АХҬЫСҚӘА

Ууалԥшьа уанаҵәхьамҵуа

Цәыббрамза Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҿы, Аиааира иацу  агәырӷьареи, рхынҳәшьа змам ацәыӡқәа ргәырҩа ҵаулеи ирымзоуп.  1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәараз»  амедал  занашьоу, аҩбатәи агәыԥ аинвалид Илона Џьынџьалԥҳа  иахьатәи аамҭазы  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аус луеит. Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа, лара жәаа шықәса зхыҵуаз ԥҳәызба қәыԥшын, ԥхьаҟатәи лԥеиԥш зегьы зыӡбоз амҩа алхра лзыԥшын. "Жәаа шықәса уанрықәу,  аибашьра закәыҵәҟьоу шузымдыруагьы, аибашьра уаналагылоу ауп  алкаа аныҟауҵо, аӡбамҭа анудыукыло", - лҳәоит лара. Илонеи уи лықәлацәеи рзы иаалырҟьаны излагаз  аибашьра, рқәыԥшра иацыз аҭынч гәазыҳәарақәа ԥыххаа иқәнаҵеит.

1992 шықәса нанҳәамза жәиԥшь рзы аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы игәы иаанагомызт,   Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол аушьҭымҭацәа, ауниверситетқәеи атехникумқәеи рҿы рҵара алагара иазыԥшын. Рықәра қәыԥш иахҟьаны, аҿар аҭагылазаашьа амҽхак зегьы рзеилкаауамызт, мышқәак рыла аидыслара аанкыланы аҭыԥ иқәҵахоит  ҳәа агәыӷра рыман. Илона Џьынџьалԥҳа илҳәоит  лара ишеилылкаауаз  аламала  аибашьра шеилымго, даҽаамҭанык  еиԥшымкәа Аԥсны азы ишхадароу амчқәа зегьы реидкылара, реизыркәкәара. Аибашьра ашьҭахь аамҭа маҷымкәа ишцахьоугьы, Илона Џьынџьалԥҳа  лзы акыр иуадаҩуп аибашьра ахҭысқәа рзыгьежьра, реиҭаҳәара, илывыршьааз лҩызцәа рыӡбахә алацәажәара. Лара илҳәоит  лдунеи аазырҳәыз хҭысны ишыҟалаз  илзааигәаӡаз,  милаҭла дахьаԥсыуаз мацаразы дыргәаҟны  ишьра.  Иара даараӡа дқәыԥшын, бџьарда дыҟан, иҭынхацәа ашәарҭара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынтәи рыхгара дшашьҭаз ауп  ақырҭқәа дышрымпыҵашәаз, ԥсышьацәгьагьы ирҭеит.  

Ирзааигәаз иҭахара аҵыхәтәантәи  акәаԥ аргылеит   аҭыԥҳа леиԥхьхәыцрақәа рҿы.  
«Сара аишьцәа гәаҟьақәа сымамызт, убри аҟынтә  Аԥсны ахьчара  хаҭалатәи уалԥшьаны исыԥхьаӡон. Сҭаацәа афронт ахь сшырмышьҭуаз здыруан, убри аҟынтә  маӡала аҩны иҳамаз ахәшәқәа зегьы ааизганы  шьапыла мацара Баслахәтәи  афронт  аҟынӡа снаӡеит 1992 шықәсазы»,-лҳәеит Илона Џьынџьалԥҳа. Абас иалагеит Мрагыларатәи афронт аҿы  Илона Џьынџьалԥҳа леибашьратә мҩа.  Афронт аҿы  ауаа разымхара еиԥш анырра ӷәӷәа ҟанаҵон   абџьари, ахәшәқәеи, амаҭәа ԥхақәеи рымамзаарагьы. 1992 шықәсазы аӡынра хьанҭан, метраки бжаки аҟынӡа асы леит , уи аҭагылазаашьа  еиҳагьы иаруадаҩуан. Избанзар,  Баслахә ашьхақәеи абнаршәырақәеи ыҟамызт,  аҭыԥ аартын,  зынӡа амца еилашуан. Аиҿахысрақәа раан ақыҭа хыхьтәи ҵаҟатәи ахәҭақәа рыбжьара аныҟәаразы аҽықәтәара аҭахын. «Аҽы сырҭеит ахәцәа ахьышьҭоу аҟынӡа еиҳа ирласны анеиразы»,-лҳәеит аветеран. 

