АХҬЫСҚӘА

Аиааира – 33 шықәса

33 шықәса уажәаҧхьа, 1993 шықәса сентиабр 30 азы, Аҧсны ар Егры аӡиас аҳәааҿы инеит, уаҟа аҧсуа бираҟ ахадыргылеит.

413 мши-ҵхи ицоз аибашьра хыркәшахеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟнытә Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәрала. Ҳтәылаҿы иҟам ҭаацәарак, гәырҕьара дула абри
аныҳәа ахьазгәарымҭо, аамҭакалагьы рыблақәа алаҕырӡ рхыжжыла. Ари амш Аҧсны аҭоурых аҿы аҵак ҷыда амоуп. Уи ихнаркәшеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
 
Аҧсны аганахьала уи иалахәын 12 нызқьҩык, ажәыларақәа раан рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит 2700 инареиҳаны. Хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит, 200-ҩык инарыцны хабарда ибжьаӡит.

1993 шықәса сентиабр азы аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәыларақәа аибашьра аҵыхәтәа ҧырҵәеит. Қырҭтәыла архәҭақәа рҟнытә Аҟәа ахақәиҭтәра 11 мшы ицон.

Аҕа имчқәа Аҟәа ажәыларақәа раан ацәыӡ дуқәа роуит, иагьрылымшеит усҟан рнапаҿы иҟаз мрагыларатәи аҭыҧқәа рҟны аҿагылара аиҿкаара.

Аҟәа ахы ианақәиҭыртә адырҩаҽны, сентиабр 28 азы, Гәылрыҧшьтәи Очамчыратәи араионқәа рҳәааҿы, Кәыдры аӡиас ацҳаҟны еиҧылеит Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image