АХҬЫСҚӘА

Исыхьрызеи умҳәароуп

Аиҳабы, абырг шамахамзар, ажә­ларқәа  зегьы рҟны ҳаҭыр иқәуп.

Аха хаҭала, аԥсуа жәларҳҟны аиҳабацәа  раҳаҭырқәҵашьа, урҭ рызнеишьа, даҽа милаҭк изларыламҩашьо аҷыдаратә ҟазшьақәа амоуп.

 Аиҳабы – нцәак иеиԥш ҳихәаԥшуеит, аԥсҭазаараҿы акыр зхызгахьоу, акыр збахьоу аиҳабы, абырг иажәа ҳара ҳзы ихадоуп, акыр аҵанакуеит. Уи ус шакәу шьақәзырӷәӷәо аԥсуа ажәаԥҟақәагьы маҷымкәан иуԥылоит. Иаҳҳәап: «Аиҳабы дызмам Анцәагьы димам», «Аиҳабы  дышәшьыроуп» уҳәа убас егьырҭгьы. Уи ус шакәугьы, аҭаацәеи ахшареи реибааӡара аҟны агха-ԥхақәа цәырымҵырц залшом џьара-џьара. Жәынгьы-ҿангьы,  иуарла-шәарланы акәзаргьы, уи аҭыԥ аман, иахьагьы иахьуԥыло  ыҟоуп.

Анцәа иџьшьаны иахьа Аԥсны иҳамаӡам (егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟнеиԥш) зыхшара мап рцәызкуа, ахшараиурҭа аҟны иныжьны ицо, мамзаргьы зыхшара рааӡара азин змырхуа анацәа, зҭаацәа рыԥсы шҭоу иеиҭымхаз ахәыҷқәа. (Ани аби рганахьала  џьара проблемак цәырҵуазаргьы, агәакьацәа: анду, абду, аиашьа, аиаҳәшьа  уҳәа ахәыҷқәа  хылаԥшрада  инрыжьуам). Убри  аҟнытә «Ахәыҷқәа Рыҩны» ҳамаӡам. Ега  ус акәзаргьы, рыцҳарас иҟалаз, 18 шықәса ҵуеит шьҭа «Абыргцәеи аинвалидцәеи  Рыҩны - аинтернат» ҳтәылаҿы еиҿыркааижьҭеи, аус ауеижьҭеи. Закәанла ари Аҩны иаҵанакуа ахшареи агәакьацәеи  змам, зықәрахь инеихьоу абыргцәеи зхи зымаҵи  еибамуа аинвалидцәеи  роуп. Аха, мап, ара инхоит ахшареи  амаҭацәеи змам реиԥш, измоугьы  аӡәымкәан-ҩыџьамкәан, амала изхылҵыз рҭаацәа абара анырҭахха аамҭазы, иныжьны даҽа тәылак ахь ицаз, ма  ихнымҳәыз.

Даара  угәы унархьыртә иҟоуп  «Абыргцәа Рыҩны» аҟны инхо ра­хьтә 9-ҩык аԥсуаа нхарҭас  иахьроуз. Урҭ иреиуоуп: зыхшара Аԥсны Аџьынџьтәылатә  еибашьраан иҭахаз, ма машәырла згәакьацәа  рыԥсҭазаара иалҵхьоу, ҭынха ааигәа дызмам. Згәы иҭамкәан, зхы иҭамкәан ари Аҩны ахь инанагаз 1000-ҩык рыҟнытә аӡә дҟалар ауеит сгәаанагарала, урҭ  ртәы еилкаауп. Аха аԥсуаа уала-ҭынхала ҳбеиоуп, ҳажьрацәара ҭбаауп, «Аҵла агәаҩа иҭиааз» аӡәгьы  ҳаҟам…

Уигьы  ҳаҟәыҵып, милаҭла дзеиуазаалак, зықәрахь инеиз, зхи-зымаҵи  еибамуа зан ма заб рбара џьабаас иҟамларц, имариоу амҩа ылызхыз, нхарҭас «Абыргцәа Рыҩны» рзылызхыз ахшара ааӡара рыгуп, изааӡаз  рани раби рҳақ ари аԥсҭазаараҿы акәым егьи  адунеи аҟынгьы шәашьа роуам. Ус  еиԥш агәымбылџьбарара аазырԥшуа ахшара рхымҩаԥгашьа аҟны ахара зду, урҭ рааӡараҿы  агха  зыхьыз рҭаацәа роуп. Рыхшара рааӡара  аҟны ирыгхаз алҵшәа ауп ари ахымҩаԥгашьа. Ишырҳәо  еиԥш, «Илоуҵаз ауп иааурыхуа».

