АХҬЫСҚӘА

Асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазку ацәыргақәҵа «Европа ахы иқәиҭызтәыз» аатуеит ААУ аҿы

1944-1945 шықәсқәа рзы анацизм аилаԥыххаареи Европа ахақәиҭтәреи рҿы злагала дуу асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазку асахьаркыра-документалтә цәыргақәҵа «Европа ахы иқәиҭызтәыз» аартра мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы жьҭаарамза 9, асааҭ 11:00 рзы.
Аекспозициа шьаҭас иаиуит Европатәи аҳҭнықалақьқәа 13 рхақәиҭтәра иалахәыз афырхацәа рҭоурыхқәа.
 
2024 шықәса абҵарамзазы ихацыркхаз, уаанӡатәи СССР атәылақәа руааԥсыра злахәхаз аицлабра аихшьаалақәа рыла иалкаан 12-ҩык аиааира згази атематикатә викторинаҿы аиааира згази. Урҭ рфырхацәа рҭоурыхқәа шьаҭас ироуит 24 плакат, асахьа ҭихит Алексеи Криуков.
Аекспозициа ҷыдарас иамоуп уи аинтерактивтә формат. QR-код ахархәарала аҭааҩцәа ирылшоит асахьаҿы иарбоу 2500-ҩык асолдаҭцәа зегьы рҭоурых аилкаара, урҭ рыфронттә мҩеи рлахьынҵеи адырра.
 
Аекспозициа иалалеит Аԥснынтәи фҩык аветеранцәа рҭоурыхқәа: Ражден Лакоба, Шьаликәа Карчаа, Степан Баранов, Ардашес Мелетиан, Николаи Овсианников, Владимир Стрельников.
 
Апроект ӡырыргахьеит Урыстәыла арегионқәа 39 рҿы, иара убас Бишкеки Мински. Аԥсны ацәыргақәҵа аҵак ҷыда аанахәоит. Ажәларқәа ракзаара ашықәс азы уи анацизм иаҿагыланы еибашьуаз, азеиԥш иааираҿы злагала дуу Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы рхаҭарнакцәа рфырхаҵара аанарԥшуеит.
Ацәыргақәҵа еиҿнакааит аиҿкаара «Ԥсра зқәым Урыстәыла аполки» РОО «Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациеи», аиҿкаара «Аԥсны ҿа» ацхыраарала.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image