АХҬЫСҚӘА

Ажәлар ргәеисыбжь зныруаз

Ҳазну ашықәс август 18 рзы иԥсҭазаара далҵит аполитикатә усзуҩы, 2008-2021 шш. раан Урсытәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Игор Мураҭ-иԥа Ахба.

1949 ш. февраль 5 рзы Аҟәа ақалақь аҟны ииз, иааӡаз И.Ахба 1971 ш. қәҿиарала далгеит  М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет, 1975 ш. акәзар, СССР  аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәынҭқарреи азини Ринститут аспирантураҿы иҵара хиркәшеит «аҳәынҭқарратәи жәларбжьаратәи  азин» азанааҭ ала.

1976-1989 ш.ш. рзы аус иуан В.И.Ленин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә библиотека аҭҵаарадырратә усзуҩыс. 1989-1992 ш.ш. раан СССР Иреиҳаӡоу Асовет аппарат аҟны  референтс дыҟан. ХХ ашә. 80-тәи ашықәсқәа  рҽеҩшамҭа инаркны  ԥыхьатәи Асовет Еидгылаҿы ихацыркыз адемократиатә процессқәа ауаажәларраҿы  иалаҵәон. Убас, 1988 ш. ноиабр 12 рзы Москватәи аԥсуаа гәыԥҩык раԥшьгарала акультура-рккаратә ҵакы змоу ахеилак аԥҵара азҵаара цәырҵит. Хара имгакәа еиҿкаахаз аԥсуа  культура Москватәи аилазаара «Нарҭаа» ахантәаҩыс далхын И. Ахба. 1988 ш. ииун 12 рзы Моссовет ақәҵарала ашәҟәы иҭаҩын, ииун 17 рзы И.Ахба инапаҿы ирҭеит аршаҳаҭга.

«Нарҭаа» аусура иацнаҵон. И.Ахба иеиԥш, асовет аилазаара еиднакылеит, ашьҭахь ихаҭыԥуаҩс иҟалаз И.Анчабаӡе, В.Чрыгба, Т.Гәлиа, Г.Барцыц, Р. Гәымба, Е.Возба, Н.Кәырмазиа  уҳәа.

Ахеидкыла хықәкыс иамаз иреиуоуп Москватәи  аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхра, аҿар рхатәы бызшәа дырҵара, аҵаси ақьабзи, амилаҭтә традициақәеи рылааӡара, Аԥсны аҭоурыхи акультуреи дырҵара,  иналукааша аҵеицәа риубилеитә рыцхәқәа разгәаҭара. Абарҭқәа рганахьала аусура ду мҩаԥыргон И.Ахба инапхгарала. Еиуеиԥшым ахәылԥазқәа ирыдрыԥхьалоз рхыԥхьаӡара иацлон.

1989 ш. декабр азы «Нарҭаа» иҭнажьит агазеҭ ҿыц «Алашара» раԥхьатәи аномер. Редакторс даман В.Чрыгба. Зынӡа 26 номер ҭыжьын. 1993-1994 шш. раан «Нарҭаа» иҭнажьуан агазеҭ ҿыц «Абхазский берег» (аредактор – И.Анчабаӡе).

Москватәи аԥсуаа рхеидкылеи, «Нарҭааи», Москва аиҳабыра аҵара адепартаменти  реимадареи русеицуреи абзоурала  милаҭрацәала еилоу  ршкол ҷыда аҟны 1990 ш. ианвар 1 инаркны иаартын амҽышатәи ашкол.

«Нарҭаа» анапы алакын аҭыжьра аусгьы,  Ахеидкыла ахаҭарнакцәа  рылахәын Москва имҩаԥысуаз аконференциақәа, асимпозиумқәа, астол гьежьқәа, аӡыргарақәа уҳәа.

Аԥсуа культура  Москватәи аилазаара «Нарҭаа» анеиҿкааха инаркны аусеицура  рыб́жьалеит егьырҭ ауаажәларратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәеи, жәларбжьаратәи  ахеидкылақәеи дареи.

«Нарҭаа» алахәын Москватәи амилаҭтә еилазаарақәа Рассоциациа аусура. Уи  аԥҵаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы излаҟаз ала, «Нарҭаа» ахаҭарнак Ассоциациа  аусбарҭа аилазаара далан.

