АХҬЫСҚӘА

Гагра ахақәиҭтәра Адамыр Еныкь игәалашәараҿы

Жьҭаара 6, 1992 шықәса рзы ихыркәшахеит Гагра ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара.  Ари аиааира раԥхьатәи иааиран аԥсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы. Ақырҭцәа амацәаз иҭакны ирымаз Аԥсны, Гәымсҭатәи афронт аштаб акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар ишьақәиргылаз аплан ала иалыршан Урыстәыла аганахьала амҩа аартра. Гагратәи аиааира ҳаибашьцәа рзы гәышьҭыхгахеит. 

 «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Адамыр Еныкь, аҽакала Витали ҳәа зарҳәо, Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара далахәын аибашьыгатә машьына «08» ала. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит урҭ амшқәа игәалашәараҿы ишаанхаз атәы.

Аибашьра ианалагоз Адамыр 38 шықәса ихыҵуан, арра дахысхьан, Аԥсны иҟаз аибарххарақәа зызку, иахьнанагараны иҟоу атәы ибзианы еиликаауан. Нанҳәа 14 рзы иара Очамчыра дыҟан, Аҟәаҟа иаауаз ақырҭуа колонна давагылан дааит аҳҭнықалақь ахь. 

«Аибашьра иалагеит ҳәа ансаҳа, Аҟәаҟа иаауа автобус сыҩҭалан, сдәықәлеит. Амҩаду ахь ҳанкылас, Аԥсны иалалаз ақырҭцәа ҳрылаҳаит. Урҭ ҳрывагылан СФТИ аҟынӡа сааит. Уаантә Ацҳа ҟаԥшь ахь шьапыла снеит. Ацҳа шкәакәаҿы ашәанцәа гылан. Уаҳа сызцомызт. Ҷкәына қәыԥшк дсықәшәеит автомат кны, х-ԥшәык змаз аформа ишәҵаны. Ихыҵуазар ҟаларын 17, 18 шықәса. Уигьы даашьҭысхын, амҩа кны игылаз ақырҭцәа ҳрывсырц ҳҽазаҳшәеит. Ус УАЗ амашьына ааит, ҳаҷкәынцәа ҭатәаны аҿаанахеит. Ацҳа шкәакәахь ианнеи, ахысыбжьқәа геит. Уа аӡә дыршьит. Ацҳа агәҭаны дкажьын. Егьырҭ ркит. Нас излеилыскааз ала, уи «Дед» икоманда акәын. Амҩаҿы ианыжьлаз аҷкәын иԥсыбаҩ ықәызгар сҭаххеит, аха ахысра ианалага, схынҳәыр акәхеит. Аԥсны иқәгашьас сымаӡамызт», –еиҭеиҳәоит Адамыр аибашьра иара изы ишалагаз атәы.

Уи аҽны Ацҳа ҟаԥшь аҿы иара дырхәит, аха иулак Аҟәа иҩны днеит. Имаз аформеи аџьаԥҳани аашьҭыхны аԥсуа гвардиа, аабатәи аполк ахь дцоит.

«Уа саннеи аҷкәынцәа иԥхасҭаны иҟаз атанк ааргахьан, сара арра сахысуан атанктә хәҭаҿы, убри аҟынтә иара атәы здыруан. Саалаган Леонид Сыҷынаа (Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы дҭахеит) и-БМП апулемиот ықәсыргылеит. Аԥхьа иара итәоуп ҳзықәтәо. Хымш «ауниверсам» аԥхьа ҳгылан, нас Аҟәа аанҳажьыр акәхеит», -  игәалаиршәоит аибашьҩы.

Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара алагаразы ԥыҭк шагыз Леонид Аҩӡба командаҟаҵаҩыс дызмаз авзвод БМП-қәа рыманы Аҟәантә Гаграҟа идәықәлоит. Алада Ешыра иҭалан ишцоз амҩан рмашьынақәа руак хышәҭуеит. Ԥшьҩык аҷкәынцәа уа иҭахоит.

«Урҭ аҷкәынцәа абџьар рыман. Усҟан бџьарс искыз, смеханик Леонид итәы акәын. Уи ирхынҳәны инаиҭаны, аҷкәын иҭахаз, Арӡынба, Дәрыԥшьтәуп иара, иавтомат аашьҭысхуеит. Ушьа сара изуеит, сыԥсы ахьынӡаҭоу инасыгӡоит, нас уабџьар сырхынҳәуеит ҳәа ҳәаны, уажә иахьысҳәогьы схәы-сжьы гылоит, иавтомат саагәӡны ҳдәықәлоит Гаграҟа. Иҭахаз ацынхәрас даҽа БМП ҳарҭеит. Гагра ҳнеиаанӡа машьынак ҳцәыԥхасҭахоит. БМП-қәа иажәхьан. Блабырхәа аҷкәынцәа, Хышаа, Барцыцаа, Амԥараа еизаны иҳацхраауеит. Аус адыруит аҵхагәҭан. Ҩмашьынак ҳаманы Бзыԥ ҳнеит. Ҩымш ааҵуаны ажәылара ҳәа адҵа ҳауит», -  еиҭеиҳәоит Адамыр.

