Аԥсуа милаҭтә кьыԥхь, ҷыдала агазеҭ «Аԥсны» («Аԥсны ҟаԥшь») акыр шықәса
амаҵ азызухьаз, ажурналистцәа реиҳабыратә абиԥара иаҵанакуаз, СССР-и Аԥсни
ржурналистцәа Реидгылақәа ирылаз Ақсент Жагәа-иԥа Занҭариа ааигәа, 2026 ш.
август 9 рзы иԥсҭазаара далҵит.
Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан ииз (1931 ш. маи 5), иааӡаз арԥыс 1955 ш. абжьаратә школ даналга дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Данхәыҷыз инаркны аҵара бзиа избоз, иацызҵарцгьы зҭахыз А. Занҭариа иреиҳау аҵараиурҭа данаднакыла еиҳагьы иҽазҵәылхны иҽазыҟаиҵон, амаҭәарқәа ицааиуан, еиҳарак бзиа иибоз аԥсуа бызшәеи алитературеи гәцареикуан, арҵаҩы изанааҭ аганахьала азыҟаҵара бзиа имазар иҭахын.
1961 ш. аинститут қәҿиарала далгеит. Арҵаҩы - ааӡаҩыс аусура далагоит Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны. Аҵара-ааӡара аус есааира дагәыланахалон, хара имгакәа арҵаҩцәа бзиақәа дырхыԥхьаӡалахеит. Ари зегьы иқыҭа гәакьаҿ ишьҭикааз акәын. Ега ԥынгыла изцәырҵуазаргьы, дыриааиуа даауан. Аха уи егьымариамызт. Ҳәарада, иахьа иахааным ирыздыруам аамҭа хьанҭақәа ирыцыз ауадаҩрақәа. Ақсент урҭ лассы-лассы игәалаиршәалон. А. Занҭариа аԥхьа, 1937 ш. Анҳашҭықәтәи алагарҭатә школ ахь ишьаҿа еихигеит. Усҟан аҵара аус злеиҿкааз алатин графика ала акәын. Шықәсык ааҵуаны, ирҭахы-ирҭахым ҳәа иразҵаауадаз, ақырҭуа алфавит ахь ииаргеит.
1941 ш. ԥшь-класск ахьыҟаз Анҳашҭықәтәи ашкол даналгоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ҵысит. Арԥыс иҵара изацымҵакәа аҩны даанхеит. Иани иаби ԥшьҩык ахшара рааӡон: хҩык арԥарцәеи раҳәшьазаҵәи. Иашьеиҳаб Митра жәаа шықәса анихыҵ аибашьрахь дцеит. Аҩнаҭаҿы хәыҷи-дуи анхамҩа аус рнапы алакын. Ахныҟәгара мариангьы иҟамызт.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа аԥсҭазаара иацыз ахьанҭарақәа
ахәыҷқәагьы ирнымԥшыр ауамызт. Аибашьра иааирала ианеилга, рашьа Митра ахәрақәа иоузаргьы, деибганы дхынҳәит. Аҩнаҭаҿы уҵара иацуҵароуп ҳәа Ақсент идыргало иалагеит. Иаарласны Блабырхәатәи абжьаратәи ашкол дҭарҵеит (усҟан ашкол Сталин ихьӡ ахын). Ашкол аҟны аҵара ақырҭуа бызшәала имҩаԥысуан. Ажәакгьы ззеилымкаауаз ахәыҷқәа рҵара иацырҵон. Оумашәа иубаша, Ақсент ажәабатәи акласс аҟны дшыҟаз, иҵара хиркәшаанӡа аррамаҵура ашҟа иԥхьеит, дрымгаргьы рымуит. 1950-1953 шш. рзы Украина, Луганск ирратә уалԥшьа нагӡаны Аԥсныҟа дхынҳәит. Аҩнаҭаҿы ҩаԥхьа иабжьаргеит абжьаратә ҵара хиркәшарц. Иаргьы ииҭахыз уи акәын. 1955 ш. ашкол далгеит. Ақсент иқәлацәа зегьы ирхыргоз аԥышәарақәа еиҳагьы ирыӡрыжәуан. Изызҳауаз аҿар аԥхьа аҵара алатын графикала ихацзыркыз, ашьҭахь ақырҭуа алфавит ахь ииаргоит, аха аҵыхәтәан аурыс графикаҿы иаангылеит.
А. Занҭариа арҵаҩы изанааҭ алхра лыбзоуроуп ашкол аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи дзырҵоз Арзениа Шәлиман-иԥҳа Барцыцԥҳа. Аҟәатәи аинститут даналгоз шықәсык шыбжьаз аҭаацәара далалеит. Апедагогикатә факультет аҟны аҵара зҵоз Дарико Хонӡиаԥҳа динасыԥхеит. Аҵара аныхдыркәша ауп рҩыџьагьы арҵаҩы изанааҭ ала Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны русурақәа анхацдыркыз.
Ишырзымариамызгьы, аусуреи аҭаацәара ауси еиларыгӡон. Хҩык ахацәарԥар рыхшеит. Ирызҳауа ианалага рныҟәгара еиҳагьы ирцәыуадаҩхон, аха гәамҵрак рындырԥшуамызт, еилибакаауан. Уи акәхап Аҟәаҟа аиасра иазхәыцуа изалагазгьы.
