Алашара каххаа ашҭа иҭаԥхон. Ашҭаҿы итәаз абырг илабашьа адгьыл иахьыҵаикшоз изгәамҭаӡакәан иҭижаауан. Уажәы-уажәы уи дқәыԥсычҳауан, иуирбарц ииҭахымзгьы ихы-иҿы гәырҩала иҭәын. Нас илаԥш ԥшьшьала, ашҭа уҭалаанӡа уназыдгыло аҳаҭгәынқәа рахь инаирхон.
Ииҳәарц ииҭахыз зегьы ихы-иҿы ианубаауан. Еиқәышьшьы иҟаз ашҭа излоу ахәыцра иалархырц рҭахушәа ахәыҷқәа рыччаԥшь акыркырҳәа игон… Аҭаҳмада илаԥш ахәыҷқәа ихәмаруаз рышҟа ихан.
Аамҭа маҷымкәан ишцахьоугьы, ари ашҭа ахәра ианылаз анубаалоит, алахь еиқәуп… Аха аҭоурых ҭҵаауа уҿаныноухалак, алахьеиқәра афырхаҵара ахыҳәҳәоит. Дыҟамзар ҟалап Гәдоуҭа араион аҟны Дармаа Маџьыҭ иҭаацәара жәытәгьы-ҿатәгьы иззықәԥоз рыԥсадгьыли рыжәлари шакәыз ззымдыруа. Маџьыҭ ихаҭа ахӡыргара иашьҭамыз, зус цқьаны иназыгӡоз хаҵан. Ихшазгьы ус ааӡара рыман.
1941-1945-тәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду хәҩык аишьцәа алахәын: Дикран, Биссарион, Маџьыҭ, Уасил, Константин. Дикран «Малаиа землиа» аҟны хабарда дыбжьаӡит. Бис сарион аибашьраҿы иоуз ахәразы, «аҩбатәи агәыԥ» ахымхәа ҳәа иман. Уасил адесанттә гәыԥ далан, офицерын, Багә аибашьра зегьы далсит, нас дытҟәаны дыргеит, ашықәс рацәа ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәит. 1945 ш. аҭаацәара реиҵбаӡа Константин аибашьра иԥхьеит. Дыргеит. Иҭыԥаҿы даннарга аибашьра шеилгаз иарҳәеит, Аԥсныҟа дхынҳәит.
Дармаа Маџьыҭ Ҳабахә-иԥа иԥшәма Чачибаиа Ардеи иареи хәҩык ахшаара рааӡеит: ԥшьҩык аԥацәеи аԥҳаи. Згәы иаанагодаз, зхы иҭашәодаз, Маџьыҭ иԥацәа раб дызнысыз амҩа анысра рықәшәап ҳәа.
Нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы, асааҭ 12 реиԥш Маџьыҭ иԥацәа рыԥшьҩык: Витали, Игор, Гәылик, Џьубеи ирымаз рабџьар рхианы ашҭаҿы иааизыԥшит. Злабашьа кны зыхшара ирыхәаԥшуаз, раб Маџьыҭ ус ҿааиҭит: – Аибашьра еснагь арыцҳара ацуп. Аха, уи арыцҳара иахыҳәҳәозароуп амшәареи агәаӷьреи. Ҳаԥсадгьыл заҵәык ауп иҳамоу, уи хьчатәуп. Уи азы иаҭаххозаргьы аԥсра зегьы шәазыхиазароуп… Ран Арда дзеиҭамҵуа дгылан… Еишьҭаланы илеиуаз лылаӷырӡқәа мчыла илҵәахуан. Аӡәк еиԥш рыԥшьҩык ашҭа еицҭыҵит. Агәашә аҟны ирыхшааз рымҩа ианԥшыло, ани аби гылан. Маџьыҭ иԥацәа ақалақь Гәдоу аӡнырцә инхоз, уахгьы-ҽынгьы изцыз, излагылаз инрыгәҭыларкит. Витали Маџьыҭ-иԥа агәыԥ аиҳабыс дацҵаны, Гәдоуҭа ақалақь аҟынтә Аҟәа Ацҳа Ҟаԥшь ахь идәықәҵаз раԥхьатәи гәыԥын.
