АХҬЫСҚӘА

Аԥсны аԥсыӡааӡаратә нхамҩақәа гәарҭоит

Аԥсны аԥсыӡааӡаратә нхамҩақәа гәарҭоит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Перцхьелиеи Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рахь аусуратә ныҟәара мҩаԥыргеит, уи хықәкыс иамоуп 2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара иазку Аҳәынҭпрограмма алахәхара иашьҭоу аԥсыӡааӡаратә фермақәа рҭагылазаашьа хаҭала ахәшьара аҭара.

Азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахеит ԥхынгәымза алагамҭазы.

Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала иаԥҵоу акомиссиа аҭыԥқәа гәарҭоит: адгьыл аҭагылазаашьа зеиԥшроу инаркны аарыхратә мчхарақәа разыхиара аҟынӡа.

Гәдоуҭа араион анапхгара аҭааит Даур Мишьелиеи (Жәандәрыԥшь ақыҭа), Дырмит Ҳаразиеи (Џьырхәа ақыҭа), Анатоли Ҳагәышьи (Калдахәара ақыҭа) рынхамҩақәа. Урҭ ицәырыргаз апроектқәа аҳәынҭпрограмма алахәхара аҭахрақәа ирықәшәом.

Гагра араион аҿы азҿлымҳара рыҭан аус зуа анаплакқәа, Гьачрыԥшьи Цандрыԥшьи аҳаблақәа рҿы иҟоу акалмаҳааӡарҭатә нхамҩақәа «Абраскьыли» «Христофори», урҭ рнапхгаҩцәа абизнес арҭбаареи аизырҳареи рзы аҳәынҭқарратә субсидиақәа ирықәгәыӷуеит.

Агәаҭара алҵшәақәа рыла аихшьаалатә лкаақәа ҟарҵоит. Аԥаразоужьра зауа изы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа аднакылоит аицлабратә комиссиа.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image