АХҬЫСҚӘА

Ақалмышь аӡыргаҩ

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан инхо Мадина Ашәԥҳа абар, 30 шықәса ҵуеит  ақалмышь иалхны аџьынџьыхәеи  ақалмышьрҩеи ҟалҵоижьҭеи. Аибашьра ашьҭахь аамҭақәа анымыриамыз, ахныҟәгара аныцәгьаз, ҩыџьа лыхшара рааӡара, анылцәыуадаҩха лгәы иҭалкит илылшоз уск напы алыркырц,  илыӡбеит ақалмышь иалхны аџьынџьыхәеи ақалмышьрҩеи аҟаҵара.

«Аџьынџьыхәеи  ақалмышьрҩеи ииашаны амарҭхә аилаҭәара санду лҟынтәи сан лахь ииасит, сан лҟынтәи – сара сахь», - лҳәеит зус иазҟазоу. Акәама-ҵама шацугьы, Мадина илыллыршеит лнапкымҭа рыларҵәара, илыдҵаало иалагеит ачарақәа рзы, еиуеиԥшым аныҳәақәа раан.  Ашьҭахь ааԥхьара лырҭеит лаалыҵ аӡыргаразы «Гәыма» имҩаԥысуаз ацәыргақәҵахь. Убра Мадина лнапкымҭа агьама рбеит Аԥсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа. Аџьынџьыхәа агьама збаз даара иргәаԥхеит. Абасала, маҷ-маҷ Мадина лнапкымҭа Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа иалагеит.

«Аџьынџьыхәа аҟаҵара акәама-ҵама маҷым, ауаа ианрыдугало ахаҭабзиара ҳаракызароуп. Сара сзы ари аус даара ԥхаррак аҵоуп, сан лгәалашәара иадысҳәалоит, лҭаацәа, асасцәа, ахәыҷқәа рзы ианыҟалҵоз сан лажәақәа  еснагь исгәалашәоит:  «умыццакӡакәа хаа­-хаа абзиабара аҵаҵаны», – лҳәоит Мадина. Раԥхьаӡа аусура еицалагеит ланхәыԥҳа Марина  Кьентабеи лареи. Ԥыҭраамҭак аус еицыруан, нас рҽеиҩыршеит,  доусы иахьынхоз рҭыԥқәа рҿы русура иацырҵеит. Аха дара ирыбжьаз  аԥхарра иахьагьы ирыцуп. Аахәаҩцәа иаҿарҵоз аалыҵ аҟаҵара данахьымӡо Марина уи длывагылоуп иахьагьы.

Ҳаргьы ҳахьлыдылкылаз ланхәыԥҳа лыҩноуп. Ашҭа ҳанҭала нахыс аӡахәақәа ирҿаз ажь афҩыхаа иаразнак ҳԥынҵа иҭасит. Лнапкымҭа ҳзеиҭаҳәара адагьы ишыҟарҵоз ҳлырбеит.

Раԥхьа амца иахакны илыршит зыфҩы лаҳа-лаҳауа иҟаз ажь еиқәаҵәа иалхыз ашәырӡ. Еилырхуа иалҭеит ашылагәӡа,  маҷк ашьақар, еиԥҟьарада иаҵшьуа еилалҭәаз амарҭхә хаа-хаа еилашуа мацара илуит ақалмышь. Нас, асаан ԥшӡақәа ирынҭәаланы акакан хыхны иақәлыԥсеит. Уи ашьҭахь аҟаза иаҳлырбеит ақалмышь иалхны ишыҟарҵо ақалмышьрҩа. Аџьынџьыхәа аҟаҵараҟны заанаҵы ирыԥхны илымоу акакани арасеи ақалмышь хынтә-хынтә иӡаалшьуеит, нас инаганы  икналҳауеит арҩаразы.

Зхаҭабзиара иагым  аџьы­нџьыхәа ԥхасҭахаӡом, арҩашьеи аҵәахышьеи ииашаны иудыруазар. Санхәыԥҳаи сареи иҟаҳҵо ҳаалыҵ амарҭхә иаҳҭо  шеиԥшугьы, ргьама хазуп», – лҳәоит, уи дԥышәарччо.

Мадина дрылахәхахьеит Урыс­тәыла имҩаԥысуаз ацәыргақә­ҵақәа  маҷымкәа, лара аӡәк лоуп аџьынџьыхәеи ақалмышьрҩеи ицәыргақәызҵаз.

Ааигәа Аԥсны Аԥыза-министр Владимир Делба дылҭааит лара лаалыҵ ахьыҟалҵо  Кәтол ақыҭан. Мадина Ашәԥҳа 30 шықәса раахыс лусураҿ ицәырҵуа  ауадаҩрақәа иаартны иалҳәеит реицәажәараан. Лымацара лымч ақәхом, анапы рацәа аҭахуп. Иахьазы лымацара дыҟоуп. Аус ахьылуа лмаҵурҭаҿы аҭыԥ ҭшәоуп, уи иацҵан аҟаҵара аԥара маҷымкәа иаҭахуп.  Аҳәынҭқарра аҟынтә ацхыраара лырҭар, дақәгәыӷуеит лус аизырҳара. Владимир Делба агәра лиргеит уи азҵаара анагӡара дшацхраауа. Уажәшьҭа Мадина лџьынџьыхәа агьама здыруа рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟоуп ҳаргьы. Уи лнапкымҭа атәы аҳәара даара иуадаҩуп  агьама зымбац рзы. Ҳанцозгьы напҭацәы ҳалмышьҭӡеит, лбренд  зну ақьаад ԥшӡа илаҳәаны лнаплых ҳамҭас иҳалҭеит. Мадина лнапы злаку лус аҿы илзеиӷьаҳшьап  аманшәалареи лыгәҭакы анагӡареи.

Марҭа Гәарамиа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image