АХҬЫСҚӘА

«Сыԥсҭазаара ҵакыс иамоу»

Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит:  «Уҽыззукыз аҽузнакуеит»,  ҳәа. Аха ԥсабарала Анцәа Ду иуцишаз, иулеиҵаз абаҩхатәра иацназго ыҟам. Ажәакала, ауаҩы иитәу амҩа анылихуа аԥсҭазаараҟны дымҩақәнаҵоит, уи ԥызас иауеит. 

Хаҭала, ҳара ҳаззаҭгыларц иаҳҭаху, 23-шықәса инеиԥынкыланы аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны аус зуа Асҭанда Мираб-иԥҳа Чагәаа зразҟы зыцныҟәаз рҵаҩуп. Уи иалылхыз азанааҭи лареи еимҩалацәахеит. Асҭанда бзиа ибаны иалылхыз, аԥхьаҟатәи лыԥсҭазаара здылҳәалаз арҵаҩы изанааҭ, иаргьы – лара далнахит, илықәманшәалахеит.

Ҳаиҿцәажәара хацыркуа Асҭанда Чагәааԥҳа иазгәалҭеит ашкол ахь лшьаҿа еихылгаанӡагьы лаԥхьаҟатәи лыԥсҭазаараҿы дырҵаҩны лхы шылбоз. «Аԥхьашьеи аҩы­шьеи сҵаанӡагьы ахәыҷқәа ҳанеицыхәмаруаз, сара «сырҵаҩын», сҩызцәа хәыҷқәа сара стәала» акы рзеиҭасҳәон, идсырҵон, – лҳәеит уи, анаҩс ашкол ахь лшьаҿа анеихылга, раԥхьатәи лырҵаҩы Нонна Леуарса-иԥҳа Чкотуа лыбзоурала ари азанааҭ ахь илымаз агәбылреи, абзиабареи шыӷәӷәахаз, ишеизҳаз азгәаҭо. Асҭанда излаҳалҳәаз ала, уи раԥхьа аҵара лҵон Ҭоумышьтәи абжьаратә школ аҟны, аха Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь диасит, иахьа хаҭала аус ахьылуа Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ ахь.

– Ари ашкол аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи амаҭәар ҳлырҵон аԥышәа змоу, ззанааҭ иазҟазоу Саида Аркади-иԥҳа Смыр. Уи лоуп арҵаҩы изанааҭ алхра сгәы азҭазҵаз, еиҳа уахь схьазырԥшыз. Ҳәарада, раԥхьатәи сырҵаҩы Нонна Леуарса-иԥҳа аҵаҩцәа дшаҳзыҟаз, аҵара шаҳлырҵоз, аурок шаҳзеиҭалҳәоз, иааидкыланы уи лхымҩаԥгашьа сара сзы иҿырԥшыганы иҟалахьаз, еиҳагьы ихаҭәаахеит Саида Аркади-иԥҳа лыбзоурала. Уи иналываргыланы –  аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа хатәрақәа: Нонна Ломиа, Мзиа Занҭариа, Клара Абыхәба, Валиса Кәуткаиа уҳәа рџьабаа сыдуп. Урҭ зегьы аӡәк иеиԥш ҳхатәы бызшәа абзиабара, агәбылра ҳаларааӡон, еснагь гәцаракрыла иаҳзыҟан.

Иахьагьы урҭ рԥышәа ҳамардеит, еснагь еиԥш ирҿаҳҵаауа рацәоуп. Ашкол адиректор Лиана Хәарцкиа, аҵара аҟәша аиҳабы Мимоза Занҭариа, аиҿкааҩ, ааӡара аҟәша аиҳабы Ииа Џьопуа ҳаԥшьгарақәа зегь рҟны иарӷьажәҩаны иҳавагылоуп.

Арҵаҩы изанааҭ аҭакԥхықәра иацуи  лара лзы уи иаанагои азгәаҭо, лажәа мыррацәакәан, илҳәарц илҭаху ахшыҩҵак гәылыршәо дҳацәажәон Асҭанда:

– Арҵаҩ изанааҭ даара акыр зҵазкуа, зегь раԥхьа игылоугьы занааҭуп ҳәа исыԥхьаӡоит. 
Ҳәарада, аӡәгьы изы имаӡам, иахьа ари азанааҭ ала ахныҟәгара шымариам, зегь реиԥш арҵаҩгьы ауадаҩрақәа шиԥыло, уи иоуа ауалафахәы шмаҷу, ҳабзазашьатә ҭагылазаашьа аиҿкаара ишазымхо. Аха хаҭала, сара мышкгьы схы иҭамшәацт, сгәаҿгьы иаасымгацт сусура ааныжьны еиҳау ауалафахәы ахьсырҳаша џьара сцап ҳәа. Сгәы иаанагоит, гәык-ԥсыкала ахәыҷы бзиа дбаны ашкол ашҭа иҭалаз, ззанааҭ бзиа избо арҵаҩы иусура ааныжьны ацара илшом ҳәа. 

Иахьа Асҭанда аус рыцылуеит, уи лажәақәа рыла, ҭаацәакны иҟоу аколлектив аҟны аҵара лзырҵоз лырҵаҩцәа.

