АХҬЫСҚӘА

Амшынуаҩ ихҭысқәа

Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, иахьа абокс азы ахәыҷтәы спорттә школ еиҳабу Даур Лакоиа Леон иорден ианашьоуп.  Иааигәара иҟоу дырдыруеит спортсменк, зыҟаҵаҩык иаҳасабала. Ишәҳардыруеит уи  иеибашьратә мҩа.

 Даур аибашьраан машәыршәа арра-­мшынтә мчқәа рахь дақәшәеит. Арра зхызымгацыз, аибашьреи амшыни ртәы ззымдыруаз, 21 шықәса зхыҵуаз Даур иҩызцәеи иареи бџьарда ақырҭуа ӷбақәа шааныркылоз, аԥсуа десант аӡхыҵра ишацхраауаз, насгьы амшын ацәқәырԥа дуқәа ишыриааиуаз, былтәыда амшын ишыӡхылаз уҳәа имаҷым иугәалаиршәаша.

Даури ҳареи ҳаиқәшәеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы. Араҟа анышә иамадоуп класск аҿы аҵара ицызҵоз Арзамеҭ Ҭарбеи Зураб Агрбеи. Аҭаҭын ааркны рҳаҭгәын аҿы инықәҵаны, «сара морфлот аҿы сыҟан, дара «Евкалипт» иалан,  ҳаибашьратә мҩа хазхеит…» ҳәа аиҭаҳәара дналагеит Даур.

Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа цәыббрамзазы Аҟәа аҭарцәразы ажәыларақәа цон. Уи аԥхьа аамҭала аҭынчра ыҟан. Ажәылара шыҟалоз атәы абаталионқәа ркомандирцәа роуп изарҳәаз. Даур аибашьра аҵыхәтәаны дызлаз амшынуаа  ргәыԥ аҟынтә абаталион «Сатурн», нас «Ураган» ахь диасит. Аҟәа аҭарцәразы ажәылара анцоз иара дыҟамызт, аха ианиаҳа иҩызцәа дрыхьӡарцаз ддәықәлеит. Дақәшәеит аминаршәгатә баталион ахь. Дара дҵас ирыман Гәымсҭа ирсны абатареиақәа рыргылара. Уи адҵа нагӡаны, Даур игәыԥ дрыхьӡоит цәыббра 26 рзы. Дара Одышь иҟан.

«Ашьха саҿалан сышнеиуаз, хаҵак длыбаауеит. Икуп «муха», аформа ишәуп. Азныказы дақырҭуоума ҳәа аасгәахәит, сыԥшызар, инапаҿы ҳбираҟ асахьа  ануп, снаихәаԥшзар, Дауҭ Аҳәба иоуп. «Уабаанага?» ҳәа саниазҵаа, «сгәыԥ сашьҭоуп», – иҳәеит. Уаала сгәыԥ ахь ҳәа даныхҭаск, ҳаиццеит. Одышь ҳшыҟаз дҭахеит Руслан Ԥлиа. Нас адҵа ҟалеит Аҟәа алаларазы. Ҳгәыԥ лыбааргеит амаамынқәа рпитомник ахь. Убасала Совмин ҳааит. Аиҿахысра ыҟан, аха макьана иара рымгаӡацызт. Ҳара дҵас иҳаман Ацҳа ҟаԥшь аҿы ақалақь иалҵны ицоз ақырҭцәа рымҩа акра. Уа ҳшыҟаз ауп Аҟәа ҭадырцәит ҳәа шҳаҳаз», - игәалаиршәоит Даур.

Аветеран иҳәоит, шықәсыки мызки  аибашьра цонаҵы зегьы ишрыцыз агәыӷра, аиааира шырго азы.

«Аибашьра ианалага, «Волга» апансионат аҿы ҳаннеи, рхы ацаха иаҵәа акәыршаны аруаа ҳбеит. Урҭ Нхыҵ-Кавказынтә ишааз анеилыскаа, ҳгәы дырӷәӷәеит, аиашазы. Убасҟан ҳамацара ҳшыҟам здырит, аиааира ҳара ишаҳго агәра згеит. Ааи, ҳашьцәа ҭахеит, аха Владислав дуӡӡам ҳиқәгәыӷуан, ибызшәа, ицәажәашьа, зегь рыла ҳгәы ирӷәӷәон», -  иҳәоит Даур.

