АХҬЫСҚӘА

IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Шамба иаԥхьарақәа» мҩаԥысит ААУ аҿы

Аконференциа атема – «Аԥсны ахьыԥшымра азымхәыцреи Қырҭтәыла аҵакыратә ҽазышәарақәа радымкылареи: Павел Ингороква имц теориеи уи еиԥшу аидеологиеи ҭҵаарадыррала рҿаԥҽра».

Ажәахәқәа ҟарҵеит аҭоурыхҭҵааҩ-кавказҭҵааҩ, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аԥсуаҭҵааратә институт ахаҭарнак Сослан Салаҟаиа, Урыстәылатәии Аԥснытәии апрозаик, апоет, аессеист, ажурналист, асахьаҭыхҩы, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Делба, Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Олег Етлухов. Ицәырган антропологиатә, агенетикатә, алингвистикатә, аҭоурыхтә дыррақәа, ацифратә епоха аан афальсификациақәа рҿагылара атемақәа ирызкыз ажәахәқәа.

Аконференциа алахәылацәа рахь ихы нарханы ААУ аректор Алеко Гәарамиа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит ареспублика аҭоурых иазку аҭҵаарақәа рҵакы.

«Сара гәык-ԥсыкала даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш! Ишәзеиӷьасшьоит доусы шәдыррақәеи шәымчи ззышәкша ахықәкқәа шәымазарц. Сара сгәы излаанаго ала, ари ҳабдуцәа зегьы ззықәԥоз зегьы иреиӷьу мҩоуп», — иҳәеит Гәарамиа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара азҵаара аҵак ду шамоу.

«Шьоукы ирхашҭуеит атәыла аҩнуҵҟа ҳанеиӷацәоу ари апроцесс ҳшаԥырхагоу. Уи атәы иахьа ишәаҳауеит, уи акәын Тарас Мирон-иԥа дызҿызгьы», - ҳәа азгәеиҭеит аректор.

Жәларбжьаратәи аусқәа рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиа иазгәеиҭеит аконференциа атема актуалреи азиндырратәи аҭоурыхтәи факультетқәа рыстудентцәа рзы имоу аҵаки.

«Еиҳарак ихадоуп аконференциа иахьалахәу хыԥхьаӡара рацәала азиндырратәи аҭоурыхтәи факультетқәа рыстудентцәа. Уи алшара рнаҭоит Тарас Шамба иҭынха аилкаара, иара убас иусумҭақәа рыҭҵаара. Ишдыру еиԥш, уи иаргументқәа рӷьырак ҳтәыла ахьыԥшымра азхаҵара ашьақәырӷәӷәараан ахархәара рыҭан», — иҳәеит Ӷәынџьиа.

Аконференциа амодератор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кобахьиа иҳәеит «Шамба иаԥхьарақәа» ԥшьышықәса ҵуеит инеиԥынкыланы имҩаԥыргоижьҭеи ҳәа. «Урҭ рымҩаԥгара еснагь Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иадаҳҳәалоит, идырны еиҿаҳкаауеит аныҳәа адырҩаҽны, аҳәаанырцәынтәи иаауа асасцәагьы уи рхы аладырхәырц азы. Иахьа ҳара ҳабжьара иҟоуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа», - иҳәеит иара.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image