Есышықәса еиԥш Аиааира амш ааигәахо ианалаго, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа еиуеиԥшым ргәыԥқәа мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа рахьтә Анцәа иџьшьаны иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу еиқәшәоит иҭахаз рҩызцәа ргәаладыршәаразы.
Сентиабр 25 рзы еиқәшәон «Хазы игоу аимадара абаталион» алахәцәа. «Хазы игоу аимадара баталион ҳәа иҟоу, 1993 ш. апрель мзазы арбџьар мчқәа системала реиҿкаара ианалага нахыс иаԥҵаз архәҭақәа ируакуп, егьырҭ ҳархәҭақәа зегь реиԥш. Аха уи иаанагаӡом 1993 ш. апрель мза инаркны мацара ауп ианеиҿкааха аимадара ҳәа, мап аимадара ашьаҭа ҳауп аибашьра аԥхьатәи асааҭқәа инадыркны. Ииашоуп, системала еиҿкаамызт Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы еиԥш мрагылараҿгьы, аха еимадарада ԥсыхәа амам аибашьцәа ргәыԥқәа. Аибашьра аԥхьатәи амшқәа раан ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа Урыстәылатәи архәҭақәа рҟынтәи абџьар аныргоз амашьына ҷыда «акешеемкақәагьы» ҩба ргеит. Уи аҩнуҵҟа хәба-фба станциақәа ҭагылоуп, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ицаны, нас антенақәа еиҵыхны аус ауеит, амчра дууп. Раԥхьа убарҭ руак Гәдоуҭа аԥсшьарҭа ҩны «Волга» ҳәа иахьашьҭоу, игылан егьи Ауадҳара. Анаҩс, Гагра ажәылара ианалага Ауадҳара игылаз Гаграҟа ирышьҭит. Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭа ахы ианақәиҭыртә аамҭала Гагра агарнизон еиҿкаан.
Апрель мзазы, марттәи ажәылара ашьҭахь, арбџьармчқәа системак аҿы иаагатәуп ҳәа анырыӡба, абригадақәа раԥҵара ианалага ауп абаталион анышьақәгыла. Раԥхьатәи амшқәа рзы командирс даман Аншба Ерик, аха хара имгакәа уи диаган аҳауахьчаратә маҵзура «ПВО» ҳәа изышьҭаз ахь. Аимадаратә баталион командирс даҭан Аиба Рома. Афронт аҿы абџьар зкыз шмаҷмызгьы, иазхаӡомызт. Аԥснытәи архәҭақәа реиҿкаара ишаҿыз ала аррамаҵзурахьы инаԥхьан 18 шықәса зхыҵуаз ақәыԥшцәагьы. Акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба аусԥҟа ҭижьхьан иабиԥазаҵәу афронт ашҟа рымышьҭра, насгьы 18 шықәса зхыҵуа ԥсыхәа зламоу ала реиқәырхаразы. 18 шықәса зхыҵуаз рааԥхьара еиднакылаз дреиуоуп ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы, В. П. Анқәаб ихьӡ зху ААФ центр аиҳабы, агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәабгьы.
«Уаанӡа убри аимадара ашҟа снанагахьан, раԥхьа аибашьра ианалага абџьар ҳамамызт, аидара ақәаҳхуан, аҭабиақәа ҳжуан. Марттәи ажәылара аԥхьа, авоенкомат ала сдәықәҵан аимадара ахәҭа ашҟа. Анаҩс, раԥхьатәи ааԥхьара ҳаиднакылеит 18 шықәса ирҭагылаз 20-ҩык арԥарцәа Раԥхьа «Ахьтәы ҟәара» (Золотои берег) амшын аҿықәаҿ, уаанӡа апионерлагер ахьыҟаз ԥсшьарҭа ҩнык аҿы, аруаҩ қәыԥш иаамҭа ҳахрыжьуан мызкы, уаантәи, иахьа Гәдоуҭа архәҭа ахьгылоу ахь ҳааргеит.