Цәыббрамза анҵәамҭазы Витали Владислав Григори-иԥа Арӡынба диԥхьеит. Усҟан Аԥсны Аҳәынҭқарра акомендант ихзаҭыԥуаҩыс диаган. Ԥхынҷкәын анҵәамҭанӡа уа дыҟан. Нас, ихатәгәаԥхарала иусура ааныжьны, иабџьар шьҭыхны иҩызцәа, иашьцәа злаз архәҭа ашҟа дхынҳәуеит. Иара убри амзазы аԥшаҳәа ахьчаратә баталион еиҳабыс далхын. Уи ашьҭахь Ԥсоу инаркны Гәымсҭанӡа аԥшаҳәа ахьчаратә хәҭақәа зегьы еидырҵеит. Дармаа Витали командаҟаҵаҩыс дахьыҟаз аԥшаҳәа ахьчаратә баталион Аҟәа ахақәиҭтәра иалахәын.
Витали аибашьратә хҭысқәа еиҭеиҳәон. Иара изы зегьы реиҳа ихадаз, иашьтцәа ирызкыз акы ицәыбжьахар ҳәа дшәаны, иажә́а инациҵеит: – Аибашьраҿы ирылшоз акы иавымсит. Лассы-лассы ҳаибабаӡомызт, аха ҳхабарқәа, ҳахьыҟаз аадыруан… Игор, абаталион аныҟарҵа, арота командирс дарҭеит… Гулик Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь Герман Ақаҩбеи иареи Мрагыларатәи афронт ахь ацхыраара рҭахуп ҳәа ицеит. Џьубеи ҳиҳәеит, ҳарҭ ҳахҩык аибашьраҿы ҳаҟоуп, ҳани ҳаби уаарыдтәал ҳәа, аха усҟан ахаҵаҵәҟьа иаҭәамызт аҩны аангылара… Абас ԥшьҩык аиашьцәа ҳҟынтә сара саанхеит. Ари ахьаа зхылҵыз аибашьра ауп…
Дармаа Игор Маџьыҭ-иԥа 11.04.1957 ш. диит Ҟәланырхәа ақыҭан, Гәдоуҭа араион аҟны. Далгеит Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ. Уи ашьҭахь амашьынаныҟәцара азанааҭ алихит. Аррамаҵура Мурманск дахысуан. Даныхынҳә Гәдоуҭатәи аныҟәарақәа рбиуро аҟны аус иуан. Иара еснагь аԥсуааи ақырҭцәеи имҩаԥыргоз аполитикатә еибарххарақәа дрылахәын. 1978 шықәсазы Гагра астадион аҟны ақырҭцәеи аԥсуааи анеилала, рыгәҭаҵәҟьа далагылан. Усҟан иҭырхуаз апатреҭқәа рҿы Игор ихымҩаԥгашьа збаз ақырҭцәа аусқәа еиқәырҽаҽаны, иҟамыз анҵаны дҭаркуеит. Аԥсуа жәлар рҵеицәа 1937-1940-тәи ашықәсқәа раан идәылганы ишыргоз еиԥш, 1978-1979-тәи ашықәсқәа раангьы иргон.
Дармаа Игор аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Дармаа Витали напхгара зиҭоз акоманда далан. Уи ишьҭахь ари акоманда командирс Начач Владимир даман. – Игор, – иҳәеит Начач Владимир, – аибашьра адәаҿы иааирԥшыз ахаҵарақәа рацәан. Уи изныкымкәан ԥшыхәра дцахьан. Исгәалашәоит, ажьырныҳә́атәи ажәылара аан, ацҳа нырцә иҭахаз Ҭраԥшь Едуард ибаҩ аагаразы аус дуӡӡа еиҿикааит. Хәажәкыратәи ажәылара аан, сара арратә прокуратура ахь усура сиаган. Абаталион командирс Аҩӡба Фридон Ҷаҷ-иԥа даман. Игор ирота Гәымсҭа ирит. Ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Усҟан Гәымсҭа егьырҭ иаанхақәаз, цхыраара ицазҭгьы аусқәа даҽакала имҩаԥысуан. Игор хәажәкыратәи ажәылара аан ҳаибашьцәа реиқәырхаразы иԥсы аӷацәа ириҭеит. Уи зегьы иреиҳау фырхаҵароуп – иҳәеит Начач Владимир.
