Аԥсны аҭоурых ду змоу ажәлақәа иреиуоу – Маршьанаа рабшьҭра рнысымҩа ашәышықәсақәа иргәылсны иаауеит, ҳажәлар рзы аҵакы змаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирыларсуп, иузаҟәымҭхауагьы ирыдҳәалоуп.
Убасоуп аԥсуа шәҟәыҩҩы Витали Амаршьан илахьынҵа шыҟоугьы. Ааигәа диижьҭеи 85 ш. ҵит.
Аԥсуа доуҳатә культура дахәҭакуп, амилаҭтә литература аҿиара амҩа ихьӡ наунагӡа иазынижьит илшамҭақәа рыла, ирҿиаратә ҭынха еицакра зқәым баҟаны иҟазаауеит. Уи баша ари адунеи дықәнамгалеит. Маршьанаа рда-ршьа далҵит. Ҳазшаз иҟныт́ә имариам аразҟгьы ианашьан.
Дац-ԥашәла, даракәацла ари адгьыл аҟны аԥшәмара ашацәа заҿа ианырҵахьаз ирхылҵыз аҵеи абаҩхатәра ҷыда иаҭәаршьеит. Аԥсадгьыл шәышықәсала ахьчара ашьа азказҭәоз ажәлантәқәа Аԥсны адгьылҵакыра ахьӡ ацәмырӡразы, иаԥсуааны рыдгьыл гәакьа иқәзарц, аԥшәмара зегьы иреиҳаны изшьоз, иаҵанакуаз еилызкаауаз иреиуаз абшьҭра дырхылҵит, Аԥсадгьыл ахьчараан еиԥш, доуҳатә мчхарак ҟәадас иднаҵеит, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы А.Гогәуа ишиҳәахьоу еиԥш, «иара ахаҵкы, ажәа» амаҵ аура. Ҵоуп, ари зегьы иауриҭахуа. Аха В. Амаршьан иԥсадгьыл аҭоурых данԥшылауа ацәгьеи абзиеи анеиҿирԥшуаз, ашьаарҵәыра аиԥш, иҟан аиааира, ҳажәлар шәалҟьамрак анрызкылԥхоз. Уи иаӡбон, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш, еиқәнархон, рыдгьыл аԥшәмара рыцәнарӡуамызт, ҩаԥхьа аҿиара амҩа рзылнахуан.
Абасала дазхәыцуан ашәҟәыҩҩы ажәа ашҟа данымҩахыҵуаз, апоезиаҿы аиԥш, апрозатә ҩымҭақәа данрызхьаԥшуаз. Иабшьҭра рҭоурых Аԥсны аҭоурых акәын, иԥсадгьыл аҭоурых иабшьҭра ирҭоурыхын. Жьи-напхыци реиԥш иузеиҟәыҭхомызт. Абас иҟан XIX ашәышықәсаан, ХХ ашә. аангьы ус акәхеит.
В.Амаршьан ахаангьы ахӡыргара дашьҭамызт, ихьӡ злардыруаз, изларылаҵәоз ирҿиамҭақәа рыла акәын. Аԥхьаҩцәа рхы-ргәы аҟынӡа инеиша ҩымҭак изаԥҵар, иара изы жәҩангәашәԥхьаран. Идыруан уи аԥхьара адагьы, абызшәа абеиара зныԥшуаз иҩымҭала, даҽазныкгьы ишазирхәыцуаз хатәы бызшәала иаԥҵоу аԥсы шҭоу, уи шшьаҭамырӡгоу, ҳажәлар рԥеиԥш анарха азҭо ишыруаку. Апоезиатә рҿиамҭақәа рҟны абри зегьы убарҭоуп. Ажәа азҟаза идунеи зҽазааигәазтәуа ихьышьҭра дазхьанарԥшуеит, иаԥсуара дахӡыӡаалоит, имилаҭ хдырра шьҭнахуеит. Ипрозатә рҿиамҭақәа рҟны еиҳагьы инарҭбааны, инарҵауланы ургәылаирԥшуеит, баҩхатәрала ацәыргашьагьы дақәшәоит аԥсуа идунеи, доуҳала ицу, иныҟәиго, деибаркны дызмоу амыругақәа зегьы. Ҳажәлар рҭоурых иазикыз ракәзар, аҭоурыхтә роман «Аԥсҳа» аԥхьа инаргыланы, Аԥсны иахҭнагахьоу, аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылаз аамҭақәа рҟәыҵәақәа аазырԥшуа арҿиамҭақәа рыла ҩаԥхьа аԥхьаҩ игәалаиршәоит, дазирхәыцуеит амилаҭ жәларҵас ианышьақәгыла нахыс Аԥсадгьыл уасхыр ӷәӷәаны ишыҟоу, аԥсуа жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, Аԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡуеит, ахатәы бызшәа налаҵаны.