Даур Лакоиа аибашьра ианалагоз ААУ аҿы аҵара иҵон, абҩарҵәыра аганахьала. Аԥшьбатәи акурс ахь диасраны дыҟан. Лыхны дшыҟаз иаҳаит аибашьра ишалагаз. Аԥхьа иҟаз аидысларақәа реиԥш акәыз џьшьа Аҟәаҟа ддәықәларц игәы иҭан, аха ателехәаԥшрала ибеит аҳҭнықалақь ишалалахьаз. Иаб иашьа иԥеи иареи аҩны ирымаз ашәарыцагатә шәақь аашьҭыхны Лыхнашҭа ицеит. Уа ауаа аизара иаҿын. Убас ауп Даур аибашьра дшалагылаз.

«Абџьар ҳаԥшаар акәын, акгьы анаҳмоу, Баҭал Гериа Пицунда аҷкәынцәа амшын ихуп, еибашьуеит иҳәан, ҳиццеит. Цәыббра хԥа инаркны жәабранынӡа уа ҳаҟан. Амшын ҳхын. Аханатә командирс дҳаман  Лев Бганба, уи ишьҭахь Катиба Лев. Ҳҭыԥ Пицунда иҟан. Аҟәантә анышьқәа ӷьычны инаргеит. Гагра анҭадырцәы, «ацитрустә совнхара» ахь ҳаиаргеит. Асовет аамҭа ахаан аахыс имаӡаз абаза уа иҟан, убра ҳтәан. Ҳкомандир 45 шықәса ихыҵуан. Егьырҭ зегьы аҿар – 18, 22, 23 шықәса. Адҵа анҳаулак, ҳҭыҵны аӷбақәа ҳреихсуан. Уахынла ҳҷаԥшьон», - еиҭеиҳәоит Даур.

Аибашьра ацәаҳәаҿы иаԥҵаз амшынтә ар иабамаз аибашьыгатә ӷбақәа. Ауаа мҩанызгоз анышьқәа абџьар ақәыргылан аибашьыга алырхуан. Амшынтә хәҭа адесант рыӡхыҵраан ирыцын, аха аханатә бџьаркгьы ркымызт, аӷба иақәгылаз ада. Даур ахааназ ихамышҭуа хҭысны иҟалеит жьҭаарамзазы Очамчыра аҷкәынцәа ӡхыргарц адҵа анроу амш. «Адесант еизган, 250-ҩык аҷкәынцәа Ибрагим Иаганов инапхгарала. Ҳара урҭ мҩанаҳгон «крылаткақәа» (анышьқәа) рыла наҟ-ааҟ абџьар ақәыргыланы. Урҭ Очамчыра иаушьҭны шьҭахьҟа ҳхынҳәыр акәын, аха ацәқәырԥақәа шьҭыҵын, абаржа зыӡхымҵит. Аоперациа аанкылан. Ҳгьежьыр акәын. Афон ҳанааи адырра ҳарҭеит, адесант зҭаз ҳбаржа шыԥхасҭахаз. Ҳрышьҭит уахь еиҭа, иҭатәаз зегьы ҳаӷбахь ииагатәын.

Уи аҽны амшын алеишәа шыцәгьаз еиԥш са исымбац. Атәы здыруа ирҳәоит, ҳаӷба хәыҷы ӡааҟәрылараны ишыҟаз.  Афон, Гәдоуҭа абаӷәаза ҳзадымгылеит, убас ицәқәырԥон. Ҳаԥсы ҳаманы Пицунда ҳашнеиуаз ҳмотор аангылеит. Аӷба цалароуп ацәқәырԥақәа раан, мамзар ихышәҭуеит. Ус иагьыҟалеит. Аӷба ӡааҟәрылан, еиҭах иаахылеит. Зегьы амшын аҵаҟа ҳаҟан, нас ҳааҳәит. Акино аҿы ада ари аҩыза сара исымбацызт», - игәалаиршәоит Даур.

Иашьцәа агәыԥқәа ирылаз акырынтә иарҳәахьан, дара рахь диасырц, аб иԥазаҵә амшын даганы, иԥсыбаҩгьы рмоур аԥсра-еиҭаԥсра ҳәа изышьҭоу акәхон. Аха Даур автомат имамызт азы, афлот аҿы дыҟан. 

