АХҬЫСҚӘА

Алахьеиқәҵареи агәалашәареи Рымш

1992 шықәса, август 14 рзы аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи аамҭа инеины инҭагылт. Иҳақәлаз аӷа иганахьала аԥсуаа ахаан ҽеи ишазԥшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт.

Аӷа џьаԥҳанылеи уааԥсыралеи имч акыр ишеиҳазгьы, ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхы-рыԥсы иамеигӡа напышьашәалаҵәҟьа ақәылаҩ иҿагылт. 413 мши ҵхи ицоз аибашьра аҟны иҭахеит зықьҩыла ҳҵеицәа хазынақәа. Иҭахеит аԥсуа жәлар ацхыраара анырҭахха иарӷьажәҩаны ирывагылаз хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз ҳашьцәа.

Иҭахаз ргәаладыршәарц, ашәҭқәа шьҭарҵарц Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк ашҟа инеит Аԥсны Анапхгара, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар.
Август 14 алахьеиқәҵареи агәалашәареи ирымшны иаанхоит аԥсуа жәлар зегьы рзы. 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image