«Адумбеиқәа рызҵаара Аԥсны аԥсабарахьчаразы даара хра злоу зҵаароуп. Аԥсны мацара акәымкәа, Кавказ иахьаҵанакуа аҩажәижәабатәи ашықәсқәа рҟынӡа зынӡа ианыӡаахьан. Ҳара ҳдумбеиқәа иҷыдақәаз роуп, уи ахкы Кавказтәи адумбеи ахьӡын.
Адунеи аҿы еиқәханы иҟоу ахкқәа рацәаӡам, урҭ ируакуп «асакаратә» ҳәа изышьҭоу, иара аҵаа бзианы иахнагоит, ахьҭа ӷәӷәа хьаас иамаӡам. Рыцҳарас иҟалаз, Кавказтәи ахкы ахьеиқәхаз маҷӡоуп, анкьа зны, рхыԥхьаӡара аныӡаанӡа, Германиаҟа ҳәыс хәыҷык ргахьан, Кавказтәи ахкы убраҟа еиқәхеит»,- абас иажәабжь далагеит аԥсабарахьчареи аекологиеи рҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Аҩынҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы Кавказтәи абиосфератә ҳәырԥсарраҿы адумбеиқәа рхыԥхьаӡара аиҭашьақәыргылара напы адыркит, иагьрықәҿиеит. Абасала Кавказ иахьаҵанакуа дара аԥсабара еиҭалагалан, аха Аԥсны иҳамаӡам.
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарраҿы зхақәиҭра бжоу, даҽакала иаҳҳәозар аԥсабараҿы иҟоу, аха ахкаарсҭа иҭырмыжьуа адумбеиқәа ргәыԥ аԥҵара азԥхьагәаҭоуп, уи ҳаԥсабара ианыӡахьоу аԥстә дуқәа рхыԥхьаӡара аиҭашьақәыргылара азы шьаҭас иҟалоит. 2026-тәи ашықәс анҵәамҭазы Кавказтәи аԥсабарахьчаратә ҳәырԥсарра аҟынтәи раагара азгәаҭоуп аҳәарақәа фба, адумбеицәқәа ҩбеи, аҿшақәа ԥшьбеи. Абри атәы иҳәеит аԥсабарахьчареи аекологиаеи Рҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа. Аеколог иажәақәа рыла, апроект аԥшьигеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа, аха, апроект аҳәаақәҵара мҩаԥысуеит аекологцәа алархәны. Ҭоурыхла, анкьа зны Аԥсны адумбеиқәа рацәаны иҟан, урҭ гәымбылџьарала рызныҟәара ихылҿиааит рықәӡаара. Аҵыхәтәантәи адумбеи ршьит ашьхақыҭа Аибӷа иахьаҵанакуа зқьи жәшәи ҩажәи фба шықәса анҵәмҭазы.
Фымз раԥхьа Урыстәылатәи аекологцәеи аԥсуа ҵарауааи аицәажәарақәа ирылагеит, аԥсабарахьчареи аекологиеи Рҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, урыстәылатәи аекологцәа аԥстәқәа раагара аҽазыҟаҵаразы акомплекстә план еиқәдыршәеит. Уи инақәыршәаны, раԥхьа иазгәаҭан дара раршьцыларазы еиҳа иманшәалоу аҭыԥ, аҳәырҭақәа ахьыҟоу, аҵиаақәа рыхкы рацәа иахьазҳауа. Анаҩс хшыҩзцара аҭан аҭакырҭа ахкаарагьы.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аспециалистцәа Кавказтәи абиосфератә ҳәырԥсарра иаҭааит, арҭ аԥстәқәа рбиологиеи рекологиеи инарҵауланы иҭырҵааит. «Ҳара иаҳбеит урҭ аԥсабараҿы уамак аҭахра ҳаракқәа змоу ракәны ишыҟам, дара шанаало ашәаԥыџьаԥ рацәа ахьыҟоу адәкаршәрақәеи ашьхаҭыԥқәеи. Иагьаҳаӡбеит Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аԥсабаратә ҳәырԥсарраҿы аҭыԥ рзалхра»,-иҳәеит аеколог Савели Ҷыҭанаа. Убри аан иара иазгәаиҭеит дара анааргалак аамҭак азы ишҭактәу, уи ашьцыларатә аамҭа иалагӡаны аҵиаақәа рыла ичалоит, иҳәлоит, аха аӡынразы аҳәырԥсарраҿы асырацәа анкаҳалак, иаҭаххар рхәы рырҭалоит»,- иҳәеит Савели Ҷыҭанаа. Адумбеиқәа ахьҭаркуа аҭыԥ азалхын, уи адгьылҵакыра ԥшь-гектарк ыҟоуп. Аҭыԥ зегьы еихатә аандала ихкаатәын. Ахарџь зегьы ихахьы игеит Резо Занҭариа, ихатә ԥарала аусурақәа зегьы наигӡеит, аҭыԥ рхиоуп, иззыԥшу аҳәарақәа раагароуп. Иаарго адумбеиқәа фба аархәаӡом, ҳамҭас ирырҭоит. Дара ԥыҭк ианыҩеидаслак аԥсабарахь иоушьҭхоит. Аекологцәа иҟарҵаз заанаҵтәи азгәаҭарақәа рыла, жәашықәса ирылагӡаны Аԥсны адумбеиқәа рхыԥхьаӡара 50 рҟынӡа инаӡар алшоит. Избанзар, ирзыманшәалоу аекологиатә ҭагылазаашьақәа рҿы дара ирласны иҿиоит.
