Сентиабр 27, 1993 шықәса рзы аҕа хәымга инапаҟны иааганы имаз аҳҭны-қалақь Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
Аҟәа ахақәиҭратә бираҟ ахашәыршәырырц азы ажәыларақәа нап дыркын сентабр жәаф инаркны. Жәеиза мши ҵхи ицон ажәыларақәа аҳҭны- қалақь ахақәиҭтәра амш арааигәатәразы. Иҭахон аҵеицәа, аӡәзаҵәқәа, ашьаарҵәыра илагылан ҳаҧсадгьыл. Аха, ҳҵеицәа гәымшәақәа, шьаҿа шьаҿа, ргәы меиҭаҧа Аиааира амш иазықәҧон. Зегь реиҳа иуадаҩыз акәын, аибашьра аилгара мышқәак шагыз, ҳаҷкәынцәа, ҳҭыҧҳацәа рҭахара.
Аҧсуа жәлар рзы сентиабр 27 ахаангьы иҷыдоу рыцхәны иаанхоит. Ҳақалақь Аҟәа – ҳхьыршәыгә, знык ахы ианақәиҭыртә ҳаҷкәынцәа, убасҟан идырхахьан Аиааира амшгьы оумак шагмыз.
Иахьа, ҳақалақь Аҟәа иахашәыршәыруеит аҭынчра абираҟ. Уи зыбзоуроу ҳфырхацәа хашҭра рықәымзарц, рҿаҧхьа ихырхәан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц «Ахьӡ аҧша» апарк ахь инеит Аҧсны Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсны Анацәа Рхеидкыла, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа уҳәа аӡәырҩы.
Агәалашәаратә мшы ашҟа имҩахыҵыз ҳветеранцәа ракәзар, урҭ даара ирцәыуадаҩын аибашьра ашықәсқәа рзы ирхыргаз атәы алацәажәара.Избанзар, ари амш ауаҩы избжа ангәырҩо избжа ангәырҕьо мшуп.
Гәырҩала зыҧсҭазаара мҩасуа, зыблақәа алаҕырӡ иҭнаблаахьоу анацәа ҳанрыҿцәажәоз иазгәарҭеит дара рзы Аҟәа ахақәиҭтәра аҵак дуӡӡа шамоу. «Ҳар жәылеит ҳәа ансаҳа сентиабр жәаф рзы, сынҭагыланы сқәит Аҟәа ргаанӡа аӡи акаҳуеи рыда акгьы сҿы ишҭасымҵо ҳәа. Ус иагьыҟасҵеит, Аҟәа ахы иақәиҭтәуп ҳәа саҳаанӡа»,– лҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Алмас Қапба иан Фируза Қапба. Уи лажәақәа рыла ажәабжь анлаҳа лызхара дҵәыуеит.Уи дагьгәырҕьон, дагьгәырҩон. Зегьы реиҳа лгәы лзырхьуаз акы акәны иҟоуп лыҷкәын Аиааира амш дахьахьымӡаз.