Саԥыҩланы иазгәасҭоит, «Абыргцәа Рыҩны» аҟны ҳаннеи дҳақәшәеит занааҭла ирҵаҩыз, алабақәа рхархәарала иныҟәоз аурыс ԥҳәыс. Даара ихааны дҳацәажәон, ҳаргьы ҳгәы лзыбылуа ҳҟалеит. Уи ҳнеимҭаз аԥара даҿын, илԥахьаз ақалԥад ԥхақәагьы ҳамҭас иҳалҭеит ишаҳамуаз. Ҳаиҿцәажәараан илҳәеит лыԥҳа Урыстәыла дшынхо, аҭел дшылзасло. Аԥҳа дышлымаз, дҭәы-дыԥха Урыстәыла  дшынхоз анеилыскаа сажәақәа сҿабеит хаҭала сара. Арҭ ажәақәа рышьҭахь уаҳа азҵаара лыҭара ахәҭаны исымбеит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы сыхшыҩ аҟны иааиуеит, исгәалашәоит, аиҵбыратә классқәа рҟны ҳазхысуаз «Акәыцҳа» захьӡыз ааӡаратә ҵакы змоу алакә. Уа иаҳәоит: «Акәыцҳа зшышуаз аб, иԥа изуҭахузеи ари акәыцҳа»? – ҳәа даниазҵаа, «Уанду дажәит, дзаҳҭахи?! Абри акәыцҳа дҭаҵаны дызгоит, нас аӡы дасҭоит» - ҳәа  иеиҳәеит. Ахәыҷгьы, «саб, санду аӡы даноуҭалак ашьҭахь, акәыцҳа каумыжьын, аҩныҟа иаага. Нас уаргьы уанажәлак аӡы уаҭаразы исҭаххоит» - ҳәа аҭак ииҭоит.

Хықәкыла, Абыргцәа Рыҩны адҵаалара иахьа «илабҿабахаз» алакә агәалашәара  ауп изыхҟьаз.

Ари атема анышьҭысх, ҳәарада, исҭаххеит нхарҭас «Абыргцәа Рыҩны» змоу, зықәрахь инеихьоуи, зхи-зымаҵи еибамуеи абыргцәа  рыԥсҭазаашьа збарц. Урҭ рынхашьеи  рыԥсҭазаашьеи дазааҭгыло, иҳаилыркаауа  сколлегеи сареи «Абыргцәа Рыҩны» аҩнуҵҟа ишеиҿкааз, уадацыԥхьаӡа ҳаҩнагаланы  иҳарбо, анаҩс, ҿыц иаадыртыз 30-ҩык рынхарҭа змоу ахыбрахьгьы ҳамҩаԥылгеит «Абыргцәеи аинвалидцәеи  Рыҩны-аинтернат» аиҳабы  Анна Кәарҷиа. «Иахьа ари Аҩны аҟны нхарҭас измоу абыргцәеи аинвалидцәеи 51-ҩык ҳамоуп. Урҭ рахьтә ҿыц иаартхаз ахыбра ахь зхи-зымаҵи  еибауа 17-ҩык ииаҳгахьеит. Уа, ҳәарада, аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьуп, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирықәшәо иманшәаланы  еиҿкаауп. Уадак, ҩ-уадак, х-уадак змоу апалатақәа рҟны аҩнымаҭәа бзиеи амедицинатә усзуҩцәа  рааԥхьаразы узқәыӷәӷәо акнопка уҳәа зегьы рыла иманшәаланы  еибыҭоуп.

Ҩбаны  еихагылоу ахыбраҟны  абыргцәеи  аинвалидцәеи  рзы иаԥҵоуп аҭагылазаашьа бзиа, досу дахьыҟоу  аихагылаҿы еиҿкаауп акрыфарҭақәа, аамҭа ахьырхыргаша, ашахмат, ашашка уҳәа иахьрысша. Уахьыныҩнало ателербагақәа кнаҳауп, еиуеиԥшым адырраҭарақәа ирыхәаԥшыр рылшоит, иара убас аетажқәа рыҩбагьы рҟны абиблиотекақәагьы рзеиҿкаауп, ашәҟәыԥхьара зҭаху дахьымҩахыҵша. Уи инаҷыданы, ашҭа аҟны аҟәардәқәеи астолқәеи рызҳаргылеит, аҳауа  цқьа аҟны  рыԥсы ршьарц азы», – лҳәеит амш цәгьақәа раан адәахьы ацара анзалымшо, ақәа рмысыртә аҳауа аҟны адиван татақәеи астолқәеи ргыланы иахьтәаша атерраса ҳарбо Анна Константин-иԥҳа. «Зықәрахь инеихьоуи аинвалидцәа 2008 шықәсазы ари Аҩны-интернат аартра анеиҿкааха инаркны еиҳабыс аус зуа Анна Константин-иԥҳеи Кәарҷиа ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, 18 шықәса аус  ахьылуа Аҩны аҟны инхо  абыргцәеи  аинвалидцәеи лгәы шырзыбылуа, ишрыцҳалшьо, гәцаракрылагьы дшырзыҟоу,  лымалагьы лакәымкәан, аус лыцызуа лколлегацәа, амедицина аусзуҩцәа зегьы ус ишырзыҟоу. Аха араҟа аусура шымариам, ауадаҩрақәа шацу мӡакәаны иазгәалҭеит.