Авзвод дәықәлеит ихәланы, аха ақырҭцәа рыкәшеит. 

«Ҳаҷкәынцәа аӡә дыршьит. Аҩӡба, Ешыратәык. Ҳаидтәаланы ҳаицхысуан иаргьы саргьы, ҳажәҩахырқәа еидҵаны, уа дсывыршьааит. Адаԥаҵла гылан инахарамкәа, уи ашьапаҿы даҳҵәахит, иԥсыбыҩ ақырҭцәа рнапаҟны иҟамларцаз. Ус шьҭахьҟа ҳәа адҵа ҳауит. Ԥхьаҟа цашьа ҳамаӡамызт. Витали Шьершьелиа и-БРДМ уа игылан, аккумулиатор ҽеиӡамызт, аус изамыруӡеит. Имашьына апушкагьы амаӡамызт. Уи даҳцәыргеит, аха ҳара иҳаздырӡомызт», - игәалаиршәоит Адамыр.

Ақырҭцәа Витали дыршьуеит. Иара иеибашьыгатә машьына баҟаҵас иахьа игылоуп Гагра уаналало.  Авзвод Ԥсаҳара жьҭаара ҩбанӡа иԥшыхәуа игылан, ақырҭцәа Аҟәа аганахьала ирмышьҭырцаз. 

«Амза ҩба, ҽынланы, аԥхьа атанк цеит, нас сара- «08» дәықәлоит. Уи атанк ақырҭцәа ирымаҳхит иара уа Гагра. Рхырӷәӷәарҭа ҳгеит, аха ҳпатронақәа нҵәеит. Амашьына сыҩҭҟьан, ақырҭцәа ирзышьҭаз апулемиоттә цәаҳәақәа арҭмаҟ иҭаԥсаны БМП ахь сааит. Иаразнак ирысҭеит. «Уашьҭа Гагра ҳара иаҳтәуп» ҳәа абыжьқәа ааиларыԥсеит аҷкәынцәа. Уаантә, ҳашхысуаз, ақырҭцәагьы ҳшеихсуаз, ахыкәшарҭа ацҳа аҟынӡа ҳаннеи, адесант ауҳашьҭит. Уа игылан БМП. Уи иагәыдаҳҵеит. Ауха уи аҭыԥ аҿы ҳаанхеит. Адырҩаҽны, ҳаиҭадәықәлоит», - ажәылара ахҭысқәа ртәы даанымгылаӡакәа еиҭеиҳәоит Адамыр. 

Араҟа авзвод рҽеиҩыршоит, шьоукы ақалақь ала ицоит, егьырҭ Гагра аҩадахьала. Адамыр екипаж, атоннель аҿы ианнеи, амҩа ааихҵәаны аихамҩа ркит. Иара иазгәаиҭоит, ажәылараҿы рџьабаа шыцәгьаз атәым милаҭ, реибашьышьагьы акгьы узахҳәааӡом.

«Ҩымш асанатори «Украина» ааигәара ҳаҟан. Авертолиот анхыла, смеханик Валери дырхәит. Ихаҭыԥан нас ҷкәынак дақәтәеит. Х-БМП-к ала дара рпозиациа ҳгараны ҳаҟан. Ҳкомандир имашьына амина иахаԥжәеит. Иара идесант ҩҭиган «шәца» иҳәеит. Сара аԥхьа цатәыс исоуит. Ҳшеиҿахысуаз аҵхагәҭан ҳнеит Цандрыԥшь. Ҳаԥхьа ахаҳә шьҭоуп, иҟоу ҳбоит ҳәа ҳаангылеит. Ҳашьҭахь шәымхысын ҳәа адырра раҳҭан, Роберт Коӷониеи сареи ҳҭыҵны ҳаԥшызар, ҳаԥхьа БМП аус ауа игылоуп, ахы ҭоуп, ҳара иҳақәкуп. Азныказы иааҳцәымыӷхеит, аха нас еилаҳкааит, амашьына ақырҭцәа иааныжьны ишцахьаз. Робик дақәтәан, амҩа аҩадахьы иҵәахит. Ҳаиҭадәықәлеит, аха шьҭа хысшьа ҳамаӡам, иауҳашьҭуа ҳахқәа зегьы Урыстәылаҟа ицоит. Аиҳабыра рахь адырра ҟасҵеит. Усҟан иӡбан, ацәылашамҭаз амҩа ацҵаразы. Асааҭ фба реиԥш ҳдәықәларц иақәаҳкит, аха с-БМП ԥхасҭахоит. Ақырҭцәа ртәы иҵәахны иҳамаз ааганы, ҳамхысӡакәа, автоматқәа ракәын аус зуаз, аҳәааҟынӡа ҳнаӡеит. Аурысцәа гәырӷьаҵәа аԥсшәа ҳарҳәон…», - абраҟа иажәабжь аахиркәшеит Адамыр.

