Цыббра жәибжь рзы Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҿы, Аԥсны аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа лыпресс-конференциа мҩаԥысит.
Аминистр лнаҩсгьы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵон Аԥсны аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳаи, аҵара Аминистрра азеиԥшбжьаратәи, азанааҭтә ҵареи русбарҭа аиҳабы Гәында Гәымԥҳаи. Апресс-центр ахь ааԥхьара рыҭан атәыла амассатә информациа ахархәагақәа зегьы рхаҭарнакцәа.
Аҵарадырра асистема даара зымҽхак дуу, ацәажәарақәагьы рацәаны изцу хырхарҭоуп. Ҳәарада, асеиԥш иҟоу аиқәшәарақәа даара иаҭахәуп, избан акәзар, еизо азҵаарақәа рылацәажәара, аҵара асистемаҿы иазгәаҭоу аиҭакрақәеи, аҵарадырра аҩаӡара ашьҭыхразы имҩаԥысуа аусурақәеи ртәы ауаа ирдыруазар ауп. Ажурналистцәа зызҿлымҳаз азҵаарақәа даара ирацәан, урҭ рыбжьара ихадаз ҳәа ралкаара ҟалоит аҵарадырра асистемаҿы ихадоу апроблемақәа иреиуоу аклассқәа мыцхәы иахьҭәу, арҵага шәҟәқәа разымхара, аԥсуа бызшәа адырра аиҵахара, аҵарадырратә программақәа рырҿыцра, иара убасгьы залагалара азгәаҭоу аԥсуа бызшәазы аԥышәара, сынтәатәи аҵарашықәс азы ацәажәарақәа рацәаны изхылҿиааз ашколтә фолрма уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
Аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа лажәақәа рыла, аклассқәа ирзымкуа аҟынӡа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара арацәахара апроблема еиҳарак ақалақьтә школқәа рҿы ауп иахьышьақәгылоу. Зны-зынла уи ԥҟаррала иазыԥҵәоу ашәага-загақәа ирҭысуеит, убри аҟнытә уаҳа ԥсыхәа аныҟамлалак, ашколқәа ҩ-мшԥҵәак аусурахь имиасыр амуа азҵаара ҵарны иқәгылоит. Аминистр илҳәеит иашам ҳәа шылыԥхьаӡо ҩынҩажәаҩык, ҩынҩажәи хәҩык, иара ҩажәи жәохәҩыкгьы класск аҿы иантәоу.
«Арҵаҩы дзыхьӡар акәзеи, насгьы хьӡашьас илымоузеи урокк иҭагӡаны ҩынҩажәаҩык рдыррақәа агәаҭара»,– азҵаара ықәлыргылеит лара. Аминистр илҳәеит ари азҵаара аҵарадырра асистемаҿы изыныкымкәа ишалацәажәахьоу. «Аҟәа ақалақь ашколқәа ирыдыркыларц ирылшо аҵаҩцәа рхыԥхьаӡареи фактла ирыдыркылои еиқәшәаӡом. «Аҳҭнықалақь еицырдыруа ашколқәа реиҳарак рҿы аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу, сынтәа иҳалшеит класск аҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 26, 28, 30-ҩык иреиҳамкәа раанкылара», - лҳәеит аминистр. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥҵара алыршахеит аклассқәа реихшарала. «Ҳәарада, аҵаҩцәа анеихшаха аклассқәа рхыԥхьаӡара иацырҵар акәхеит. Аха ианамуӡа, уи еиҳа садгылоит, класск аҿы 40-ҩык аҵаҩцәа еилартәаны аурок амҩаԥгара аасҭа», — азгәалҭеит аминистр.
Апресс-конференциаҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа иреиуан Аԥсны ашколққәа рҵага шәҟәыла реиқәыршәара азҵаарагьы. Араҟа иҳәатәуп, лассы-ласссы ишуаҳауа ацәажәарақәа ашәҟәзымхара ашколқәа рҿы ишыҟоу азы. 2022 шықәса инаркны Аԥсны ашколқәа агәыҳалалратә цхыраара аҳасаба ала арҵага шәҟәқәа Урыстәылантәи ишроуа, убри аан аминистр иазгәалҭеит урҭ ашәҟәқәа рхархәара игәцаракны ахылаԥшра зҭатәу акәны ишыҟоу. Асеиԥш ацәажәара ҵаҵӷәыс иаиуит хҭысқәак, раԥхьа ашәҟәқәа ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалан, анаҩс асоциалтә ҳақәа рҿы аҭиразы иқәыргылан, убри аан шәҟәқәак ашколтә мҳәыр раархан. «Амҳәыр змоу ашәҟәы ашкол иатәуп, уи аҭира ҟалашьа амаӡам»,-лҳәеит аминистр. Лара аҭаацәеи ашколхәыҷқәеи рахь лхы нарханы ааԥхьара ҟалҵеит, ашколқәа рҿы рнапы иадыркуа ашәҟәқәа ҽеила ирхылаԥшларц, рышьҭахь хархәара азҭо ирыхәартәеиԥш иныҟәыргаларц.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа зегь реиҳа иуадаҩу азҵаарақәа иреиуоуп ҳәа иалылкааит ашкол иҭало ахәыҷқәа рыбжьара аԥсуа бызшәа адырра аҩаӡара алаҟәра. «Ҳара ҳахысит аҭаацәа рабиԥара рхәыҷқәа рхатәы бызшәа дырҵара анрылымшоз, уи дырҵаны ашкол ахь ианырышьҭуаз аамҭа. Иахьатәи аамҭазы аҭаацәа инарыгӡар акәыз афункциа ахахьы иагар акәхеит аҳәынҭқарра, уажәшьа уи азы аҭакԥхықәра идлеит арҵаҩгьы», - лҳәеит лара.