Абраҟа иҟоуп уадаҩрак, уи абна ианыларҵалакь ашьҭахь адумбеиқәа реиқәырхара иазкуп. Савели Ҷыҭанаа ашәарыцаҩцәа рахь ихы нарханы аҳәара ҟаиҵеит, аилкаара аадырԥшырц, аԥсабара ԥырхага арымҭарц. «Ҳәарада, урҭ ааганы ианҳау, аԥсабарахь роушьҭра аҟынӡа ҳаннеи, аӡыргара аус адаҳулар акәхоит, ателехәаԥшра, арадио, акьыԥхь адыԥхьаланы ауаа ирылҳҳәалар ауп аԥстәқәа кьыс рырымҭарц»,-иҳәеит аекологиазы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Савели Ҷыҭанаа. Араҟа иазгәаҭатәуп, аԥстәқәа аноурышьҭуа GPS-аԥшаага шрықәыргылахо, уи моу акык-ҩбак ирымазаауеит анацәхыԥ иаҟароу авидеонҵагақәа. Дара гәыԥ-гәыԥла изланыҟәо ала, ҩбаҟа ирымазар иазхоит. Урҭ авидеонҵагақәа рыла дара ахьыҟоу, иршьыма, ацәа ахырхма уҳәа зегьы убарц улшоит. Адумбеи еишәарыцо хымдырк дҟаларгьы, ашьауӷа дақәыршәахоит, ахараԥсагьы хәышә нызқь иреиҵамкәа иқәҵахоит. «Анцәа иумҳәан, аха уи аҩыза аныҟала, аԥстәы ԥырхага азҭаз иаразнак деилкаахоит. Аԥсны ишыҟамлац алагьы дахьырхәхоит иқәҵахо ахараԥсеи, дызқәыршәахо ашьауӷеи рыла»,-иҳәеит аеколог.
Савели Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, ҩышықәса рҟынӡа зхыҵхьоу адумбеи акапан хәышә-фышә кьыла еиҳауп. Дара аашәкьыла, тоннак рҟынӡагьы ркапаныр алшоит. Иарбан ҵиаау дара злачо ҳәа иқәыргылаз азҵаара аҭак ҟаҵо, аеколог иҳәеит, урҭ зынӡа иаҳбац арахә ишреиԥшу, арахә реиԥш шамахамзар аҳаскьын еилымхкәа ишҳәуа. «Акамбашь уамак еиԥшӡам, аха ацә иазааигәоуп цәгьалаҵәҟьа. Ишыҟаҵәҟьоу иуҳәозар, иаҳбац ацә ауп, амала акапан ҩажәантә еиҳауп»,-иҳәеит Савели Михаил-иԥа.
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа, аӡиас Гәымсҭа ахахьы, иҟоу ахкаарақәа рҿы Жәлар Реизара адепутат Резо Занҭариа уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит зхыԥхьаӡара ашәарҭара иҭагылоу, Ашәҟәы Ҟаԥшь иану Кавказтәи аҽацәқәагьы иааӡоижьҭеи. Урҭ ауаҩы ишьцылоуп, рааигәа унеиргьы ишәаҟьаны иҩӡом. Идуқәоу реиԥш, зынӡа иқәыԥшӡақәоугьы ыҟоуп. Урҭ уажәшьҭа аԥсабарахь иоушьҭтәуп, ахақәиҭра рыҭатәуп, аха реиқәхаразы ашәарҭара ыҟоуп. Резо Платон-иԥа Занҭариа акыр шықәса ҵуеит аԥсабара иахәо, Ашәҟәы Ҟаԥшь иану аԥстәқәа рхыԥхьаӡара аиқәырхара иацхраауа апроектқәа рынагӡара инапы алакуижьҭеи. Ахкаара дуқәа рнаҩсгьы, рхәы, ирхылаԥшуа, рыхьчара уҳәа ари аԥара маҷымкәа изықәхарџьтәу проектқәоуп, – иҳәеит Савели Ҷыҭанаа. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аекологцәа изныкымкәа аиҳабыра рахь ажәалагала ҟарҵахьеит абнақәеи ашьхакаҵәарақәеи рҟны хышықәса инарзынаԥшуа ашәарыцара зынӡа иаанкылазарц. «Уи аамҭа иалагӡаны, гәымбылџьбарала знырҵәара иаҿу, Ашәҟәы Ҟаԥшь иану аԥстәқәа рхыԥхьаӡара еиҭашьақәгылоит, ихаҭәаахоит. Аха, макьана иаҳҳәаз аӡәгьы дазымӡырҩыц»,-иҳәеит аекологиазы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы.
Елана Лашәриа