Игор аҭаацәара далалеижьҭеи мызқәак ракәын иҵуаз. Иԥшәма Барцыц Гәыгәча ахәыҷы иира дазыԥшын… Гәымсҭа аӡиас нырцә аибашьра ӷәӷәа цон. Уажәы уажәы рышьҭахьҟа аибашьцәа ԥшуан, Аҩӡба Фридон напхгара зиҭоз абаталион. Аибашьҩы Аԥсны Афырхаҵа Кәарацхьелиа Џьон (цәыббратәи ажәылараан дҭахеит) иҳәеит: Аҩӡба Фридон ибаталион араион «Колокол» ҳәа иахьашьҭоу инеир акәын. Уаҟа ахырӷәӷәара ҟарҵараны иҟан… Аха, уахь инеиаанӡа иҭахаз рацәаҩхеит. Игор ирота еибашьра ӷәӷәала акыр инаскьеит. Уи иеибашьцәа дрыхӡыӡаауан, хаҵаралагьы аԥсра даԥылеит…
Хәажәкыратәи ажәылара иалахәыз иҟаз аиҭаҳәара рцәыуадаҩын. Игор иеибашьцәеи иареи шьҭахьҟа ианыхынҳәуаз ақырҭуа аибашьҩы дытҟәаны дрыман. Ҳаибашьцәа акыр иааскьахьан еиԥш аӷацәа рыкәшеит. Игор ақырҭшәа еиликаауан, маҷкгьы дцәажәон. Акыраамҭатәи аицәажәарақәа рышьҭахь, Игор ақырҭуа ицәажәоз ибжьы идырызшәа рҳәоит. Аиҿцәажәара мҩаԥызгози иареи реибадырра, Игор ихы иархәаны, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит: – Игор ирота аҟынтә 22-ҩык аибашьцәа аӡәгьы акгьы рмыхькәа иоурышьҭуа, уи аамҭазы ркомандир Дармаа Игор ихы шасыс ақырҭцәа ириҭо, дара рышҟа диасуа. Еиқәшаҳаҭхеит. Шамба Адгәыргьы, Агәымаа Ельмаргьы, Игор ихала дҟамларазы ишьҭаланы ицеит.
Хәажә́кыратәи ажәылараан иҭахаз, ишьыз ирзалгоз алыргеит. Аха, аиҳараӡак Гәымсҭа нырцә инхеит. Шасыс зхы ҳаӷацәа ирызҭаз Игор илахьынҵахаз аӡәгьы издырӡомызт. Ан рыцҳа лгәаҵа иаҵаҵәахыз агәыӷра агәра лгон. Аибашьца раб Маџьыҭ иҷкәын иҟамзаара мызкы аҟара анахыла, иԥшәма ус леиҳәеит: – Уи иԥсы ҭазар, дшаалак даауан, аха уи насыԥс имамзар акәхап, ҳәа.
Хәажәкыратәи 15-16-тәи ажәылара иалахәыз Аҩӡба Дмитри игәалаиршәон: – Сара сааигәа иҟаз аибашьцәа адҵа рысҭеит ихьаҵразы. Ҳара адҵа иҳадыз наҳагӡеит. Иахьахәҭаз ҳҭыԥаҿы ҳнеит. Аха ацхыраара анаҳмоу, уаҟа аанхашьа ҳамамызт. Ҳанхьаҵуаз ақырҭцәа ҳрылашәеит. Ҳаибганы цашьагьы ҳамамызт. Дармаа Игор аиҿцәажарақәа акыр мҩаԥигеит. Иахьагьы сыбла ихгылоуп аҿҿаҳәа ақырҭцәа аԥсышәала ицәажәоз. Зны-зынла ус агәаанагара соуеит, иаԥсуаан ҳәа. Игор аибашьцәа ҳцымхәрас дшаангылоз агәра диргеит. Усҟан ақырҭцәа апатронқәа иҳамаз зегьы ҳамырхит, ҳавтоматқәа аанҳажьыр акәхеит. Игор агәра ҳиргеит, – ҳцар еиҳа ишеиз, нас ус ациҵеит: – Шәысцәымшәан! Сара акы сыӡбоит! – ҳәа. Ҳаԥсы еиқәзырхаз Игор иоуп, ҳара ҳаиқәирхаразы иара иԥсы Аԥсны иақәиҵеит.
Дармаа Маџьыҭ иҭаацәара зегьы Дармаа Игор имҩа иазыԥшын. Хәажәкырамза 30, 1993 шықәсазы Игор аԥа дихылҵит. Уи Беслан ихьӡырҵеит. Аб ихаҭыԥан дгылоит аԥа ҳәа, аԥсуа жәлар ирҳәоз шаҳаҭра ауазшәа, иҵәҩаншьап ахааназ имыӡырц ишыҟаз арҵабыргит. Иара Пицундатәи абжьаратә школ далгеит. Уи ашьҭахь ААУ аҭоурыхтә факультет дҭалоит. Пицунда аус иуеит.
