Аҳәынҭқарра ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа иаднакылаз аӡбамҭа аҭоурыхтә ҵакы шамоу.
«Ари ҳҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ихадоу хҭысны иҟалеит, аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара шьаҭас иаиуит. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы еиҿкаан инарҭбаау аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа. Иахьа уи анагӡареи ҩ-ганктәи аусеицура аринахысгьы аҿиареи алыршатәуп», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
️️
Аилацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра ахада адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рстратегиатә усеицура арӷәӷәареи, аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа рыла аинырра арҭбаареи, Аԥсны аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа ирықәшәо аԥшьгара ҿыцқәа раларҵәареи рзы аусура дырӷәӷәарц.