Уаҟа «Горец» абаталион тәан, дара аппозициа ахь ирышьҭуан азы ҳааргеит, ҩымчыбжьа ҳаҟан. Нас, Гәымсҭатәи ацәаҳәахьы ҳармышьҭыр ада ԥсыхәа маиуӡеит, аҭагылазаашьа ус иҟан. Ииашоуп, ҳарҭ «аимадара» архәҭа ауп иҳахьӡыз, аха ацәаҳәа ашҟа ҳанырышьҭ аимадара адагьы актәи ацәаҳәаҟны иахәҭаз нагӡатәын, 18 шықәса зхыҵуаз иреиҳабацәазгьы ыҟан «акешеемкақәа» рыла ацәаҳәаҿы игылақәаз. Убас, архәҭақәа иаԥырҵаз рҿы досу дара реимадаҩцәа рыман, урҭгьы ҳара иҳадҳәалан. Ацәаҳәа ашҟа ҳандәықәырҵа раԥхьа, 1200-тәи аҳаракыраҟны акомандаҟаҵара хада иҳахьчон ҩымчыбжьа раҟара. «Девиатка» ҳәа иахьашьҭоу адачақәа рахь ҳалбааган, уантә «Уазабааҟа» ҳаиаган актәи ацәаҳәаҿы, ҳашьҭахь итәан Амаба Нурбеи ивзвод, аԥшьбатәи абаталион ахьтә арота командирс дҳаман Ҳалуашь Беслан. Ииультәи ажәылара аанкылан аинышәара анрыбжьарҵа, уаантәи Гәдоуҭаҟа ҳашьҭын, аха ҳҭыԥ аҟны акәӡамкәа аштаб хада аԥсшьарҭа ҩны «Строитель» атәылахьчара Аминистрра ахьыҟаз ашҟа, аха убраҟагьы ҩымш-хымшҟа ракәын ҳахьыҟаз, нас ҳдәықәҵан Аладатәи Ешыра арратә санаториа ахьыҟоу ашҟа, уа ҳтәан ԥыҭрак. Анаҩс аибашьра аҵыхәтәантәи ажәылара аан ҳхықәкы хада наҳагӡон архәҭақәа еимаҳдон, ацхыраара ахьаҭахыз иҟаҳҵон аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегь реиԥш,– иҳәеит аибашьҩы.
Аибашьра иаӡрыжәыз, шықәсыла имаҷыз, аха гәыла ихацәаз гәеиҵахарак рымамкәа руалԥшьа ԥсыцқьала инарыгӡон.
Иахьа еиуеиԥшым ахархәагақәа ыҟоуп, аха усҟантәи аамҭазы даҽакын. Ҳазшаз имчала аимадара инанагӡаз даара ирацәоуп.
«Еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шаҳԥылозгьы, ҳус лыҵшәадаханы зныкгьы иҟамлаӡеит. Аимадара иҳабжьаз Тҟәарчалынтәи знык еиԥҟьарак амоуӡакәа уахгьы-ҽынгьы аус ауан. Даара сгәы рыладууп аҷкәынцәа, Аиааира ааигәаратәразы зхы иамеигӡоз аҵеицәа гәымшәақәа. Усҟантәи аамҭа ауадаҩрақәа шацугьы ргәы ҳаладууп атәылахьчара Аминистрра, акомандаҟаҵаҩ хада. Усҟан еиԥш иахьагьы, абри амш аҽны иаҳгәалаҳаршәоит иҳацәҭахаз, иара убас зыԥсы ҭаны аибашьра иалҵыз. Шьҭарнахыс иҟамлааит ари аҩыза ахлымӡаахра, еизҳалааит аҿар, имыӡааит иҭахаз ршьацқьала еиқәырхоу Аԥсны», – иҳәеит Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа аимадара еиҳабыс иамаз Гиви Ачба.
Аҭынчра аамҭазы арратә еимадараҟны аус зуаз, аибашьра ианалага инаркны уи иналагылаз дреиуоуп Иасон Зыхәба. «Аимадара иацыз акәама-ҵама цәгьан, ҭакԥхықәрала иазнеитәын, акы уцәыбжьахар зынӡа иҟалаӡомызт ҳаибашьцәа ԥырхага рнаҭон, иҟан аҷкәынцәа иара атәы здыруаз, иара убас иалагыланы изҵозгьы, урҭ ирбаз аџьабаа хәы амаӡам убри аҟара иҳаракын. Имаҷҩым зыԥсы ҭаны иҳалагылоу иахьа иҳацәҭахазгьы маҷӡам, урҭ ргәалашәара ҳарҭ есымшагьы иҳацуп. Есышықәса еиԥш ихьагьы абри аҭыԥ аҿы ҳаиқәшәоит аимадара архәҭа еиднакылоз урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гиви Ачба, Беслан Ҳалуашь, Лаврик Хупориа, Рауф Цәеиба, Толик Ҳагба уҳәа рҩызцәа.
Аамҭа цоит ирызҳауеит аҿар, ишәҭуеит Аԥсны ԥшӡа, аха иаанхоит агәалашәарақәа, хашҭра зқәым урҭ амш еиқәаҵәақәа.
Марта Гәарамиа