«Амшын аҿгьы иҳарҭаӡомызт абџьар, аха анышь иақәгылан. Гагра адесант аныӡхаҳгоз, Славик Оҭырба автомат икын, Аслан Ҵәыџьба патронк иман, иара уигьы иԥшааны дыӡхыҵит. Гагратәи ажәылараан ҳгәыԥ аҟ­ынтә дҭахоит Анзор Кәпалба, нас Тамик Чалахсаев - ауаԥс ҷкәын, Пицундатәи», - игәалаиршәоит Даур раԥхьатәи рыӡхыҵра.

«Зны декабр мзазы, асааҭ хԥа ауха адҵа ҳауит амшын иху ҩ-ӷбак –ақырҭцәа ртәы абџьар ҭоуп, ирымхтәуп ҳәа. Славик Агрба, Славик Оҭырба, сара, Аслан Ҵәыџьба, Даур Ԥлиа, Астик Сымсым «Невка» ҳәа иҳамаз глиссерка иаҳа иласны ицон азы, ҳлақәтәан, ҳдәықәлеит. Иара ак ахьцыԥхьаӡа иааҷабны амшын ҳхылон. Ҳахьырымгозгьы ҳаҽӡаны ҳнеиуан. Аԥхьатәи иаанаҳкылаз асеинер акәын. Аслани Славик Оҭырбеи абџьар рыманы уахь ииасит. Икны абазахь ижәгоит ҳәа еибаҳҳәеит. Акоманда зегьы аӷба аҵаҟа иҭакны иргар акәын. Ҳара егьи аӷбахь ҳцеит. Амшын аҿы, иџьаушьаша, ахара ацәашьы аркызаргьы иубоит, аха уаанӡа анеира аамҭа рацәа аҭахуп. Ҳаннеи, рациала иҳарҳәеит абаржа абџьар ақәуп, иӡаарҟәрылатәуп ҳәа. Ҳрывагьежьуа ҳхысуан, аха иаанымгылаӡакәа ицон. Акыр ҳакәшеит, дара аҭак ҟарҵаӡомызт. Нас изеилаҳкааз ала, иара абџьар ақәын, аибашьцәа ҭамызт. Ааха анаҳҭа абаржа, ҳазхылаӡомызт азы иааныжьны ҳцеит. Ҳаахьаԥшызар, адгьыл ҳбаӡом, иааҳакәыршан зегьы ӡуп, ҳахьцо ҳаздырӡом. Акомпас аашьҭихын Славик хырхарҭак алихит. Ацара ҳаҿуп, ҳаҿуп, адгьыл ыҟам. Ҳааԥшызар, ҳашьҭахь амра агылара иалагеит. Славик амра гылеит, уахь акәӡам ҳахьцо иҳәан, ҳгьежьит. Арахь абылтәы нҵәоит,  арациагьы ахы ҳнардырӡон. Амҩа ҳшықәыз ишеит. Ус хараӡа ҟәарак ҳбеит, Пицунда еиԥшны. Аурысцәа рыӷба иаауаз аанаҳкылеит абылтәы ҳарҭарцаз, аха башахеит. Ҳашцоз абылтәы нҵәеит, убри аан арациа асигнал аус ауит. Адырра раҳҭеит ҳара ҳтәқәа, аха ҳрыԥшаарцаз имҩақәаҳҵар акәхеит. Арахь, егьырҭ ҳҩызцәа ҭартәаны иҳашьҭыз аӷбагьы ҳазхәыцуан. Асааҭ жәба рзы  збылтәы нҵәаз асааҭ фба реиԥш ҳрыԥшааит. Авертолиот шьҭырхит, агранатомет ала ҳхысит, ианытҟәацуа ажәҩан аҿы ирбарцаз, аха ҳарзыԥшаауамызт. Аурысцәагьы ҳашьҭан, аха ҳзықәтәаз резинала ишәны иҟан азы, арадар аҿы ирбаӡомызт.  Ахәлара иалагеит, амшын ҳагон. Аԥҭа хын ашьха аганахьала,  ианхыҵ, иаанартыз ахыбра Славик идырит Дагомыс аԥсшьарҭа ҩны шакәыз. Ҳара ҳтәқәа ираҳәаны, аурысцәа рымшын ҳәаа иахыҵны, аԥсыӡкыга анышь ҳашьҭоуп ҳәа раҳәаны, ҳрыԥшааит. Абазаҿы ҳаннеи Славики Аслани абаҟоу ҳәа ҳанҵаа, ишымаац  рҳәеит. Нас ауп итҟәаны ишыргаз анеилаҳкаа. Дара 44 мшы иҭакны ирыман.  Очамчыра ақырҭуа аполковники аподполковники иркыз рыла, Славик иаб ибзоураны, еиҭныԥсахлан. Ҳара ҳатҟәацәа ицырцыруа ираҳҭон, дара ҳара ҳтәқәа иузымдыруа иаарышьҭуан. Нас еилаҳкааит, уи аӷбаҿы, иҭаркыз рыдагьы ишыҟаз зыҽӡаны иақәтәаз аибашьцәа. Аӷба андәықәла, урҭ ҳаҷкәынцәа ирықәлеит. Аидара имҩаныргоз рыхьчон агәыԥ ҷыда иалаз. Славики Аслани нас еиҭарҳәон, ақырҭцәа рҿахәы шырҿырхуаз, ҿаҵакгьы шрырымҭоз атәы», - иажәабжь даалгеит Даур.