Ԥхынҷәын 26 азы Қырҭтәыла аруаа афронт зегьы иахьаҵанакуа иӷәӷәоу ажәылара еи­ҿы­­ркааит. Ахәылбыҽханӡа иаа­и­ԥ­мырҟьаӡакәа имҩаԥысуаз аиҿахысраҿы  аџь­аԥҳаны нҵәеит. Аштаб аҿы иаанхеит  арезервтә цинктә  кәалапқәа, аха аибашьцәа ахьмаҷыз иахҟьаны, урҭ афронт ахь иаазгашаз даҭахын. Аштаб аҟынӡа аа-шә метра раҟара бжьан, зынӡа иаарту адәы иагәылган амҩа, аӷацәа ахьтәаз аҵаҟаҵәҟьа акәын. Илона аӡәгьы иамҳәаӡакәа, лара дҭазырхоз, аха лҩызцәа реиқәырхара иацхраауаз  ашьаҿы ҟалҵарц лыӡбеит. Аштаб аҟынӡа илулакгьы  днеины, ацинктә кәалаԥ хьанҭа лҟәаҟәа инықәыжьны, ддәықәлеит шьҭахьҟа. Ахыршәқәеи, абзарбзанқәеи рыԥжәара еиҳа иӷәӷәахеит, аха аибашьҩы лхы акәмызт дзызхәыцуаз, лара лзы ихадараз  дызҵаз абџьар лҩызцәа рҟынӡа анагара акәын. 

«Ҳкомандаҟаҵаҩ  дыҳәҳәон, быҽкажь ҳәа.  Исгәалашәоит  уаҟа мҿтәы хыбра хәыҷык гылан, саватәап аасгәахәит, аха уи аамҭазы иара иаахаз ахқәа иԥыххааса инықәырҵеит. Уи аҵх хьанҭазы, смедицинатә макәан хьанҭа сыԥсы еиқәнархеит – уи сган иадҳәаламз азы ахԥҽыхассақәа ааннакылеит»,-лҳәеит Илона Џьынџьалԥҳа. 

Лгәалашәараҿы инхаз ахҭысқәа дрылацәажәо,  аибашьцәа иахьагьы ианеизо иргәалашәаны изхыччо ҳәа иаҳзеиҭалҳәеит даҽа хҭыск. «Амла ҳакуан, афатә ҳамамызт. Ҩнык аҿы ачашылеи ахәша маҷки сыԥшааит. Сгәы иагьҭаскит ачаџьқәа ҟасҵарц. Аха, амца еиқәҵашьа ыҟазма. Иааҳакәыршаны аҳаракырақәа рҿы аӷацәа ықәтәан. Иагьа ус иҟазаргьы игәаӷьны амца еиқәысҵеит,  дук мҵыкәа ахысра ӷәӷәа ҟалеит, аха сара даҽа маҷк зегьы ирызхартә шысҳәоз салашыҩкзаап.  Сҩызцәа уажәы-уажәы ахысра иаҟәыҵны сызҿырҭуан сдәылҵырц. Ачаџьқәа сыӡуанаҵы аҩны абжеиҳара  рҟәыбахьазаап. Саргьы сындәылҵит  иаанхаз агангьы абзарбзан акәҳаит»,-лҳәеит Илона Џьынџьалԥҳа. Лара лажәақәа рыла аиҩызцәа анааизо иахьагьы урҭ ачаџьқәа алаф рхырҳәаауеит.

