагьы акырынтә иҟарҵаз гәныркылоит.

Иҳәатәуп, ҵыԥх ацирк иарҳаз аԥарақәа шышьҭаз Нестор Лакоба ихьӡ зху амузеи аиҭашьақәыргыларахь. Сынтәа - ахәыҷқәа рзы аспорт рҽахьазыҟарҵаша аҭыԥқәа рзеиҿкаахоит. Ацирк администратор Вера илҳәоит, ҳаԥхьаҟагьы аара ишақәшаҳаҭу. Иҟалап арҭ агастрольқәа ирыбзоураны аамҭак азы ацирк Аԥсны иҿиаргьы. 

Альбина Жьиба 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image