1941-1945 ш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Дәырԥшьынтә еибашьра ԥшьышәҩык цеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы, Дәырԥшь ақыҭан инхоз Шәлымба Шоҭагьы дыҟан.
Уи аџьабаа баны ихынҳәыз хаҵан. Иара аибашьра атәы аламала далацәажәомызт, аха аибашьра иазкыз афильмқәа лаӷырӡыда дызрыхәаԥшуамызт. Шоҭа акрызлаз, пату зқәыз хаҵан. Иԥшәма Агрба Лиубеи иареи еицынхеит, ахшара рааӡеит.
Аԥсуа жәлар змагәшьхәа иҭазцаларц иақәызкыз ақырҭцәа аибашьра иалагеит, ачара аҽазыҟаҵара ишаҿыз, ари ажәабжь хлымӡаах заҳаз Шәлымба Шоҭа азныказы ихеимҵеит. Ашьҭахь иԥацәа ашҭа ианҭыҵ, уи агәра игеит. Шоҭа аибашьра ду аҿы дызлаԥшыз ила иаахгылон. Иара ибзиаӡаны, уи иацыз арыцҳарақәеи алаӷырӡи идыруан. Иԥацәа реиҵбаӡа Баҭал аҭаацәара далалахьан, уи ачара изуразы аҽеиқәыршәара иаҿын. Шәлымба Баҭал Шоҭа-иԥа диит 21.09.1967 ш. Дәырԥшь ақыҭан, абжьаратә школ далгеит. Аррамаҵзура ақалақь Душанбе ҩышықәса ихганы дааит. Даныхынҳә Аҟәа ақыҭанхамҩатә институт дҭалоит. Занааҭла дагрономын. Баҭал деилыҷҷан, иарбан усзаалак дызлагалак аҭыԥ ақәҵашьеи анагӡашьеи идыруан. Убас, аибашьра иалагаанӡа Афон ақалақь аҟны ихатәы коммерциатә ус даҿын. Аԥхын ачара зҽазыҟазҵоз иҭаацәа рҿы дыҟан, дрыцхраауан… Баҭал, Смыр Гиви иеизигаз агәыԥ дацны Ацҳа ҟаԥшь ахь дцеит. Иара аибашьраҿы изықәгәыӷны ԥшыхәра ирышьҭуаз, амца зыцраз арԥысын. Уи зны-зынла игәалашәон лакәҵас дыззыӡырҩхьаз иаб Шоҭа иҳәамҭақәа. Урҭ иара ихаҭагьы дшаҳаҭны днарылагылеит. Баҭал иазҳәоз рацәаҩхеит: – аҭаацәара уалалеит, уԥшәма лцәа лтәым, аҩныҟа ухынҳәы. Уашьцәа ҩыџьа ыҟоуп, урҭ еибашьуеит, – ҳәа, аха урҭ аӡәгьы дырзымӡырҩит.
–Марттәи ажәылараан, – иҳәеит иашьа Руслан, – Баҭал ихабар аныҟамла, Беслан дишьҭалеит. Ҩымш рышьҭахь диԥшааит. Усҟан уи дызлаԥшыз аҳәара ицәыуадаҩын, иҭахаз аҷкәынцәа рыхьӡқәа еиқәиԥхьаӡон… Иҭагылазаашьа, иԥшра даара уицәшәаратәы дыҟан. Аха, дицны аҩныҟа дымхынҳәит… – Аибашьра цон… Баҭал иҩнаҭаҿы аԥа диит, аха иара издырӡомызт. Асаби ииз Дамеи ихьӡыртәит. Риешьараҿы иҭахаз Шәлымба Валера иҵәуаразы дахьааиз ауп ахәыҷы ииразы ажәабжь ахьиаҳаз. Баҭал уи игәалаҟара шьҭнахит, иҭаацәа дынрыдтәалан, драцәажәеит. Иаб иажәа дазыӡырҩит. Нас, имҩа дықәлеит. Аҳаракыра Цугуровка агаразы аибашьра цон. Раԥхьа ҳаибашьцәа аӡәырҩы рыԥсҭазаарақәа ақәҵаны иааныркылеит, аха нас иаанырмыжьыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Уи ацаҟьаҿы шаҟаҩы рыԥсқәа аҿаԥсоу адырра уадаҩуп. Убас, ажәыларақәа руак аан, Шәлымба Баҭал дызлаз абаталион ирылахысуа иалагеит. Аибашьцәа реиҳараҩык апозициақәа аанрыжьит. Баҭал иаԥхьа инеиуаз Конџьариак артҟәацга дахаԥжәеит, ишьапы амнахит. Ахәра зауз ацхыраара даҳәон, аха игәаӷьны уахь анеира цәгьан. Зыԥсы зҭахымыз иакәын уи ҟазҵоз. Аибашьцәа ируа рзымдыруа игылазшәа аниба , Баҭал иҿынеихеит. Дҳәазаны акыр днаскьахьан еиԥш, Баҭалгьы иҵаԥжәеит. Конџьариагьы Баҭалгьы ирзааигәан иҟаз аибашьцәа ахьгылаз изымҵысуа иаанхеит. Идәықәлар, ирыцхраар рҭахуп, аха даргьы уаҟа наӡаӡа иаанхар шалшо рныруеит. Аӷызбжьи ақьыбжьи ахәы ықәдырцәажәаауан. Баҭал ибзианы еиликаауан дара аӡәгьы ишизҭымго, рааигәа ишзымнеиуа. Убри аҟнытә илӡаара иаҿыз имч ицәцаанӡа, иҩнуҵҟа иџьыбахь инапы дәықәиҵо далагеит. Ацхыраара иҭара злымшаз ҳаибашьцәа иихәыцуаз рзымдыруа иԥшын.
Идокументқәа иџьыба иҭаз ҭыхны, иҿаҳәаны, иҩызцәа рышҟа иршәит, ибжьгьы иргеит. – Абарҭ сҭаацәа ирышәҭ… ҳәа. Нас ишәыра иҭаз артҟәацга ааҭиган, иҽԥижәеит… Зшьапы амнахыз Конџьариа дҳәазаны ддәықәлеит, аха ахра даҿҟьаны дҭахеит…
– Баҭал, – иҳәеит иашьа Беслан, – аӷацәа рнапаҿы дҟалар ҳәа дшәеит, избанзар, маха-шьахала дыӷәӷәамызт. Иара иажәа иалан: – Аӷацәа сыԥсы ҭаны, схы рысҭаӡом… ҳәа.
Шәлымба Баҭал Шоҭа-иԥа ицеибашьуаз ԥсыцқьала дизныҟәарц иӡбеит. Уахь ицара шшәарҭаз иазҳәазгьы дырзымӡырҩӡеит, ацхыраара зыла ҭырхаха иаҳәоз ауаҩы, ус дизаанмыжьит. Иара ихаҭа ацхыраара аниҭахха, аӡәгьы димыҳәеит,димыргәамҵит. Ихала аԥсра алихит...
Шәлымба Баҭал Шоҭа-иԥа агәаӷьра змаз, иӷәӷәаз фырхаҵан. Аибашьҩы ианашьоуп Леон иорден. Баҭал ихьӡ иахӡыӡааны иахцәажәоит, иазгәдууп, дыздыруаз зегьы ргәаҿы наӡаӡа даанхоит.
Гугуца Џьыкрыба