Асҭанда ҳаиҿцәажәараан лхы ӡырымго дрызгәдуны, аԥышәа змоу лырҵаҩцәа еиҳабацәа рааигәа аҟазаара лара лзы насыԥс ишылшьо азгәаҭо илҳәеит урҭ ражәа лара лзы акыр шаҵанакуа, «издыруагьы сразҵаауеит, сымҩашьо еиҳаз схы агәра згарц азы, урҭ исабжьарго еснагь ҳаҭырла исыдыскылоит» – лҳәеит.
Сынтәа аԥшьбатәи аушь­ҭымҭацәа аузышьҭраны иҟоу аиҳабыратә классқәа рырҵаҩы, аԥсуа бызшәеи алитературеи амаҭәар аҵаҩцәа рызнагара инаҷыдангьы, ашкол аҟны 3-шықәса раахыс еиҿкаау аԥсуа кружок напхгара алҭоит. Аиҿцәажәаразы уи лахь ҳнеимҭаз ҳрыхҭыгәлеит Аиааира амш – 33 шықәса ахыҵра иазкны аусмҩаԥгатә аиҿкааразы аҽазыҟаҵарақәа ианырҿыз аамҭазы.

Ззанааҭ бзианы издыруа арҵаҩ қәыԥш Камила Хәарцкиеи лареи аԥсуа кружок амҩаԥгараҿы ишеицхыраауа, аус шеицыруа азгәаҭо, Асҭанда иаҳзеиҭалҳәеит еиуеиԥшым атемақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа маҷымкәан ишымҩаԥыргахьоу, ишазгәарҭо аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи риубилеиқәа, лассы-лассы,  урҭ рҩымҭақәа шеилдырго, иара убас, ишӡырырго зхатәы жәеинраалақәа зыҩуа акружок иалоу ахәыҷқәа.

«Хықәкыла, аԥсуа кружок амҩаԥгара зызку, мзызс иамоу – ахәыҷқәа рхатәы бызшәахь рхьарԥшра, агәыбылра дыркра, урҭ рхатәы бызшәала ихәыцуа, ргәы иҭоу рҳәартә, аԥсышәала ицәажәо аҟаҵара ауп.

Ажәеинраалақәа рыԥхьара, ахҭҳәаақәа рыҩра уҳәа ари акружок аҟны имҩаԥааго аусмҩаԥгатәқәа зегьы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа адырра аизырҳара ауп изызку.
Раԥхьа ианеиҿаҳкаа 15-ҩык алалеит, уажәы 22-ҩык ыҟоуп.

Урҭ рахьтә зхатәы бызшәа ззымдыруа ҩыџьа заҵәык ыҟоуп, егьырҭ зегьы ибзианы ирдыруеит. Гәахәара дууп зхатәы бызшәа ззымдыруа, аха изаҳалар зҭаху, аҵара агәаҳәара змоу ахәыҷқәа ахьҳацло», – лҳәеит уи.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҿыркаауа аусмҩаԥгатәқәа зегьы Аиааира амш ишазку азгәаҭо, Асҭанда илҳәеит аибашьра атема иазку аролик кьаҿқәеи афильмқәеи шҭырххьоу ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи рымчала.

Уи инаҷыданы дазааҭгылеит И.Папасқыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи дареи аусеицуреи аимадара бзиеи шрыбжьаз. Рхы шрыладырхәуаз абиблиотека имҩаԥнаго еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа апоетцәеи,ашәҟәыҩҩцәеи риубилеиқәа.

Ҳаицәажәара ашьҭахь, ари ашкол аҟны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа наԥхьаны уи аҽны имҩаԥыргоз Аиааира амш иазкыз аныҳәа ҳаргьы ҳҽалаҳархәит. Араҟа Асҭанда напхгара зылҭо акружок аҟнытә ажәеинраалақәа ирыԥхьоз, иара убас аибашьра аан ииз ашәақәеи аԥсадгьыли ирызкыз ашәақәа назыгӡаз ахәыҷқәа маҷҩымызт. 

Хаҭала, аҵара апроцесс далацәажәо зыӡбахә ҳамоу арҵаҩы илҳәеит ахәыҷқәа зегьы аҵара еиԥшны ишырзымҵо, шьоукы даара ибзианы ишрыцааиуа, даҽа шьоукы еиҳа ишхьысҳау.

