Агеографиатә хьыӡқәа иашаны рырцәажәареи аҭоурыхтә топонимика ахьчареи рызҵаара уажәтәи аамҭазы Аԥсны аҵарауааи ауаажәларреи рыбжьара лассы-лассы ишьҭырхуа, азҿлымҳара ду змоу теманы иҟоуп.
Атопонимқәа – ахсаалаҿы иарбоу ҭыԥхьыӡны мацара иҟам, уи ажәлар рдоуҳатә ҭынха ду ауп. Аӡиасқәа, ашьхақәа, аҩхаақәа, ақыҭақәа рыхьӡқәа рҿы иубоит ҳабацәа рҭоурых, рбызшәа, рдунеихәаԥшыра. Аха еиуеиԥшым аҭоурыхтә, аполитикатә, алингвистикатә процессқәа ирыхҟьаны, ирацәаны аԥсуа хьӡқәа ԥсахын, убри аҟынтә иахьа урҭ реиҭашьақәыргылареи, ииашаны ахсаала ранҵареи, зымҽхак ҭбаау аусура ду зҭаху ракәны иҟоуп.
XX ашәышықәсазы, еиҳарак Асовет аамҭазы, Аԥсны атопонимикатә хсаала лассы-лассы ирыԥсахуан. Ақырҭуатәра апроцессқәа ирыхҟьаны, ииашаз аԥсуа хьыӡқәа ақырҭуа цәа зхоу рыла еиҭакын. Апроблема иалацәажәон жәашықәса раԥхьагьы, аха уажәы иара еиҳа аҽарҭбааит, избанзар аҭыԥқәа ииашам рыхьӡқәа аинтернет аҿы иҭагалахеит, жәларбжьаратәи атуристтә порталқәа, аелектронтә хсаалақәа рҿы ицәыргахеит.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари апроблема аӡбаразы ашьаҿа дуқәа ҟаҵоуп. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа, алингвистцәа, аҭоурыхдырҩцәа, акартографцәа ахьыӡқәа ринвентаризациазы аусура ду мҩаԥыргоит. Иаԥҵоуп ҷыдалатәи аҳәынҭқарратә комиссиақәа, уи ахықәкы хада — аҭоурыхтә топонимқәа рсиа ииашаны аиқәыршәара ауп. Аспециалистцәа архивтә документқәа шьҭырхуеит, афольклор ҭырҵаауеит, акыҭақәа рҿы аиҳабацәа иразҵаауеит, агеографиатә аобиектқәа ииашоу рыхьӡқәа рырхынҳәразы. Атопонимикатә иашара аиҭашьақәыргылара аԥсуаа аформалтә ҟазшьа змоу акакәны ирыдыркылом, уи амилаҭтә доуҳатә культура ахьчара ахырхарҭақәа ируакуп.
Нанҳәамзазы Д.Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит астол гьежь. Уи иалахәын аҭыԥхьыӡқәа ҭызҵаауа аҵарауаа реиԥш Жәлар Реизара адепутатцәа, убасгьы ашьха иныҟәо, уи атәы здыруа, амилаҭтә ҵасқәа ирықәныҟәо, ари атема згәы аҟынӡа иааганы изныкымкәа иалацәажәахьоу ауаа. Урҭ дреиуоуп Шьхатәыла абзиабаҩ Ҭемыр Аршба. Ҭемыр, Аԥсны ашьхақәа ладагьы-ҩадагьы дырхысхьеит, идыруеит, рыхьыӡқәагьы ҭиҵаахьеит. Ихаҭа "сыҭҵааҩым" ҳәа ихы ишазиҳәогьы иԥсҭазаара аӷьырак ашьхақәа ирыдҳәалоуп. Ҭемыр иажәақәа рыла, раԥхьаӡа ашьха данхалаз ихыҵуаз жәохә шықәса ракәын.
