АХҬЫСҚӘА

Акыр шықәса иззыԥшыз амҩа

Аԥсуа қыҭақәа еимаздо «Ԥаҭраз» ҳәа изышьҭоу амҩа аҟаҵара нападыркижьҭеи жәамш раҟара ауп иҵуа. «Акыр шықәса ҳаззыԥшыз Ҭхьына ақыҭа еиԥш егьырҭ ақыҭақәа: Гәыԥ, Арасаӡыхь, Отаԥ уҳәа иқәынхо зегьы гәахәара дула иҳадаҳкылеит, абар 33 шықәса ҵуеит хәыҷгьы-дугьы ҳазыԥшызижьҭеи.

Аибашьра еилгеижьҭеи ари амҩа ус иаанханы иҟагәышьан, аха аҳәынҭқарра анапхгарала ари аус хацыркуп, иахьа ақыҭа ахьӡала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны анапхгара иҳәеит Ҭхьына ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа. Ҭхьына ақыҭа аибашьра иалагаанӡа 220 ҭӡы нхон, аибашьра анеилга 160 ҭӡы ҳәа иарбоуп, уааԥсырала 630-ҩык рҟнынӡа инаӡоит. Шамахамзар зқыҭа ныжьны ицаз маҷуп. 

Ақыҭа агәҭаны игылоуп ашкол дуӡӡа аҵара зҵо аҵаҩцәа маҷзаргьы арҵаҩратә еилазаара азхоит. Ақыҭа анхацәа ракәзар рхатәџьабаала инхоит  амҩа ҟалар, ақыҭанхацәа раалыҵ кылганы ирҭиуа, ирыгу-ирыбзоу аагара рзыманшәалахон 

Тәамҩахәк рымаӡамкәа амҩ­аҟаҵаҩцәа аусура иаҿуп, аусуаҩцәа рзы еиҳа ицәгьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп акаҭран ақәҵара азырхиара, џьара-џьара адгьыл ҳәазоит, даҽаџьара аӡы ахьықәу ыҟоуп амҩа ԥҟаны ҿыц иахьалырдо, уҳәа… Узмырманшәало аҭагылазаашьақәа шмаҷымгьы, гәкаҳарак ҟамҵакәа аус руеит. Амш ирнаҭар  мызкы аҩнуҵаҟала ақыҭақәа еимаздо амҩа иалгоит, аха аусуҩцәа руаӡәк излеиҳәаз ала «ақәа анаулак ауаҩы аус иуртә еиԥш аҭагылазаашьа иоуӡом, адгьыл ахьыцәааку иахҟьаны». 

Иахьа ақыҭа аҿиара амҩа иануп. Аҭоурых ду змоу, ԥсабарала иԥшӡоу, уааԥсырала ибеиоу Ҭхьынаа ирымазааит аԥеиԥш лаша, иҿиалааит аԥсуа қыҭақәа, иҿымцәаалаит урҭ рхәышҭаарақәа.

 

Марҭа Гәарамиа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image