Аха аурок ззымҳәаз аҵаҩы ахәшьара ҩба иҭара ҟазшьас илымам. Лара лзы ихадароу –  уи аурок дзазыҟаҵам мзызс иамоу аилкаара ауп. «Дарбанызаалакгьы арҵаҩы, имаҭәар адырра анаҩсгьы дыԥсихологзароуп. Зегь раԥхьагьы уи ахәыҷы изналго адырра инаҷыданы, изнеишьа дақәшәозароуп. Ахәыҷқәа зегьы еиуеиԥшым, урҭ хаҭа-хаҭала рҟазшьа ҭҵааны, досу ишырнаало ала рызнеишьа хымԥадатәуп. Ҳәарада, алеишәагьы ааурԥшыроуп иахьаҭыԥу, аха бжьы рдула ахәыҷы аҵара ирҵара, уи унапаҿы иаагара алҵшәа аиуам, ус еиԥш ахымҩаԥгашьагьы иашам ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷы игәы азҭаҵатәуп аҵара, дхьысҳазар, иԥырхагоу аҭагылазаашьа еилкааны ицхраатәуп, уи азы угәра игартә ухы мҩаԥугароуп. Иахьа 4 ҳәа аҭак ҟаиҵар ахәшьара 5 изықәыргылара иҽаԥсеитәыр шилшо азгәаҭаны дурҽхәар, ихәшьара еиҳаутәыр, уаҵәы игәы ацԥыҳәаны ихәшьара аҳаракра иҽазишәарц далагоит. Зҵатәхәқәа ззымҳәаз ахәыҷы уиацәҳар, ҩба изықәургылар еиҳагьы аҵара игәы ахуршәоит. Ажәакала, агәшәа акра, аргәыбзыӷра зегьы ирнаалоит, ирыхәшәуп», – дҳацәажәон Асҭанда.

Аԥсуа бызшәа апроблема, ҳтәыла зегь аҟнеиԥш, Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟныгьы иуԥылоит. Аха, Асҭанда лажәақәа рыла, ари ашкол аҟны аҵара зҵо рахьтә зхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара маҷҩуп. «Абызшәа здыруеи иззымдыруеи еиԥшны аҵатәхәы рызнагара залшом. Даара ауадаҩра ацуп зхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷы апрограмма еилыркааны иахьыгӡара. Аамҭа рацәа рықәырӡтәуп зхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рбызшәала ихәыцуа, ицәажәо рыҟаҵара. Уи азы аурокқәа рышьҭахь аус анрыдааулогьы ыҟоуп.

Ахатәы бызшәа адырра, уи ала ахәыцра, ацәажәара, абызшәа абзиабара, агәбылра, сара сгәаанагарала, аҩнаҭа аҟнытә иаауазароуп, аҭаацәара аҟны ахы ыҵнахуазароуп. Ахәыҷы дызлыҵыз аҩнаҭаҿы, иҭаацәараҿы ихатәы бызшәа иаҳауазароуп, уи ала дцәажәозароуп. Арҵаҩцәа иаҳуалу ашкол ахь иааиз ахәыҷы аҵара ирҵара ауп, абызшәа ирҵара акәӡам. Аха ҳаԥсадгьыли ҳажәлари уаҵәтәи рԥеиԥш ҳазхәыцны уи аидарагьы ҳхахьы иаагоит», – лҳәеит уи.

Асҭанда Мираб-иԥҳа аҵара злырҵо лҵаҩцәеи лареи даара еизааигәоуп, аурок анҭыҵ еиҩызцәоуп, уимоу, ахәыҷқәа рымаӡақәа лзаадыртуеит, лыгәра ргоит.

«Асҭанда Мираб-иԥҳа даара лыҟазшьа бзиоуп, лурок амҩаԥгашьа аинтерес аҵоуп, гәахәарыла ҳалзыӡырҩуеит. Аурок анҭыҵгьы еснагь ҿыцк ҳадылгалоит, лассы-лассы имҩаԥылго еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ҳрылалырхәуеит, ҳәарада, уи ҳдыррақәа арҭбаауеит», – дҳацәажәон 11-тәи акласс аҵаҩы Инал Цыба, ирҵаҩы даара ибзианы дшырзыҟоу, даргьы бзиа дшырбо азгәаҭо.

Ҳаицәажәара хыркәшо, Асҭанда Чагәаа илҳәеит, аурок аҟны ахәыҷқәа адырра рыҭара хықәкыс ишлымоу, урҭ рҟнытә лџьабаа алҵшәа лбаанӡагьы дшырԥырымҵуа. Амала, лыбжьы ӷьеҩны, иршәаны, ирыдцаланы акәымкәан, лара ишылҟазшьоу еиԥш, ҭынч, хаала, рымаршәа кны, ажәа ҟәышла драбжьаны аҵара длырҵоит. Ас еиԥш аҟазшьеи азнеишьа бзиеи илымоу рзы ауп ашкол анҭыҵ лҵаҩцәеи лареи аԥхарра зҵоу аиҩызара рыбжьаҵара  зхылҿиаазгьы.

«Сыԥсҭазаара ашкол иадҳәаламкәан, ахәыҷқәа рыда схаҿы исзаагаӡом. Аԥхынтәи аԥсшьара мшқәа раангьы, ҿыц ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷ иеиԥш сгәы хыҭ-хыҭуа аҵарашықәс ҿыц ааира сазыԥшуп», – лҳәеит уи.

Ҳәарада, аҿар реиҵааӡараҿы, урҭ адыррақәа рызнагараҿы, гәык-ԥсыкала, ҭакԥхықәрала ззанааҭ иазнеиуа Асҭанда Чагәаа леиԥш иҟоу арҵаҩцәа ирыбзоуроу рацәоуп уаҵәтәи ҳԥеиԥш аиӷьтәразы.

Алиса Гәажәԥҳа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image