«Абыргцәа, ачымазцәа рхы ианақәѓәамҵуа рацәоуп,  урҭ  аԥсҭазаара икыднаҟьаз, зразҟы зыцымныҟәаз уаауп. Убри аҟнытә, зны-зынла ихжәаны ианҳацәажәо, амедицинатә усзуҩцәа рус нарыгӡартә аҭагылазаашьа анрырымҭо, иандыргәамҵуа ҟалалоит. Ҳәарада, ҳара  ҳусураҿы иҷыдоу ахымҩаԥгашьа, азнеишьа адырра аҭахуп. Уи  инаваргыланы ачҳареи агәҭынчреи хымԥадатәиуп» - лҳәеит уи.

Амедицинатә усзуҩцәа рганахьала иҵегь ахаҭәаара шаҭаху азгәаҭо Анна Константин-иԥҳа инаҵшьны илҳәеит ацқьара еиҿызкаауа аусзуҩцәа шырзымхо. Иара убас Аԥсны анапхгара ацхыраара   шрырҭо, ахыбра  ҿыц ашьақәыргылара зыбзоуроугьы  дара шракәу азгәаҭо, абыргцәа  Рыҩны аиҳабы илҳәеит Аԥсны анапхгара ирылшо ала ацхыраара шрырҭо. Аха ҳтәылаҿы Аҳәынҭбиуџьет иаҵанакуа зегь реиԥш даргьы руалафахәқәа  урхыҽхәартә ишыҟам.

Уи лажәақәа рыла, лассы-лассы ари аҩны ацхыраара аиҭоит абизнесмен Данил Зыхәба. Даара длызгәдуны лыӡбахә лҳәеит абыргцәа  хәыда-ԥсада  рылақәа аоперациақәа  ҟазҵо Аблатә  хәышәтәырҭа  аиҳабы Татиана Апба. Уи лажәақәа  рыла, 5 операциак ҟалҵахьеит, 6-тәи ҟалҵараны дыҟоуп. Ҷыдала, Ареспубликатә хәышәтәырҭа  аҟнытә аҳақьымцәа қәыԥшцәа: Зосҳан Ҭраԥшьи Радион Абӷаџьааи рбыргцәа, рчымазаҩцәа рахь иаадырԥшуа агәцаракразы иҭабуп ҳәа  раҳәо, зықәрахь инеихьоу абыргцәеи  аинвалидлцәеи  рынхашьеи рыԥсҭазаашьеи  згәы еиҟараны иннамыжьуа,  ирызхьаԥшуа ааигәа ирҭааз ашәаҳәаҩ Леван Ҭодуа диаҩымсыкәа  уахь дналаҵаны зегьы иҭабуп ҳәа шралҳәо, рыцхыраара акыр шаҵанакуа азгәалҭеит ҳаиҿцәажәараан.

Еснагь иҿоу, имажәуа аӡәгьы  дыҟам. Мышкызны ҳаргьы ҳанҭагылоит абырг иқәра, иҟалоит  ҳхи-ҳамаҵи  еибамуа ҳҟаларгьы. Аӡәгьы издырӡом иаҳԥеиԥшу, ҳалахь Анцәа Ду ианиҵаз. Схы нарханы  Абыргцәа  Рыҩны  нхарҭас измоу рҭынхацәеи аԥхьаҟа уахь, зықәра  неиз ма инвалидцәахаз зҭаацәа назгарц, инзыжьырц згәы иҭоу  рахь исҳәарц  сҭахуп:– «шәеиҳабацәа, шәзааӡаз, шәызхылҵыз ҳаҭыр рықәшәҵала, урҭ шәшырзыҟоу ахымҩаԥгашьа мышкызны шәара  шәахьгьы ишыхынҳәуа заа шәазхәыцыр  еиӷьуп. Ажәакала, ауаҩы исыхьрызеи? Имҳәароуп…

Иахьа абыргцәеи   аинвалидцәеи гәыԥҵәарада рымаҵ зуа, избо «Абыргцәеи  аинвалидцәеи Рыҩны-аинтернат» аусзуҩцәа зегьы, уи аиҳабы Анна Константин-иԥҳа Кәарҷиа раԥхьа днаргыланы, ачҳареи  алшареи  иаадырԥшуа азы рҿаԥхьа  ахырхәара аԥсоуп, урҭ рхымҩаԥгашьа иаҿыԥшыр даара ибзиан, иагьхьшәаӡам зыӡбахә  ҳамоу ауаа рыуацәеи  рҭынхацәеи.

Алиса Гәажәԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image