Аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагыла, шьаҭанкыла ҳақәхра ргәы иҭакны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла ҳҵеицәа гәымшәақәа ҳаԥсадгьыли ҳажәлари реиқәырхаразы аӷа хәымга иҿагылеит.
Аԥсны ахьчаразы игылаз аҵеицәа ирывагылеит Ҭхьына ақыҭа иааӡаз аҵеицәагьы. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны иналагылеит аибашьра. Аибашьра иацу ауадаҩрақәа шыцәгьоугьы, бџьарлеи џьаԥҳанылеи ишеиқәшәамызгьы, афатә-ажәтә шрыгызгьы, ақыҭа ԥшӡа аҵеицәа иашақәа ирылымшозгьы рылыршаны рыԥсадгьыл рыхьчон. Иҭахон иреиӷьыз аҵеицәа. Убарҭ аҵеицәа лашақәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан 16 шықәса зхыҵуаз ажәабатәи акласс аҿы аҵара зцоз Дима Уанка-иԥа Қәҭарба.
Ҭхьына ақыҭа инхоз Уанка Қәҭарбеи Нуца Аӡынԥҳаи рыҩнаҭаҿы ирызҳауан аԥеи аԥҳаи. Аҵара иҵон Ҭхьынатәи абжьаратә школ аҿы. Иан Нуца лажәақәа рыла, Дима даара згәырҵҟәыл бзиаз ицыхцыхыз арԥысын, аҵарагьы бзиа ибон, иагьицааиуан. Насгьы дрылан еиуеиԥшым акружокқәа, бзиа ибон ашьапылампыл асра. Аамҭа аниоулак иҩызцәеи иареи ашьапылампыл иасуан. «Саргьы анык лаҳасабала даара сихӡыӡаауан, дзаҵәын, машәыр ихьыр ҳәа сшәон, азаҵәқәа ртәы шәымдыруеи нан, усҟан сыхгьы-сыгәгьы иҭамызт ари ахлымӡаахра сналагылоит ҳәа», – дцәажәон абырг лыбжьы хааӡа, хрыжь-хрыжь, зыблагәыӷрақәа уажәы-уажәы лаӷырӡыла иҭәуаз ан ахцәышла.
Шьыжьык ишыҟаиҵалац еиԥш, аусҳәарҭахь дахьынхалаз, иаҳаит аибашьра ишалагаз, иԥси-иԥси еихьымӡо ҳашҭа даақәыххит дшәаҟьаны. «Иухьи, нан, бзиароума ҳәа снаиазҵааит», – лҳәеит Дима иан. «Сан аибашьра иалагеит, ақәыԥш инаиркны абырг иҟынӡа зегь аҽеизгара иаҿуп, абџьар змоу зегьы еизахьеит, саргьы срыцны сцоит», – иҳәеит Дима. Иблақәа ирхызымбаалеит шәарак. Аха егьа ус акәзаргьы, дхәыҷуп, игәы шԥамеиҭаԥари ҳәа агәыӷра сыман, аха уи сара сгәаанагара акәын, иара даҽакын игәы иҭаз, – лылабжышқәа аахаҟәҟәалеит.
«Уара узаҵәуп, нан, уда дҳамам, уабгьы дбыргуп, насгьы ухәыҷуп», – дысзаанкылозар ҳәа хаа-хаа снаиацәажәеит, аха сажәа салгаанӡа инасымидеит. «Сан, сбыхьчар, егьи лԥа длыхьчар, нас еибашьуада, ҳазлариааирызеи мчыла, иҳақәлаз ҳаӷацәа, нас аибашьра еилгар зны бласы ицәыраҳгозеи ҳауаажәлар рҿы», – даара узырхәыцша ажәақәоуп зықәра маҷыз, аха ахара иԥшуаз арԥыс изы. «Аиаша шәасҳәап, азныказы исҳәо сҿамшәеит, избоит дышсызнымкыло, иҟасҵагәышьоз, ишысцәыуадаҩызгьы, уаҳа жәак наиамҳәаӡакәа, дныҳәа-ныԥхьаны ашҭа дыҭсыжьит, – лҳәоит ан.
Аԥсуа еибашьцәа днарывагылеит. «Дима убриаҟара дыццакын, ҳара ицеибашьуаз машәыр ҳацәихьыр ҳәа ҳшәон, дыргьежьны аҩныҟа дҳашьҭырц егьарааны ҳҽазԥаҳшәахьан, аха иуамызт, дҳашьҭыргьы иара дхынҳәуан», – иҳәеит ицеибашьуаз Витиа Шамба. «Сара Аԥсдгьыл азоуп сзеибашьуа», – иҳәон Дима.
