АХҬЫСҚӘА

Уахсиҭ иқәҿиарақәа

16-шықәса зхыҵуа Уахсиҭ Гәажәба маха-шьахала иӷәӷәоу, зоура-зыҭбаара наӡоу, аспорт аганахьала абаҩ ҷыда злоу аӡә шиакәу иҭеиҭԥш мацарагьы ианыԥшуеит.


7-шықәса анихыҵуаз аахыс ашьапылампыл асра дазҿлымҳауп, бзиа ибоит. Ашьапылампылтә команда «Динамо» Аҟәа аҟны ахьчаҩыс дыҟоуп. Аха ари аспорт хкы инаваргыланы иҽԥишәоит, изныкымкәангьы аиааирақәа игахьеит аӡсараҿы. Ааигәа Уахсиҭ далахәын 50-ҩык инарзынаԥшуа, 16 шықәса зхыҵуа инадыркны 90 шықәса зхыҵуа рҟынӡа зықәра аҵанакуаз рзы, амобилтә еимадара «А-Мобаили» Аԥсны атриатлон Афедерациеи рыбзоурала еиҿкааз «Swim Sukhum  2026» захьӡыз иаартыз аӡсара  амарафон. Уа ԥҟара хаданы иазԥҵәан 3 километрак рыбжьара 58 минуҭ рыла аӡсаразы. Ари аицлабраҟны Уахсиҭ  Гәажәба илшеит Аиааира  агара.

«Ҩышықәса раԥхьа 600 метра аӡсараҿы актәи аҭыԥ ааныскылахьан, аха 3- километрак рыбжьара аӡсара  шымариам  шеилыскаауазгьы, ҳазыҟаҵаҩ Виктор Задорожныи аицлабра ҳхы алаҳархәырц ҳкоманда ианҳабжьеига исыӡбеит схы  ԥысшәарц. Аиашазы иуадаҩын, сыжьҵәырқәа  сыхьуан, аха сымчқәа еизыркәкәаны исылсыршеит актәи  аҭыԥ аҽаԥсатәра. Уеизгьы сгәы исыҵанаҳәон, агәра згон аиааира шызгоз», – дҳацәажәон  Уахсиҭ – ари  аицлабра ихы алархәра шыҟалаз азгәаҭо.

Ашьапылампыласреи аӡсареи шеилеигӡои  урҭ рахьтә аԥыжәара зиҭои дазааҭгыло иҳәеит:
«12 шықәса анысхыҵуаз саб исабжьеигеит аӡсара иналукааша аспорт хкуп, уҽԥышәа ҳәа. Саргьы иажәа ҩбамтәкәан сыҽԥысшәеит, сагьагәыланахалеит. Сара сшьапылампыласҩны схы збоит, аԥхьаҟатәи  сыԥсҭазаарагьы здысҳәаларц сгәы ззыҳәо ашьапылампыласра ауп. Ҳәарада, уи аԥыжәара асҭоит. Аха аӡсарагьы уи иаваргыланы  сахәаԥшуеит, игәыгәҭасыжьуам», - иҳәеит  уи. 

Ҳара иаадыруеит  ашьапылампыл асра аганахьала Уахсиҭ аихьӡара бзиақәа шааирԥшуа, лассы-лассы далкааны ари аспорттә ҟазараҿы илшамҭақәа рзы амедалқәеи аҳамҭақәеи шианаршьо. Аха иеихьӡарақәа реизырҳаразы ихы  аџьабаа аирбоит, аҽазыҟаҵарақәа рахь дныҟәоит. Рыцҳарас иҟалаз, ашьапылампыласраҿы аҽазыҟаҵаразы иаԥҵоу аҭагылазаашьа бзиа еиԥш иҟам аӡсара аспорт хкаҿы.

Уахсиҭ иажәақәа рыла, аԥхын иун инаркны аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Ашьыжь амшын аҟны иӡсоит, ахәылбыҽха абассеин аҟны. Ҽнак ҩынтә, сааҭ бжак – сааҭ бжак рҽазыҟарҵоит. Аха  аӡын аӡсаразы аҭагылазаашьа ыҟам, амшын хьшәашәоуп. Апрофессионал иҩаӡара аҿы  ауаҩы днеирц, изҳарц азы  ӡынгьы-ԥхынгьы есҽны аҽазыҟаҵарақәа аҭахуп, ихымԥадатәиуп, уи азы  хымз заҵәык аҽазыҟаҵара азхом.

Абассеин аҟны аӡсара иадҳәалаз ахҭыс далацәажәо, Уахсиҭ иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны  Аҳәынҭқарра Ахадас иҟаз Аслан Бжьаниа исасааирҭа аҟны иҟаз абассеин ахь иныҟәара шыҟалаз:

– Ақалақьтә бассеин аркын, саби сареи аӡсаразы сҽахьазыҟасҵашаз абассеин ҳшашьҭаз, машәыршәа ҳнанагеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иҟаз Аслан Бжьаниа исасааирҭак аҟны. Уи сшыӡсаҩыз, сыҽшазыҟасҵоз анеиликаа хәыда-ԥсада уахь аныҟәаразы азин сиҭеит, анаҩс, еизгоу ҳкоманда зегь азин риҭеит  хәыда-ԥсада аӡсаразы. Мызқәак инеиԥынкыланы  уахь ҳныҟәон. Уи даара акыр аҵанакуан, ихәарҭан ҳара ҳзы.
Уахсиҭ даара дрызгәдуны рыӡбахә ҳаиҳәеит аӡсара аспорт хкы ҷыда Аԥсны аҿиара шаимуа иазыҟаҵаҩцәа Виктор Дмитри-иԥа  Задорожныи Елена Павел-иԥҳа Вардимиади рыда.

Уахсиҭ аспорт инаҷыдангьы амузыкагьы  ицааиуеит, афортепиано дыхәмаруеит К.В.Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ аҟны ахԥатәи акласс аҿы аҵара иҵоит. Англыз, аҭырқәа бызшәақәа  иҵоит, дрызҿлымҳауп. Хазы,  аматематика амаҭәаргьы  гәцаракрыла дазыҟоуп. Уи иажәақәа рыла, аспорт дазҟазаны  мацара акәымкәан, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны идыррақәа рыҩаӡара  аизырҳара  дашьҭоуп.

Нарҭаа дуқәа рхылҵшьҭра, репос аҟнытә иаагоуп Уахсиҭ ихьӡ. Хаҭала, иара дызхылҵшьҭроугьы зыхьӡ-зыԥша нагоу  уаауп. Аԥсуаразы еснагь иқәԥоз, Леон иорден занашьоу Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Мирод Гәажәба имаҭа иоуп Уахсиҭ.
Аԥхьаҟа, Уахсиҭ изеиӷьаҳшьоит Нарҭаа рыхьӡи иабиԥареи  дрыԥсахарц, ҳиргәырӷьаларц еиҳау аиааирақәаи аихьӡарақәеи рыла.

А. Хәырбыц-ԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image