Гагра иҟаҵан аибашьҩы и-БМП даваргылан афото ҭыхын. Аибашьра афотосахьақәа рахьынтә уи акыр еицырдыруеит, аха Адамыр ихаҭа игәалашәаӡом уи шҭыхыз. Нас, акьыԥхь аҿы машәыршәа ихы ибеит.  Еибашьыга амашьына иануп аҩыра- «Свободу Абхазии» ҳәа ашәыга шәкәакәала. Адамыр иҳәоит, ирымаз БМП-қәа рыхԥагь аҩырақәа шырныз, аҷкәынцәа ранапала иршәхьан.

Адамыр изеилкаауам, уи ажәылара иалахәымыз, имеибашьуаз, уа иҟазшәа аҭоурыхқәа анеиҭарҳәо атәы. Иара ихаҭа дақәшәахьеит ус хҭыск.

«Ашьа икаҭәоу шьоукы рхы иархәаны аҭоурых рҽанырҵоит. Убри ҟамлааит, хәыҷӡак аиашагьы ыҟаз. Иҭахаз адамра иаҳмырсып. «Украина» ганы ҳандәықәлоз, Леонид Аҩӡба ахы иаахеит. Ацҳа дықәгыланы ҳашдәықәиҵоз дырхәит. Ахәышәтәырҭахь дыргеит, уа дшыҟаз дшьабаны дыԥсуеит… Еибашьыз иҳәаӡом «сара сеибашьит» ҳәа… Атехника маҷны излаҳамаз ала, ари раԥхьатәи ҳиааира ҳаԥсы ҿнахит. Амҩа ааҳмартызҭгьы, ҳҭакын иахьабалак. Тҟәарчал еицәаны ҳҟалон» - иҳәоит Адамыр. 

Арратә ҭоурыхҭҵааҩ Валико Ԥачлиа иматериалқәа рҿы иҩуеит. Гагратәи ажәылара ишалахәыз БМП-қәа хԥа. «06» командирс даман Шамиль Аӡынба, «07» Рафаель Амԥар «08» – Витали Еныкь. Авзвод зегьы командаҟаҵаҩыс даман Леонид Аҩӡба. Уи ажәылараан гәымшәаралы ихы аарԥшит акылыԥшҩы Роберт Кәарҷиа. Иара иҭаирхеит ашьаҟауаа зҭаз автобус, арратә машьынақәа ԥшьба. Роберт дҭахоит Гагратәи амилициа ахыбра азааигәара.  Гагратәи ажәылараан аҭоурыхҭҵааҩ идырраҭарақәа рыла иҭахеит 108-ҩык. Урҭ рахьынтә 15-ҩык зхатәгәаԥхарала еибашьра иааз ракәын. 

Гагра ашьҭахь Адамыр диасуеит аԥшыхәратә гәыԥ ахь, амилициа аузуҩцәа рыла ишьақәгылаз. Иара иҳәоит, урҭ зыгәра угоз аибашьцәа шракәыз. Адамыр иажәақәа рыла, даара ргәыԥ еидыркылоз аинформациала анаҩс акомандирцәа аоперациазы аплан шеиқәдыршәоз. 

Адамыр аибашьра ахҭысқәа реиҭаҳәара атәы ицәыхьанҭоуп,  аамҭагьы иара атәы ҟанаҵоит, игәалашәарақәа ннахуеит. Аибашьҩы изы ари раԥхьатәи еиҿцәажәаран, данаҳҵонаҵы акырынтә ицәа дынҭаӡыӡаауан, зыӡбахә имҳәоз ихәрақәагьы рхы удырдыруан. Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь Адамыр иажәа наигӡеит, зыбџьар шьҭихыз иҭахаз иҭаацәа рҟынӡа инеиртә еиԥш иҟаиҵеит. 

Альбина Жьиба  

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image