Ианвартәи ажәылара ашьҭахь Даур диасуеит иашьцәа ахьыҟаз абаталион «Сатурн» аҟынтә «Ураган» ахь. Ихыбгалаз уи аоперациа ашьҭахь марттәи ажәылара рҽазыҟарҵон. Русик Зарданиа напхгара зиҭоз 10-тәи ажәыларатә баталион Алада-Ешыра итәаны иԥшын. Ашәҵатәы, абџьар рырҭеит. Амза 14-15 рзы иҟалоит ажәылара ҳәа рарҳәан иԥшын аҭабиақәа рҿы. Аԥшыхәцәа ааит, шәҭыԥқәа рҿы шәыҟаз ҳәа. Ус анрарҳәа, Даури Адгәыр Чачибаиеи инҵәаз рыфатә ааргарцаз аҩныҟа ицеит. Уа ишыҟаз ауп ажәыларагьы ишалагаз. Даур игәыԥ дахьӡарцаз ддәықәлеит, аха ар­е­­з­ев­тә ар­хәҭахь дрышьҭит. Арезервистцәа зегьы Аҩада-Ешыра идыртәеит уажәымзар уажәы идәықәлоит ҳәа, аха ашара иалагеит, аҩбатәи аешелон мцаӡеит. Даур ихала дылбааит Гәымсҭа ахықәахь, уаҟа ажәыларахь иҟаз иҩызцәа иарҳәеит ицеибашьуаз Ерик Аиба амина дшахаԥжәаз.

Афбатәи акласс аахыс абокс ахь иныҟәоз Даур аибашьра ашьҭахь иаразнак аспорт ахь дхынҳәыртә еиԥш иҟамлеит. Иара аибашьра ҟалаанӡагьы азыҟаҵаҩык иаҳасабала аусура далагахьан. Зны Гәдоуҭа иҩны днеит иазыҟаҵаҩ Леонид Ҳаразиа, игә­шәымшә ҳәо дазиргьежьит аспорт. Аԥхьа Лыхны асекциа ааиртит, Аԥсны иаиааиуаз аҵаҩцәа иман. Аҭаацәара даналала Даур Аҟәаҟа диасуеит. Аҳҭнықалақь аҿы аусура далагеит. Урыстәыла иаиааиуаз аҷкәынцәа иааӡон. Нас абокс азы Ареспубликатә спорттә школа аиҳабы Валентин Барцыц иеиҳәеит, ишьҭахь иара дахагыларц шиҭаху. Ус иагьыҟалеит. Абар, шьҭа 12 шықәса ҵуеит Даур ашкол напхгара аиҭоижьҭеи. Иара игәы ҭгәырӷьаауа иҳәоит, аибашьра ашьҭахь абокс азҿлымҳара ду шамаз. Аԥсны ишааӡаз Европа ачемпионцәа: Роман Чирикбаиа, Леонид Ҳаразиа, Сергеи Ануа, Гарри Қәычбериа, Едуард Арсҭаа, Анзор Ҵәыӡба, Алик Кардиоглы. Убри аан иара игәы иалоуп аибашьра зегьы ицыз, зыԥсы ҭаны иалҵыз иҩызцәа Дауҭ Аҳәбеи, Асҭамыр Кәыҵниеи аҭынч ԥсҭазаараҿы рхы ахьырзымыԥшааз. Ирцәыршьыз рыгәхьаагара рыцын еснагь. Аибашьраҿы еибааӡаз, уаҟа ииз аиҩызара еиԥш ԥсра ақәым, иҭахаз ргәалашәара.

 

Альбина Жьиба

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image