И.Ахба иаԥшьгарақәеи иуаажәларратә усуреи азгәаҭаны, 1991 ш. ииун 1 азы  Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы инапы зҵаиҩыз адҵа инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациаҿы иаԥҵаз Аԥсны ахаҭарнакра аиҳабыс дшьақәырӷәӷәан.́

Аԥсны аполитикатәи, аекономикатәи, акультуратәи ԥсҭазаара аҳәаанырцә, аԥхьаӡа иргыланы Урыстәылан аӡыргареи аларҵәареи, ҳажәлар ргәы иҵхоз азҵаатәқәа  Урыстәыла анапхгареи ауаажәларреи рҟынӡа анагаразы аусеицура рыбжьаҵаразы Аԥсны ахаҭарнакра иалнаршашаз маҷмызт. Анапынҵақәа рынагӡараҿы аихьӡарақәа аман, аԥыжәара зырҭоз иреиуан аинформациа аларҵәара. Ахаҭарнакраҿы уи азы еиҿкаан Т.Гәлиа дзеиҳабыз ап­­рес­с-маҵзура.

И.Ахба иусурала Аԥсны дацҳаражәҳәаҩын. Ишдыру  еиԥш, Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа реибарххара иҽеим анырра анаҭон Қырҭтәыла аҩнуҵҟагьы  аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәаламыз. Убри аҟнытә Аԥснытәи ахаҭарнакра аусура рӷәӷәатәын, И.Ахба уи  шьахәла еиликаауан, Аԥсны анапхгарагьы  ахаҵгылон.

Аԥсны  Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылоз азакәанқәа, имҩаԥнагоз аусура ӡыргалатәын, аԥхьаӡа иргыланы  Урыстәыла амассатә-информациатә хархәагақәа рыла Урыстәыла анапхгара рҟынӡа инагалатәын, Аԥсны  ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиашьа  деилыркаатәын.

Аханатә абарҭқәа аҽрызнакит ахаҭарнакра, аха ахҭысқәа убасҟак лассы рҽырыԥсахуан, инеиҵыхны аусура  шьақәнаргылартә, иҭышәынтәаланы  еиҿыркаартә аамҭа рымаӡамызт, ишахьӡоз ала акгьы бжьамыжьуа иааиуан.  Рыгәҭакқәа  рацәан, ахҭысқәа ианаамҭаз ирықәҿҭлатәын, зегьы  рылаԥшҳәааҿы иҟазар акәын, уахгьы-ҽынгьы инагӡатәыз есааира иацлон, амҽхак аҽарҭбаауан.

Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларахь амҩа азылхуамызт, зегьы агәҭынчымра  шрымаз иҟан. 1992 ш. август 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аԥсны ианақәла амш инаркны ашәарҭара ду  инҭагылеит. Ахаҭарнакра анапынҵақәеи аусуреи  ракәзар  рҽырыԥсахит. Аԥсны  ахаҭарнакреи  Москватәи аԥсуаа рхеидкылеи  рҽеимаданы  Аԥсны ахьчаразы игылаз ҳажәлар рыцхырааразы еиҿыркааз аштаб  анапхгаҩыс И.Ахба далырхит. Абасала  Аԥсны ахаҭарнакра анапынҵақәагьы рҽырыԥсахит, аҽарҭбааит. Ахеилак аҩнуҵҟа иаԥҵан еиуеиԥшым анапынҵақәа змаз аиҿкаарақәеи агәыԥқәеи. Аханатә иаԥҵахеит Т. Гәлиа  напхгаҩыс  дзауз апресс-маҵзура. Уи хықәкыс иаман Урыстәыла иҭыҵуаз  еицырдыруа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, егьырҭ амассатә-информациатә хархәагақәеи аҽрымадара, аусеицура рыбжьаҵара, Аԥсны иазкны аиаша адунеи арҳаразы излалшоз ала аусура аиҿкаара.  Аидысларақәа ахьцоз аҭыԥқәа рҟнытә ажәабжьқәа ианаамҭоу еиуеиԥшым  амаҵзурақәа рыларҵәара, Аԥсны анапхгара иҭрыжьуаз аофициалтә ҟазшьа змаз адокументқәа рзышьҭра.