Илона илгәалалыршәоит  Мрагыларатәи  афронт Баслахәтәи ахырхарҭаҿы даҽа ԥҳәыскгьы дшыҟаз, уи Заира Кәакәасқьыр арратә усзуҩын, насгьы занааҭла дҳақьымын. Лҩызцәа ртәы далацәажәо, аветеран дԥышәырччо иазгәалҭоит  раԥхьаӡа  аибашьцәа хәыҷҵас  ишылхылыԥшуаз,  лыхьчара рыҽшазыршәоз. Асолдаҭцәа аԥшыхәра ианцоз , Илонагьы дыргарц дрыҳәон  аха дара ируамызт.  Уи моу акырынтә аҩныҟа ддыргьежьырц рҽазыршәахьан аха уи иалҵуамызт. Баслахәтәи ахҭысқәа рнаҩс, аветеран длафуа илҳәоит уи нахыс  ираҟароу еибашьҩык иеиԥш илыхәԥшуа ишалагаз.  Афронт аҿы ақәреи ахаҵара-аԥҳәысреи рҳәаақәа ирласны иӡуеит — ауаҩы игәымшәара мацара ауп уаҟа аус злоу лҳәеит,  Илона Џьынџьалԥҳа.

Гәымсҭатәи афронти Мрагыларахьтәи афронт аҿы иҟаз  аштаб хадеи рыбжьара аимадара шьақәгылан еиҳарак аверто­лиоттә еимадарала.  Аибашьра аҭоурых аҿы ихлымӡааху хҭысны иҟалеит  Лаҭатәи  атрагедиа. «Аҽны ҳҩыза ҷкәынак иҭаацәа аверталиот иақәиртәеит. Анцәа иџьшьоуп сахьӡеит ралгара, арҵәиԥрыга рақәыртәара ҳәа дгәырӷьон. Аха, анаҩс ажәабжь хлымӡаах ааҳалаҩҩит. Уи ихәаабжьы иахьагьы слымҳа иҭыҩуеит», лҳәеит лгәалашәара хьанҭақәа ҳацеиҩшо аибашьра аветеран. Убасгьы ахаан аветеран лгәы иҭнымҵәо хҭысны иаанхоит ҩ-фронтк реибашьцәа Кәыдры ацҳаҿы реиқәшәара. Макьанагьы агәрагара уадаҩын аибашьраҿы аиааира гоуп, Аԥсны ахы иақәиҭтәуп ҳәа. Иахьагьы  имӷьаӡо ахәрақәа исызреиуоуп мышкы-ҩымш Аиааира аҟынӡа изымнаӡаз. Ианамух, урҭ ззықәԥоз, зыгәра ргоз Аиааира рбаны иҭахазҭгьы еиҳа сгәы абаауан ҳәа азгәалҭоит аветеран.  Аибашьра анеилга ашьҭахьгьы шықәсык инарзынаԥшуа Илона Џьынџьалԥҳа аҭынч ԥсҭазаара дацәыхаран, лара ахьчара ахьаҭахыз аҭыԥқәа рҿы лҩызцәа дрывагылан. Аҭынч ԥсҭазаара акәзар, уи азыгьежьра даара иуадаҩхеит Илона лзы. Аибашьра иалҵыз изы иҟоу гәазыҳәарак ауп-аҭынчра, еиҵагыло аҿар дара ирбаз аҩыза иахаанымхарц. Аха, иахьа адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳбоит, иҷыдоу арратә аоперациаҿы аҭахара иаҿуп ҳҿар, урҭ рыбжьара  имаҷыҩӡам  ҳаибашьра зхызгаз ҳҩызцәа рыхшарагьы. 

Абар мышқәак роуп ибжьоу Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы зегь раасҭа ихадароу арыцхә-Аиааира амш цәыббра ҩажәи жәабанӡа иаанхаз. Ари амш иацуп агәырӷьареиԥш ахьаагьы. Ахьӡ-аԥша абаҳча сара сзы иԥшьоу ҭыԥуп. Уаҟа анышә иамадоу гәыҩбара рымамызт  аԥсуаа аиааира шырго азы, уи ҟаларц иқәԥон хмеигӡарада, гәкажьрада, рыԥсҭазаарақәагьы ақәырҵеит. Сара гәазыҳәарас исымоу изызҳауа аҿар рҭоурых рдыруа, рабацәа рфырхаҵара иаԥсаны, збызшәа пату ақәызҵо ракәны реиҵагылара ауп,-лҳәеит лажәа хырқәшо Илона Џьынџьалԥҳа.

 

Елана Лашәриа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image