Лаҵара 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра араион аҟны – аӡхыҵра

Рашәарамза 13 азы иҟалаз ақәоура бааҧс иахҟьаны араион аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Ахада адырра ииҭеит арыцҳара ахьыҟалаз аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы: «Уажәы амашьынамҩа аартуп, хырхарҭа ԥсахрала аусура цоит. Рыцҳарас иҟалаз, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп».

Аминистр иара убас иҳәеит Москвеи Санкт-Петербургынтәи иаауаз Гагра аҳәаа Цандрыԥшь араион аҟны ишгылоу, аԥсшьаҩцәа ракәзар, агәҭынчымра шаадырԥшуа. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра анапхгаҩы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит апассаџьырцәа ацхыраара шрырҭо, амикроавтобусқәа рыла дасу иахьцоз ақалақьқәа рахь ишырго. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны шьыжьаахыс аҭагыла­заашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуцәеи акоммуналтә усбарҭақәеи амҩақәа дрыцқьоит. Уи иабзоураны ҩ-сааҭк раԥхьа амҩа аартра алыршахеит, амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит. Ахада аҭагылазаашьа ҷыдала дахылаԥшуеит.


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра ақалақь аҿы акоммуналтә маҵзурақәеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрреи рхаҭарнакцәа алархәны анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигоит.  Уи ашьжьымҭан Гагра араион аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи араион иаиуз азарал заанаҵтәи аихшьалақәеи рызҵаарақәа ирызкуп. Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа излауала ирласны аихамҩа ала аныҟәара аларгареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьазы есыҽны адырра иҭареи рзы адҵа ҟаиҵеит.  

Иара убас иҷыдоу акомиссиа аԥҵоуп. Уи иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны араиони уи ауааԥсыреи ироуз азарал ахәшьара аҭареи иақәнагоу аԥарақәа рызшәареи ралыршара хыдҵаны иамоуп. Убас, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иҟалаз иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рҟынтәи ааха зауз ауааԥсыра ирызшәаз рзеиԥш еицҵалыҵ 300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.


–Рашәара 14 ашарԥазы иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны, – иҳәеит Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Агрба Витали Едуард-иԥа, – Кьистрики Аӡлагаркеи рҳәаақәа ирхыҵит. Аԥхасҭа зауз ауаа рацәаҩуп, иахьазы 32-ҭӡы ыҟоуп. Уажәы Гәдоуҭа араион Ахадареи аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аҭыԥантәи аҟәшеи ҳареи ашәҟәқәа реидкылара ҳаҿуп, иҭаҳҵаауеит. Аԥхасҭа зауз ацхыраара ирыҭатәу, иахьрыҭатәу еилҳаргоит, ҳахәаԥшуеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me