Аминистр лажәақәа рыла, аԥсуа бызшәа аҵара аҽазыҟаҵара ашкол ахь инеиаанӡагьы иалагатәуп. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсуа бызшәа аурокқәа алагалара иаҿуп, асектор зеиԥшразаалакгьы, ашколқәра иҭагылоу ахәыҷқәа рзы амультфильмқәа, аудиожәабжьқәа, арҵага-сахьаркыратә материалқәа раԥҵара напы аркуп. Аха лара иазгәалҭеит ашколқәа рымацара рыла абызшәа апроблема аӡбара даара ишыуадаҩу. Хана Гәынԥҳа иазгәалҭеит ахәыҷқәа абызшәа рҵарц азы ихадоу ароль шынарыгӡо аҭаацәа. «Аҭаацәараҿы аԥсуа бызшәала ицәажәо аӡәы идамхаргьы дыҟазар, уи ахәыҷы аԥсшәа ирҵара дацхраар ауп, уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам», -лҳәеит аминистр.
Зҽызыԥсахуа абызшәатә ҭагылазаашьа иахҟьаны аҵаратә программақәа рырҿыцра хымԥадатәуп. Иахьа аԥхьареи, абызшәа аԥҟаррақәа дырҵареи рымацара ркәымкәа, аҵаҩцәа аԥсышәала рцәажәаратә ҩаӡара аизырҳарагьы аҭахәуп. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аспециалистцәа аԥсшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы апрограммақәа еиқәдыршәоит. Урҭ рааӡараҿы иаку азнеишьақәа раԥҵара ахықәкқәа иреиуоуп. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы арҵага шәҟәқәа рырҿыцра иацҵоуп. Абжьаратә ҵараиурҭақәа рҿы аиҵбыратә классқәа рзы арҵага шәҟәқәа рԥышәара мҩаԥысуеит. Арҵаҩцәа иҟарҵаз азгәаҭақәа ҳасаб рзуны, урҭ еиҭа рыԥсахра азԥхьагәаҭоуп. Аҩбатәи ахԥатәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ашәҟә ҿыцқәа рхы иадырхәоит.
2027/2028 аҵарашықәс инаркны ажәбатәи аклассқәа рзы аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рзы аԥышәарақәа рымҩаԥгара аформат аԥсахра азԥхьагәаҭоуп, ҳәа адырра ҟалҵеит апресс-конференциа иалахәыз аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамԥҳа. «Ари аҵарашықәс азы аметодистцәеи арҵаҩцәеи алархәны азҵаара ҳалацәажәоит. Иааиуа ашықәс азы аиҭакрақәа ралагалара ҳгәы иҭоуп», - иазгәалҭеит лара. Хьыбла Шамԥҳа илҳәеит, ҳазҭоу аамҭазы ажәабатәи акласс аҵаҩцәа аԥсуа бызшәазы ҩ-ԥышәарак шрымоу — ҩырала, ҿырҳәала. Авариант ҿыц аметодистцәеи арҵаҩцәеи алацәажәара иаҿуп. Аԥышәарақәа рымҩаԥгара ҳазҭоу аҵарашықәс азы ишыҟац иаанхоит, ҳәа азгәалҭеит аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ.
2026 ашықәс инаркны, аҵарадырра аминистр иҟалҵаз аӡбарала, аԥшьбатәи, афбатәи, абжьбатәи аклассқәа рҵаҩцәа аԥсуа бызшәазы аԥышәара рҭиуеит. Аминистр лажәақәа рыла, аԥышәара ишахәҭоу еиԥш еиҿкаазар, уи аҵаҩцәа астресси агәҭынчымреи рызцәырнагом. «Ҳара еилаҳкаароуп ҳхәыҷқәа рыԥсҭазаара зегьы рнапы ианкны ҳашзырмыцло. Ҳхәыҷқәа рзы иреиӷьу аҭагылазаашьақәа раԥҵарагьы аҳәаа амазароуп. Даҽакала иуҳәозар, аԥышәарақәа ҳгәы ԥызжәо ргәаҟрак еиԥш ирызнеитәым», - инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
Сынтәатәи аҵарашықәс азы Аԥсны аҵара Аминистрра ахықәкы хадақәа ируакны иалкааны ахылаԥшра ҷыда анаҭоит Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа русура, аиҳаракгьы аԥсуа бызшәа аҵара аганахьала. Хана Гәынԥҳа илҳәеит аминистрраҿы ахәыҷбаҳчақәа рметодикатә база аиӷьтәразы аусура шымҩаԥыргахьоу, уахь ишаҵанакуа ашколқәранӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы аметодика ҿыцгьы. Ҳазҭоу аҵарашықәс иалагӡаны арҭ аматериалқәа аҳәынҭқарра ахәыҷбаҳчақәа рахь инашьҭхоит, уи ашьҭахь аминистрра урҭ рхархәара гәцаракрыла ахылаԥшра анаҭоит. Хана Гәынԥҳа лажәақәа рыла, аҵара аминистрраҿы иақәгәыӷуеит ари аус хымԥада алҵшәақәа аанашьҭып ҳәа.