Дармаа Игор Маџьыҭ-иԥа ибаҩ ԥшаан аибашьра ашьҭахь «Аиашьаратә нышәынҭра» ҳәа изышьҭаз аҟны 1994 ш. абҵарамзазы. Анышә дамадоуп Ҟәланырхәа ақыҭан. Ихҵоуп «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы.
Дармаа Џьубеи Маџьыҭ-иԥа 25.03.1959 ш. Ҟәланырхәа ақыҭан, Гәдоуҭа араион аҟны диит. Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ далгеит. Занааҭла дмашьынаныҟәцаҩын. Аррамаҵура Мурманск дахысуан.Џьубеи аҭаацәара дреи ҵбын. Аха, еснагь иашьцәа реиԥш иаргьы аԥсуа жәлар рызҵаарақәа ахьырӡбоз иҽрылаирхәуан. 1989 шықәса, цәыббрамза 14 рзы, Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны амлашьратә акциа аҟны ҩажәаҩык итәаз рхыԥхьаӡараҿы Дармаа Џьубеигьы дыҟан.
Аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәраан иабгьы иашьцәагьы иыҳәеит аҩны даангыларц. Азныказы, Џьубеи ирҳәаз дақәшаҳаҭхазшәа ҟаиҵеит. Аха, иашьцәа анца иара иан иӷәӷәаны даагәыдикылан, ус леиҳәеит: – Сан, сашьцәа уа иҟоуп, агәгәаҳәа ахысбжьқәа гоит, саҭабымҵан, урҭ ахьыҟоу саргьы сцоит, –ашҭа дынҭҟьеит .
Аҟәа ақалақь агаразы аҩбатәи амш азы, аибашьра адәаҿы Џьубеи ирхәҭаҿы иҟаз аӡәы ахәра ӷәӷәа иоуит. – Шәсыцхраа! ҳәа зыбжьы газ ишҟа дҳәазаны иҿынеихеит. Ухы шьҭухыртә иҟамызт, аха Џьубеи ахәы иҿы днеины, ирласны ацхыраара ииҭарц дшаҿыз, иаргьы ахы иқәшәеит. Иашьа Витали ибаталион драԥхьагыланы Аҟәа араион ҿыц ахақәиҭтәра далахәын, ԥхьаҟа ацара даҿын.
Дармаа Гули Маџьыҭ- иԥа Аҟәа аҭарцәраан Ҟәланырхәаа рбаталион далан, командирс дыҟан Арӡынба Ака. – Аҟәа ақалақь, – цәыббрамза 27 рзы ианҭаҳарцәы, – иҳәеит Витали Маџьыҭ-иԥа, исарҳәеит сашьцәа аиҵбацәа рҩыџьагьы, Гуликгьы Џьубеигьы ихәны ахәышәтәырҭаҿы ишышьҭаз. Гулик – Гәдоуҭатәи арратә госпиталь аҟны дышьҭан. Џьубеи – Афонтәи агоспиталь аҟны аҳақьымцәа ихагьежьуан, ахәрақәа иоуз ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит, 28.09.1993 ш. Ианашьоуп «Леон иорден». Дҭаацәарамызт. Џьубеи иашьа Витали ибжьы аниаҳа илақәа хитит, ихы-иҿы аалашеит: – Игор дыжәбама?! Иԥсы ҭоума?! Игор… даҽакы ациҵар иҭахын, аха илымшеит.
Дармаа Гулик аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵарақәа легендаҵас иалацәажәон. Уи иҩыза Ақаҩба Германи иареи, Шамиль Басаев игәыԥ иалаланы, хәымзи бжаки Мрагыларатәи афронт аҿы ақыҭақәа ҭадырцәуан: Кәачара, Кындыӷ, Лабра, Ануаа рхәы уҳәа. Аҵыхәтәан Аҟәа анҭадырцәуаз ахәра ӷәӷәа иоуит. Леон иорден ианашьоуп. Дҭаацәаран, ҩыџьа аԥацәа драбын.
Дармаа Витали Маџьыҭ-иԥа аԥсуа милаҭтә қәԥареи, Аԥсны аибашьра ианалагеи илагала дуӡӡан Аԥсназы. Ҳаибашьцәа знысыз аибашьратә мҩа зегьы идыруан, ианиҵон, еиҭеиҳәон.
Дармаа Маџьыҭ ихшара убас иааӡеит рхы аҵкьыс аԥсадгьыл бзиа ирбо. Урҭ ахааназ амал иашьҭамызт. Зегьы рыла иаԥсуааз, зхы-зыԥсы зыԥсадгьыл иадызҵоз уаа хатәрақәан.
Гугуца Џьыкрба