Ицон аибашьра, еиҳа-еиҳа рыҽдырӷәӷәон ҳаӷацәа, ихьчатәын ҳхәышҭаарақәа, ауаҩы игәы анҭрысуаз аамҭа ҳҭанаргылеит, аха абри арԥыс зныкгьы игәы меиҭаԥеит, хацәнымырха иуалԥшьа наигӡарц даҿын. «Зны-зынла убри аҩыза агәаанагара сызцәырҵуеит, дышԥаҟаларыз иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы», – иҳәеит ицеибашьуаз иҩыза Вахтанг (Вахта) Лорҭқиԥаниӡе. Усҟантәи амш еиқәаҵәақәа раан Ҭхьына ақыҭа иалиааз аҵеицәа иашақәа Дима иҩызцәа аҵеицәа ҟамлазҭгьы иҳалшарызма мчылеи хыԥхьаӡаралеи иҳаиҳаз риааира алыршара, аиааира гатәын, Аԥсны ҭарцәтәын.
Џьаԥҳаныла еиқәшәамызт ҳаибашьцәа. Дима «агико» ҳәа изышьҭаз аибашьыга акәын иикыз, иалшарыз усҟантәи аамҭазы ари еиԥш иҟаз аибашьыга, аха иара убри дақәгәыӷуан, гәыҵхас имаз ирласӡаны Аԥсны ахаиқәиҭтәра, Аиааира агара акәын.
«Дима Қәтарба иҳаблаҿы ирацәаҩуп абџьар шьҭыхны еибашьуаз, зегьы дреиҵбын, аха иара ҳицәшәон еицыз зегьы. Раԥхьа ауахәамаҿы ҳтәан, ацҳаҿы «акислород» балон ҳаддыртәалеит, атанкқәа ииасуазар иԥаҳжәарц, шәаргьы шәашьуеит аха иԥыжәымжәар ауам ҳәа ҩыџьа-ҩыџьала ҳтәан. Нас ҳаиаргеит Ларҭқомиаа рҳаблахь, уаҟагьы мызкаҟара ҳаҟан, ашьҭахьы ҳаиаргеит Аџьажә ақыҭахь. Ауаҩы егьа игәы ӷәӷәазаргьы, угәы еиҭамԥар залшомызт, убри аҩыза аибашьра еилашуан. Убратәи ажәылараҿ иҭахеит командирс иҳамаз Мишка ҳәа зарҳәоз Кәыркәынаа, Дима Гогиа, Аслан Воуба. Абарҭ зегьы Ҭхьынаа рыҷкәынцәа ракәын, убри ажәылараҿы саргьы срылан», – игәалаиршәоит аибашьҩы Оҭар Шәбақьиа.
Ҽнак Дима иаб Уанка аусҳәарҭахь днеит: «Иуам, дысзынкылом, ицеибашьуа иҩызцәа дрыхьчарц азы уахьынтәи даарышьҭуеит, ара данааилак дыбналаны дцоит, иику абџьар аибашьразы акгьы иаԥсам». Усҟан абџьарқәа раахәаразы ақыҭаҿы ирымаз, хәы змаз, ахьқәа уҳәа рҭиуан ақыҭауаа, абџьарқәа рыла аибашьцәа реиқәыршәаразы. Дима иҭаацәагьы ус иҟарҵеит, ахьқәа ирымаз ҭины рыҷкәын дызлеибашьыша «автомат» изаархәеит, аха абџьар акра иара илахь ианымзаарын.
Аԥсны ахақәиҭраз ажәылара цон, аибашьра еилашуан, еиуеиԥшым бџьар хкыла ижәылон ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, урҭ еиҳа-еиҳа иааигәахон. Джәылеит ԥхьаҟа, шықәсыла имаҷыз, аха гәыла ихаҵаз Дима Қәҭарба. Убри акәхеит, аӷа хәымга иҭирҟьаз ахы цаҳә-цаҳә аибашьҩы иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Издыруадаз, ҵлак днавагылазҭгьы иҽыныԥхьеикызҭгьы дынхаргьы, аха уи аҩыза иҷыдаҟазшьамызт аԥсуа ҷкәын. Дҭахеит абҵарамза 4, 1992 шықәсазы Аџьажә ақыҭа. Убри аҽны дивыршьааит Вадик Шамба, ахәра иоуит иахьатәи ҳаиҿцәажәара иалахәу Витиа Шамба.
Аибашьҩы анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Ҭхьына. Дима Уанка-иԥа Қәҭарба ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал. Иахьа иԥсы ҭаны иуаажәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуан 50 шықәса. Дима иеиԥш иҟаз аҵеицәа иашақәа ирыхьчеит рыԥсадгьыл шьала икәабаны.
Аамҭа цоит, ирызҳауеит аҿар хазына, ишәҭуеит Аԥсны ԥшӡа, аха иаанхоит агәалашәарақәа, ԥсыуак дыҟанаҵы хашҭра рықәым иҭахаз аҵеицәа. Урҭ рыхьӡ наунагӡа хьтәы нбанла аҭоурых иазынхоит.
Марҭа Гәарамиа