И.Ахба изеиԥш напхгарала апресс-маҵзура ҷыдала  есымчыбжьа Аԥсны арратәи  аполитикатәи  хҭысқәа  рыхҳәаа еиқәнаршәон, егьрыланарҵәон Урыстәылатәи аҳәаанырцәт́әи амассатә-информациатә хархәагақәа. Ишнеи-шнеиуаз  урҭ амаҵзурақәа зегьы рхала апр­есс-маҵзура иадҵаало иалагеит, лассы-лассы аҭел иасны  еилыркаауан Аԥснытәи ахҭысқәа, иҟоу аҭагылазаашьа. Ажәабжьқәа ирызҿлымҳан ателехәаԥшреи, арадиои, амаҵзурақәеи, агентрақәеи  русзуҩцәа. Иааиԥмырҟьаӡакәа  аусура аҭахын, избанзар ақырҭқәа  рҽазыршәон мцла  еибаркыз аинформациа рыларҵәара, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызкыз аиашаҵәҟьа  адунеи иарҳалатәын. Абри аус аҟны  шьарда рылдыршон апресс-маҵзураҿы амаҵ зуаз. Убри иабзоурахеит Аԥснынтә аиаша аларҵәара, насгьы уи  агәра згоз ахьеиҳахоз,  Урыстәылан  еиԥш, егьырҭ атәылақәа рҟынгьы.

Лассы-лассы имҩаԥыргоз апресс-конференциақәа ирыладырхәуан адепутатцәа,  аполитикцәа, аполитологцәа, аҵарауаа, иара убас Аԥсны  Иреиҳаӡоу  Асовет адепутатцәагьы.

Аԥсны ацхрааразы  еиҿкааз аштаб аҩнуҵҟа иаԥҵан иара убас ахҵәацәа русқәа рзы агәыԥ, аусура дугьы мҩаԥнагон, иара убас агәыҳалалратә цхыраара аусқәа рзы агәыԥ; еиуеиԥшым акциақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы агәыԥ.

И.Ахба инапынҵақәа  есааира рыҽдырҭбаауан, напхгара зиҭоз аштаб адагьы, аполитикатә усура ду  мҩаԥигон. Иааиԥмырҟьаӡакәа, Т. Шамба, И. Калмыков  реиԥш иҟаз ахатәрақәа иҽрымаданы, Аԥсны иадгылаз аполитикцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи, аруааи рыҩнуҵҟа аусура аҭахын. Зегьрыла иазыҟаҵаз, аҵареи, адырреи, аԥышәеи змаз И.Ахба аҳәынҭқарратәи ауаажә­ларратәи усзуҩцәа рнаалашьа, рацәажәашьа дақәшәон, азеиԥш гәаанагара ашьақәгылараҿы ус еиԥш иҟаз аиԥыларақәа  ирыҵаркуаз рацәан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар риааирала ианеилга И. Ахба Аԥсны ахаҭарнакра  анапхгаҩыс иусура иациҵон. Аԥсны аполитика-уаажәларратә ԥсҭазаара  далагылан, акыр ахҭысқәа дрылахәын, қәҿиарала  инапынҵақәа наигӡон.

2004 ш. Аԥсныҟа дааԥхьан, ииуль-декабр  мзақәа раан  Аԥсны  адәныҟатәи аусқәа  рминистрс  аус иуан. Уи нахыс Москва Аԥсны ахаҭарнакра  данапхгаҩын.

2008 ш. ноиабр 14 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра  ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Уаанӡагьы  уи инапы шалакызгьы, Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа нахыс ацҳаражәҳәарҭагьы амҽхак аҽарҭбаауан.

Аԥышәа змаз адипломат  Аԥсны амилаҭтә интересқәа рӡыргараҿы илшоз ала амаҵ  азиуан, ивагылаз иҩызцә́еи  иареи рҭакԥхықәра иацлон Урыстәыла еиԥш, егьырҭ атәылақәа рҟны аимадарақәа рышьақәыргылараҿы Аԥсны  адәныҟатәи аусқәа  Рминистрра имҩаԥнагоз аусура иалахәын,  анапынҵақәа ироуаз хьаҳәа-ԥаҳәада инарыгӡон. И.Ахба илшамҭақәа   маҷым аԥсуа  дипломатцәа  ҿарацәа реиҵааӡараҿы, рԥышәа азырҳараҿы. Урыстәыла аҩнуҵҟа  аиԥш,  аҳәаанырцәтәи  адипломатцәа аӡәырҩи иареи аимадара рыбжьан,  иидыруаз, дыздыруаз маҷмызт. Ари аусгьы иахәон. 