"Цим Аргәын ҳәа дыҟан аԥсуа хаҵа нагак убри итәарҭаҿы ауп раԥхьаӡа ашьха саннанага сахьаангылаз. Уи нахыс абзиабара сылаҽит, ашьхақәа ргәыбылра скит, – иҳәеит Ҭемыр Аршба. Иара иҳәеит дшырхаану абыргцәа ҟәыӷақәа, ашьха ихалоз аҿар зԥышәа рыцеиҩызшоз, ирзеиҭазҳәоз ашьхараҿы ахымҩаԥгашьа, ацәажәашьа, ашәира шыҟамло, иԥшьоу аӡыхьқәа анапҭаӡәӡәара шамуа уҳәа ашьхақәа урыдыркылартә азнеишьа. Уажәы, уаанӡа анапы аҭаӡәӡәара ахьыҟамлоз аҭыԥқәа рҿы зҽызкәабо дубап, иахьа алаҿаҳамҭит, уаҵәы иҳамбазшәа ҳавсып, анаҩс зынӡа инаҳампыҵашшап ҳаиҳабацәа иаҳзынрыжьыз аҵасқәа,- иҳәеит Ҭемыр ари атема гәыхьла ишидикыло инубаало."Аамҭа иақәаҳҵо рацәахеит, уи уажәы ус иҟалеит ҳҳәоит, аха аамҭа аԥызҵо ҳара ҳами, ус иҟазҵазгьы тәымџьарантәи иаама, ҳара ҳами ус азныҟәаразы азин ҟазҵаз. Ахылаԥшра ацәыӡит, алеишәа маҷхеит. Уи ауп зегьы зхылҿиаауагьы", -иҳәеит Ҭемыр Аршба. Игәаанагарала шьхатәыла ауп аԥсуа идац-ԥашә ахьаларсу, аԥсышәала урҭ аҭыԥқәа цәажәонаҵы уаҟа аԥсуа иоуп иаԥшәымоу. Ҳара атуризм ахьыҿио ҳәынҭқарроуп, уи зегьы еилкаауп, аха аҟәрышь арҳара ҳҽаҳҭацәеит ҳәа иԥхьаӡоит иара. Ҭемыр иажәақәа рыла, аҭыԥхьыӡқәа реиқәырхара азҵаара ари аамҭа иқәнаргыло ԥышәарак иаҩызоуп. Избан акәзар, уаанӡа асеиԥш ари апроблема амҽхак ҭбааны иаҳҿамгылацызт. "Иахьатәи аамҭазы, аԥсуаа рдоуҳатә культура рымаркырц иаҿу рацәаҩуп, иҳамоу ҳаҩнапык акәыршаны иаҳкыроуп, аӡәы иҳамеикуазар иҳамур ауп. Итәаны аԥшыха, иҟало ҟалааит ҳәа ахәыцха зынӡа иҳмаӡам",-иҳәеит иара.
Аҭыԥырбагатә хьыӡқәа реицакра атема амҽхак ахьынӡаҭбаау, лассы-лассы дызҭаауа, ибзианы иидыруа аҭыԥқәа рыхьыӡқәа уаҩы изеилымкаауа ишԥсаху атәы изырбаз иҩызцәа роуп. "Урыстәылантәи сҩызцәа анаалак ашьха ихазгалалоит. Уи аԥарарҳаразы акәӡам, сысасцәа гәыкала стәыла аԥшӡара дсырбарц сҭахуп. Сара сшәарыцаӡом, сыбџьар шьҭасҵахьеит. Аха аныҟәара бзиа избоит, шьхагәыла ҳаиццалоит. Абас еиԥш иҟаз аныҟәарақәа руак аан дара хархәара зырҭоз аелектронтә хсаала аадыртын ҳахьыҟаз ашьхақәа рыхьыӡқәа рҩашьаны, урысшәала, аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа зынӡа ирцәыхараны даҽакала ишаныз сдырбеит. Усҟан еиҳагьы еилыскааит апроблема шаҟа иҵару. Избанзар ахсаала ианылаз ахьӡ аҭоурых ианхалоит»,- иҳәеит Ҭемыр. Ашьханыҟәаҩ иажәақәа рыла, иҟоу апроблема атәы рдыруеит Жәлар Реизара адепутатцәагьы, урҭ азҵаара шьҭызхыз ақәдыргәыӷит адгылара шрырҭо азы.
Ҭемыр Аршба иҳәоит ашәарҭара шыҟоу ҳара иаҳтәуп ҳәа ҳшыргәыдыԥшыло ҳашьхақәа аԥсуа цәа рхамкәа иҟалар ауеит ҳәа. Иахьа имҩаԥысуа апроцессқәа иарбанзаалакгьы ахылаԥшра раҳҭаӡом, макьанагьы иахьахәҭоу аҩаӡараҿы еилкааӡам ишьҭыху атема амҽхаки аҵаулареи. Аԥсуа бызшәа ҳаналацәажәо, абри атемагьы убра инаваргыланы аӡбахә ҳҳәалароуп. Аҭыԥырбагақәа реицакра азҵаара згәы иҵхо рацәаҩуп, аха хыц-ҩыцк ракәымкәа атема амҽхак ырҭбааны иалацәажәатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Ҭемыр Аршба. Аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы аӡбара иалагатәуп, ашьхарахь ихало рхымҩаԥгашьа ацклаԥшра аҭахуп, уи азы алеишәа рӷәӷәатәуп. "Астол гьежь» амҩаԥгарала, знык - ҩынтә алацәажәарала аанкылара ҳгәы иҭаӡам. Лҵшәак ҳауроуп, ҳаамҭа иақәшәо ахсаалақәа ииашаны аҭыԥқәа рыхьыӡқәа анылароуп. Уаҳагьы даҽа мҩак ҳбаӡом ари азҵаара иазыҳаҵҳаҵо", -иҳәеит иара.
Елана Лашәриа