Иалацәажәан ахәыҷбаҳча ақәра еиҵбацәоу, зынӡа ахәыҷӡақәа рзы ахәыҷбаҳчақәа рҿы агәыԥқәа раартра азҵаарагьы. Аминистр илҳәеит хаҭала лара лгәаанагарала шықәсыки бжаки, ҩышықәса иреиҳам аԥшқа иан лзааигәара дыҟазар шакәу, иан лыԥхарра дацәыхарамзар шахәҭоу. Убри аан иазгәалҭеит ари азҵаара шықәгылоу, аха макьана инарҭбааны алацәажәара ишазыхиам. Избанзар, ахәыҷбаҳчақәа рҿгьы аҭыԥқәа разымхара ыҟоуп. Араҟагьы иӡбатәу рацәоуп. Иазааҭгылан ашколқәа рҿы иааҟәымҵӡакәа ԥареизгароуп изҿу ҳәа иҟоу ацәажәарақәеи агәынамӡарақәеи рызҵаарагьы. Убри аан аминистр илҳәеит, урҭ аизгарақәа шаԥшьырго аҭаацәа рхаҭақәа. Алшара змоу еиҳа зылшарақәа маҷу рҭагылазаашьа иахәаԥшны имцхәу раԥшьгарақәа ааныркылаларц азы ааԥхьарагьы ҟалҵеит аҭаацәаратә еилазаарақәа рахь лхы нарханы.
Апресс-конференциаҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа ируакын ашколтә форма иазкызгьы. Ашколтә формақәа рныҟәагаразы аҭаацәеи арҵаҩратә еилазаареи ажәеимак ҟамҵақәа, еилибакаан азҵаара иазнеироуп, уи ахәыҷқәа ирзеиӷьхоит ҳәа азгәалҭеит аминистр Хана Гәынԥҳа. «Аформа ашколтә леишәа иазкуп, акьаҿ шкәакәеи ашколтә еиԥкеи ашколхәыҷ илшәуп ҳәа ҵакы амоума акьаҿи аиԥкеи урала еиҟараны иҟазар, уи шформам зегьы еилаҳкаауеит. Аҵаҩы дышҵаҩу удыруазар ауп. Иахьа иаҳбарҭоуп аӡәырҩы иршәырҵоуи иахьнеиуа аҭыԥи зынӡа еиқәымшәо шыҟоу, иаҳҳәап аԥсрақәа рҿы, абаҟақәа рҟны ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараан, еизарақәак раан, мамзаргьы аҟәараҟынтәи дшаақәҵыз ашкол ахь лхәыҷы дицны даазшәа еилаҳәоу ан, ари иашоума, иԥсыуароума»,- азҵаара ықәлыргылеит аминистр. Илҳәеит аҵара асистема ахықәкы хадақәа иреиуаны ишыҟоу ауаҩы иааӡара, жәеизашықәса рыҩнуҵҟа ауаҩы дҭышәынтәалоит, аԥсҭазаара дазыхианы ашкол доунашьҭуеит, ари ахәыҷы иааӡара аформақәа рахь иаҵанакуеит, иахьахәҭоу, ишахәҭоу ахымҩаԥгара арҵарагьы хадароуп лҳәеит аминистр. «Иҷыдоу ашколтә форма ашколхәыҷы деиҿнакаауеит. Иҟоу агәаанагара, аформа аныҟәгара акәымкәа, аҵара ахаҭабзиара еиҳа зҿлымҳара аҭатәуп ҳәа - садгылаҩым, ашкол аԥсҭазаараҿ ауаҩԥсы иааӡареи аҵара ирҵареи еицнеиуазар ауп», - лҳәеит аминистр.
Апрес-конференциаҿы ажурналистцәа зызҿлымҳаз азҵаарақәа рацәан, иаадкыланы сааҭки бжаки инарзынаԥшуа ицоз иара аҳәаақәа ирҭагӡаны иззааҭгылаз шмаҷымгьы, ҳәарада, аҵара асистемаҿы иҟоу аихьӡарақәеи ауадаҩрақәеи зегьы реихшьала ҟаҵашьа амаӡам. Убри аан иазгәаҭан асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа хра рыманы ишыҟоу, зны-зынла иадамхаргьы ари аҩыза аиқәшәарақәа шаҭахәу.
Елана Лашәриа