2004 ш. акәын, И.Ахбеи сареи  уаанӡагьы  ҳшеибадыруазгьы, Аԥсуа-абаза жәлар  Рконгресс анапхгаҩыс иҟаз, Урыстәыла еицырдыруа аҵарауаҩ, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Т.М.Шамба иусурҭаҿы  ҳаиқәшәеит. Тарас Мирон-иԥа  уаанӡа исабжьеигахьан  Москватәи  аԥсуа диаспора иазкны шәҟәык  азырхиара сылшар, даара ишхәарҭахоз. Уи иацыз аҭакԥхықәреи иақәырӡтәыз аамҭеи  сышрызхәыцуазгьы, изгәаӷьит, напы  асыркхьан аԥсуа диаспора  знысхьоу амҩа иазкны аматериалқәа  реизгара, иналукааша ахаҭарнакцәа  рыҿцәажәарақәа. Ари ажәабжь Тарас Мирон-иԥа И.Ахба иеиҳәеит, иаргьы исзеиҭеиҳәашаз иман аҟнытә, даҽазны  ҳаиқәшәарцгьы  еибаҳҳәеит. Убри  нахыс иареи сареи даара апатуеиқәҵара  ҳабжьан. И.Ахба идырреи  иԥышәеи еснагь  иԥсадгьыл азы ихәарҭан. Ихаҭа аполитикцәа рыҩнуҵҟа пату иқәын. Хымԥада, Москватәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа  дреиуоуп.

Москва даныҟаз, Аԥсныҟа данаауазгьы И.Ахба иԥылара  еснагь агәахәара рнаҭон иҩызцәа-иқәлацәа, аполитикцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, избанзар иҿцәажәараан хадара злаз Аԥсны аҭагылазаашьеи  ԥхьаҟатәи аԥеиԥши  ракәын. Ҵабыргны, ижәлари иԥсадгьыли ирыҵанакуаз аусқәа  рзааԥсара, рыӡбра иара изы насыԥын. Убас дыҟан, убас дааӡан  Игор Мураҭ-иԥа. Иҟалап  аполитикаҿы ус иазыҟаҵоу, аԥышәа ду зырҳахьоу зынӡа имаҷҩзар. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба, аҵарауаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Т.М.Шамба реиԥш иҟаз ахатәрақәа  аус  рыцура,  рабжьагажәақәа рзыӡырҩра разҟы бзианы ишьон.

Иԥсадгьыли  иуаажәлари ламысла рымаҵ ауразы ианашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден  ахԥатәи аҩаӡара, «За вклад в международное сотрудничество» захьӡу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәышԥы дырга.

Аԥсуаа рҵеицәа хатәрақәа ируаӡәкыз Игор Мураҭ-иԥа ҳәынҭқарратә-политикатә усзуҩын, азҵаарақәа рыӡбраҿы еснагь иара изы аҳәынҭқарратә знеишьа амазар акәын. Иԥишәахьан аус амҩа азылхраҿы уи даара ишарманшәалоз, абри апринцип дагьықәныҟәон.

77 шықәсазаҵәык нызҵыз Игор Ахба иаԥхьаҟа илиршашаз рацәан, аха ичымазара иразҟы аркьаҿгәышьеит. Ҳаамҭазтәи  Аԥсуа  Ҳҳәынҭқарра аргылараҿы злагала шьардоу Игор Мураҭ-иԥа  Ахба ижәлар дызлархамышҭуа аусқәа  рыла имҩашьауа ишьҭа  аанижьит. Аҿиара  рԥеиԥшзааит иԥсҭазаара  зызкыз, дыззааԥсоз, ҳажәлар рԥеиԥш лаша, Аԥсны  аҳәынҭқарра аргылара амҩа  еиԥҟьара  ақәымзаат.

Вахтанг Аԥҳазоу

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image