Ашәҟәыҩҩы изы ауаҩытәыҩса зегьы дреиҳауп. Иара иоуп изхьыԥшу Аԥсадгьыли ажәлари рԥеиԥш. Абри ахшыҩҵак ала ижәлар ргәырҽаниҵоит, рынарха ӷәӷәазар иҭахуп.
В.Амаршьан ирҿиара иахцәажәахьан, ахәшьара арҭахьан ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи: Б.Шьынқәба, Ш.Инал-иԥа, О.Бӷажәба, Ш.Ҵәыџьба, В.Аҵнариа, Ш.Салаҟаиа, Р.Қапба, П.Бебиа, Е.Шьаҟрыл, Р.Лашәриа, Б.Басариа, Ф.Искандер, С.Наровчатов, Б.Леонов уҳәа.
ХХ ашә. аангьы ҳажәллар рзы ахынҭаҩынҭарақәа рацәан. Асовет аамҭа аҟәҵәа ҳазааҭгылозар, аҭынчреи аибашьрақәеи рҽырыԥсахуан. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа шеивҵоу еиԥш, аамҭа ҿыц иаанагаз аҭышәынтәалара ҳажәлар рыбӷа еиҵнахуан, абиԥара ҿыцқәа еиҵагылон, адоуҳатә культура аҿиара амҩа ианылон. Аха ишнеи-шнеиуаз арыцҳарақәа, харада ахара рыдҵаны иреиӷьыз аҵеицәа рырӡра, ҳажәлар рбызшәа ашәарҭара ду аҭагылара (ашколқәа раркра), аибашьра ду, зықьҩыла рхы ақәҵаны Аиааира алыршара, ҩаԥхьа аҭынчра, аха ҳажәлар рхеиқәырхаразы ҵыхәаԥҵәарада ақәԥара…
Анаџьалбеит, зхыԥхьаӡара рацәам ажәлар шаҟа рыларыгӡазеи, шаҟагьы рылдыршазеи Аԥсадгьыл аҟны аԥшәмара рымпыҵамӡырц.
Абас мацара ишааиуаз, Қырҭтәыла Аԥсни аԥсуааи рахь имҩаԥнагоз амилаҭеилыхратә политика ҳажәлар аҿамгылар рԥеиԥш рнапала аҿаҟәара акәын иаанагоз. Ари анышәашьа рымамызт. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа реибарххара иаахтны аиҿагыларахь икылнагеит, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар абџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, аибашьа ҵысит. Аԥсны анапхгареи ҳажәлар рҵеицәеи ақәылаҩцәа ирҿагылеит, ҩаԥхьа аҟазаареи аҟамзаареи инрыбжьагылеит.
Ҳажәлар жәашықәсала рмилаҭтә зинқәа рзы рықәԥара иабзоураны, ҩнуҵҟала ахеиқәырхара иазхиан. Еиҵагылаз абиԥара ҿыцқәа рабацәеи рабдуцәеи ззықәԥоз аус ԥшьа иацәхьаҵуа ҟалашьа амамызт. Аԥсуа доуҳатә культура иалиааз, рыхшарагьы Аԥсадгьыл абзиабара рыларааӡон. Ашәҟәыҩҩцәа рыхшара еиҳагьы ирныруан амилаҭеилыхратә политика ахҟьаԥҟьақәа. Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, ашәҟәыҩҩцәа рыхшара аӡәырҩы рҩызцәа инарылагылеит. Аха аибашьраҿы, аихьӡарақәа реиԥш, ажәыларақәа раан ианрықәымҿиозгьы ҟалон. Убас шакәызгьы, уи гәкажьра рнаҭомызт, Аԥсадгьыл ахақәиҭра дара рзы иԥшьоу усын.
Убас, Аԥсадгыл ахьчара дналагылеит абџьар шьҭызхыз, агәеиҵамха, ашәҟәыҩҩы иԥазаҵә Беслан Амаршьан. Маршьанаа рыҩнаҭаҿы ииз, иааӡаз аҵеи лаша даныҩеидас нахыс даараӡа узықәгәыӷша, Аԥсны аҿиара иаҵагылаша, ԥхьаҟа иназгаша дыруаӡәкны ишизҳауаз убарҭан. Убасала акәын ишақәгәыӷуаз иҭаацәеи аешьареи.
Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыртә хьӡы занашьаз (2014 ш.) В.Амаршьан диижьҭеи 85 ш. аҵра арыцхә уаназааҭгыло, даҳгәалаҳаршәоит иаԥсаны зыжәлар ирылагылараны иҟаз иԥа Беслан Амаршьан, еиҳаракгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира 33 ш. ахыҵра азгәаҭараан. Уи фырхаҵарыла, хьыӡла-ԥшала Аԥсадгьыл ахьчараан дҭахеит 1993 ш. ноиабр 3 рзы. ианашьоуп Леон иорден.
В.Амаршьан ироман «Сбааш хьыҵәцара» аҟны дызлацәажәо ахҭысқәа, еиҿыбаау аамҭақәа акырӡа инарҭбааны иаарԥшуп. Автор иҩымҭа аибашьреи аԥсадгьыл ахьчареи рыќәша-мыкәша дыззааҭгыло, ицәыриго, зегьы узеиԥшны иузудкылом, убасҟак ажәа азҟаза ибаҩхатәра аҽаанартит. Ҳажәлар рықәԥара, Аиааира амш азынӡа ирхыргаз даҽа ҟазшьак ала дазнеит, даҽа блак ала ургәылаирԥшуеит. Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа ирыдҳәаланы дызлацәажәо акырӡа рыҵаркуеит, аԥхьаҟатәи абиԥарақәа иранаҳәо рацәахоит.
Аҵарауаҩ ду Ш.Инал-иԥеи ашәҟәыҩҩи Аиааира ашьҭахь ианеиқәшәа, «Ҳаблит, дад, уаргьы саргьы ҳаблит», иҳәеит апрофессор Ш.Инал-иԥа (иҷкәынзаҵә Адѓәыр Аԥсадгьыл ихы ақәиҵеит). Убас, иҭахеит ашәҟәыҩҩцәа Б.Гәыргәлиеи А.Аргәыни рҵеицәа, хабарда дыбжьаӡит апоет Т.Аџьба.
Мшаҽнеиԥш, В.Амаршьан иԥа Беслан ихьӡ дазгәдун, аха дахьҭахаз хьаа дуны ицын, избанзар идыруан, ӷәӷәала иныруан аԥсуа ҩнаҭак абшьҭра иацызҵашаз аҵеи иҟамзаара. Аха игәы еиқәиҳәалон Аԥсны Аиааира ахьаҭәашьахаз даназхәыцуаз, ҳажәлар рҵеицәа баша ишҭамхаз ангәааигӡоз. Ш.Инал-иԥа ишиҳәаз еиԥш, дыблит ашәҟәыҩҩы, дбылуан ԥсраҽнынӡа. Убри аамҭазы иҽаҵамырхакәа аҩымҭа ҿыцқәа аԥиҵон иԥсҭазаара аҵыхәтәант́әи амш азынӡа, иҩыга калам нкашәаанӡа. Ари қәԥаран, ҵыхәаԥҵәара змаӡам қәԥаран иара изы. Иԥа Беслан изкны жанрла еиуеиԥшым аҩымҭақәа аԥиҵеит. Иажәеинраалақәа руак аҟны иҟоуп ацәаҳәақәа: «Цәыкәбарк нахьысит ҩаԥхьа сӡамҩа, Ҿыц дыгәхьаазгеит с-Беслан!..»
Арҭ ажәақәа иаҳдырбрит арҿиаҩы иԥазаҵә иҭахара шрыцҳароу, аха иара изы уи ԥсра шиқәым, зыԥса ҭоу иеиԥш дшишьо.
Убас иҟалеит аби аԥеи иахьа ииасхьоу аамҭала иаҳгәалаҳаршәоит. В.Амаршьан еснагь агәра игон ашьаарҵәыра амҩа ианысхьоу Аԥсны аԥшәмара еснагь аԥсуаа рнапаҿы ишыҟазаауа. Агәрагара иман аибашьра ҟалаанӡа, аибашьраангьы, Аиааира ашьҭахьгьы. Абар, уи зырҵабыргуа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада изикыз Аԥсадгьыл ахьчарахь ааԥхьара ҟазҵаз иажәеинраала «Аԥыза» иагәылоу ацәаҳәақәа:
«Аҳаҳаи амарџьақәа, шәеиҵамхан,
Аӡә ухьамҵын ушәаны!
Зыԥсадгьыл аҵеира уажә иаԥсамхаз,
Ахаан дҟалашам даԥсаны!..»
Витали Џьота-иԥа Амаршьан иԥсҭазаара далҵит 2020 ш. март 24 рзы.
Вахтанг Аԥҳазоу

