Еиҭамҵуа ақьырсиан ныҳәа дуқәа жәаҩа ируакны есышықәса нанҳәа 28 аҽны ақьырсиан Уахәама инарҭбааны иазгәанаҭоит Анцәа Иан Аԥшьацқьа Мариа лылацәеиқәԥсара – адгьыл аҿтәи лыԥсҭазаара лалҵра амш.
Ақьырсиан Уахәама Анцәа Иан лыԥсҭазаара лалҵра аԥсра ҳәа акәымкәа, ацәара ахьӡнаҵеит. Избанзар, аԥсра Анцәа дзыхшаз лцәа-лыбаҩ анышә аҭара, лыԥсы Анцәа имадара ауп иаанаго. Анцәа Иан уи лымԥынгьы иқәымлеит. Избанзар, Лара лылацәа нҭааит – дыцәеит, ианаҭаххо науынагӡа имшхәыбзазоу аԥсҭазааразы дҿыхарц, лныҳәарала ауаа рыҧсы ҿылхларц, агәнаҳаи аҧсра-ӡреи ирцәылыхьчарц, науынагӡатәи аԥсҭазаара ацәанырра ауаа ирылалҵаларц. Абри аҟынтә ари амшныҳәа ақьырсианцәа зегьы иазгәарҭоит ииашаҵәҟьаны иԥшьоу, илашоу, игәыҟаҵагоу ныҳәа мышны.
Ҳарҭ, аԥсуа қьырсианцәагьы, ари амшныҳәа неиҩымсрада, ҿа-маҿалеи чысхкылеи еишәаргыларала иазгәаҳҭоит. Ари аныҳәамш ҳара Нанҳәа ҳзахьӡуп. Нанҳәа амшныҳәа иаҧнуп ақьырсиан дин мшырацәалатәи ируаку – Анцәа Иан лыцәара, мамзаргьы Нанҳәа чгара. Уи алагоит нанҳәа 14 инаркны, иалгоит иаашар ныҳәаны уаха еиҧш, мамзаргьы 14 мшы анҵлакь. Ичго идҳардыруеит арҭ амшқәа рзы ахаатәы аиҧш акәац, асерыҕ хәша ирылху шырымфо, аҧсыӡгьы налаҵаны. Аха аԥсыӡ афара ҟалоит Иаҳхылаҧшу Иҽеиҭакра амш – нанҳәа19 рзы.
Иаҳхылаԥшу Иисус Христос ажәҩан ахь Ихалара ашьҭахь иан нхара Иерусалимҟа диасит. Аԥшьацқьа Мариа, ишыҟалҵац еиҧш, ҽнак Елеон дхаланы дышныҳәоз Анцәа игәырӷьацҳаражәҳәаҩ Архангел Гавриил дааин, Анцәа Иан адгьыл аҿтәи лыԥсҭазаара шынҵәаз, хымш рыла лыԥсҭазаара дшалҵуа налаҳәаны, еилаарцыруа илаша-лашоз џьанаҭ маҵә – аԥсреи ацәеи-жьи реицакреи рацкьыс аиааира асимвол – налиркит. Аԥшьацқьа Мариа илаҳаз гәадурала илыдкыланы Анцәа иҳәара, иашьапкра далагеит лыҷкәын иҵаҩцәа-апостолцәа, уи аамҭазы адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟны Иисус идин аларҵәара иаҿыз, лыԥсы шҭоу илхьигӡарц, игәыдкыло-ихыдкыло абзиала ҳәа раҳәара дахьигӡарц. Уи лгәаҭахра наӡеит – нашананы апостолцәа, аӡәы ида, зегьы лыхьӡеит. Игәырҩо, илаҕырӡышо ишылхагылаз лыҿҳәарагьы ааит. Лдунеи лыԥсахраны даныҟаз аҽны Лыҷкәын – Иаҳхылаҧшу Иисус Христос – аԥҳаимбар рацәа ицны ажәҩан дылбааны, Иан дналхагылеит, лгәы рыҕәҕәо, абжьага ажәақәа лаҳәо, Лыԥсыцқьа инапы инаниртәалеит.
Апостолцәа Анцәа Иан ишахәҭаз еиԥш ргәы-рыҧсы далырхит. Нас даашьҭырхын, дызҭаз аҭоубыҭ рнапы иқәыргыла, Иерусалим ахы-аҵыхәа зегьы днага-ҩаганы, Гефсиманиа аҳаԥы аҟны иҟаз рҭаацәаратә дамра инҭаргыланы иааимпит.
Иисус Христос иапостолцәа ируаӡәкыз Фома, Анцәа игәаԥхарала Аԥшьацқьа Мариа лыҧсыжра иахьымӡаз, ахмыш рыҽноуп Иерусалим данаа. Аԥсы дналҿаҧшыр, инапы лгәы инықәишьыр еиҳа иҽеиқәикып рҳәан, иҩызцәа апостолцәа дрыма адамраҿы инеин, аҧсы дызҭаз аҭоубыҭ ахҩа аахырхызар, аԥсы дыҟаӡам, ԥсымаҭәоуп иҭоу. Апостолцәа ирбаз агәра днаргеит Анцәа Иан Аԥшьацқьа Мариа, Лыҷкәын еиҧш ларгьы, Ажәҩан ахь дышхалаз.
Аԥшьацқьа Анцәа Иан лдамра Иерусалим ҩадеи мрагылареи рганахь ала иаҿыкәыршаз Кедронтәи арха инагәылахаланы иҟаз Гефсиманиа ақыҭан аҳаԥаҿы иҟарҵеит. Ашьҭахь, V ашықәсазы, адамра ауахәама ԥшӡа-бзиа ахадыргылеит. Уи ауахәама 614 шықәсазы аџьамцәа идрыбгеит, аха аҭоубыҭқәа зҭадыргылоз адамра еиқәхеит. Ҳазну аамҭазы еиҭашьақәыргылоу уи аҳаԥы уахәамахь уназго ажәытәан, аџьарныҟәгаҩцәа (крестоносцы) улаԥш иҵамшәо иҟарҵаз амардуан маӡоуп, иара ауахәамагьы ацәашьқәа рылазаҵәыкоуп изладырлашо. Адгьыл аҵаҟатәи ари ауахәама агәҭаны ҩ-ҩналарҭак змоу, аҭоубыҭқәа зҭагылоу адамра ыҟоуп. Ара еснагь ауаа рацәаҩуп, Анцәа Иан лҭоубыҭ ахьықәгылоу есымша Алитургиа мҩаԥысуеит. Аха Анцәа Иан лыцәара амшныҳәаз аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара ҳәашьа амаӡам.