1977 ш. даара ишырцәыцәгьазгьы, иргәаӷьит Аҟәаҟа аиасра. Хҩык рыхшара рыманы қьырала хатәы ҩнык аҟны анхарҭа ылырхит.
Ақсент аусура далагеит аԥсуа газеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны») аредакциаҿы. Ахәыҷқәа ашкол иҭарҵеит. Реиҵбы усҟан шықәсыкгьы ихымҵыцызт, Дарико лыԥшқа дбатәын, аҩны даанхеит, аусура дзалагомызт. Ишнеи-шнеиуаз Дарико лакәзаргьы аредакциаҿы коррескторс аусура далагоит. Аамҭакала Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол аҟны ахәыҷқәа аԥсшәа длырҵон. Аҟәа иашьцылеит. Аусуреи рыхшара рааӡареи дара рзы аԥхьа игылан, рҽаҵамырхогьы иааиуан. Аха 1980-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа инҵаркны Аԥсны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа есааира иҵархон. Аԥсуа жәлар рмилаҭ зинқәа еснагь рҿаҟәара иашьҭаз ақырҭқәа аҭагылазаашьа дыруадаҩуан, зны-зынла амитингқәа реиҿкаараҟынӡа инеиуан. Уи зегьы иаанагоз Аԥсны ақырҭқәа рҽышьақәырӷәӷәара акәын, ҳәарада, аԥсуаа рзинқәа реиҵатәрала.
Аԥсуа доуҳатә культура иааӡаз, аҵараааӡара инапы аналакыз ашықәсқәа раан, аԥсуа шәҟәқәа реиԥш, апериодикатә кьыԥхь дазҿлымҳан, аԥсуа газеҭ «Аԥсны» ҷыдала дазыҟан, иҟалалон зны-зынла аҵара аусхк иазкыз ажәабжь кьаҿқәа аредакциахь ианааишьҭуаз. Урҭ акьыԥхь ианылон. Аредакциаҿы аусура анхациркы еиуеиԥшым атемақәа ирызкны агазеҭ истатиақәа аниҵон, ззанааҭ аҟны иалукаашаз ауаа ирзикуаз аочеркқәа маҷмызт. Илаз аҟыбаҩ азгәаҭаны 1987 ш. СССР-и Аԥсни ржурналистцәа реидгылақәа рахь дрыдыркылеит.
А. Занҭариа атәанчара ашҟа даниас аусура аанижьуеит. Игәаларшәо иҳәалон: «аизарақәа инадыркны аредакциаҿы зегьы аԥсуацәа ахьырхаз, аԥсуала мацара иахьхәыцуаз, ҭаацәара дук еиԥш иахьыҟаз, иахьагьы сгәы иҭыҵәом».
Агазеҭ аидеологиа аҟәшаҿы аус зуаз ажурналист инапы злакыз иахәҭакын хаҭала изааигәаз аҿар рырра-патриоттә ааӡара, Аԥсадгьыл абзиабара рылааӡара уҳәа ирызкыз атемақәа. Ақсенти Дарикои аԥсуа газеҭ аҟны русура разҟы бзианы иршьон. Ус, русура ахәшьара аҭаны, 1986 ш. Аҟәа рхатә уадақәагьы рырҭеит. Шьҭа, иҳабаргәузеи ҳәа рхы иазырҳәартә иҟан. Рыҷкәын аиҳабы Тимур абжьаратә школ даналга ақыҭанхамҩатә институт дҭалеит. Иҵара хиркәшеит аҵарауаҩ-агроном
изанааҭ иманы. Аррамаҵура ихигеит Минск, атанктә архәҭаҿы.
Абжьааԥнеиԥш, зегьы русқәа ишырҿыз, 1992 ш. август 14 рзы ашәарҭара ду инҭагылеит, хәыҷи-дуи ршьара иқәызҟьаз Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар абџьарла рҽеиқәыршәаны Аԥсны ианақәла. А. Занҭариа ихшара реиҳабы Тимур иаразнак Ацҳа ҟаԥшь ашҟа деихеит. Уи нахыс иқәлацәа днарылагылеит. Гагра ахақәиҭтәра
далахәын. Раԥхьатәи амш инаркны аибашьра далагылан. 1993 ш. ииультәи зымҽхак ҭбааз ажәылараан Тимур дзықәтәаз БМП аӷа имина иахаԥжәеит, уи иахҟьаны изшьапык ицәыӡит. Аҳақьымцәа иԥсы еиқәдырхазаргьы, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ишиҭахыз дахьызрывамгылаз хьаас иман. Тимур Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Иԥшәмаԥҳәыс Т. Ҭарԥҳаи иареи рыԥҳа Москва МГИМО аҟны лҵара хлыркәшахьеит, аус луеит. Тимур иашьеиҵбы Асҭамыр иакәзар, Тиумен аррамаҵура ихганы дхынҳәхьан.Реиҵыбӡа Даур ашкол далымгацызт. Асҭамыр Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагылан. Марттәи ажәылараан хабарда дыбжьаӡит. Леон иорден ианашьоуп.
Ақсенти иҷкә́ын ибжьаӡра ҩнуҵҟала хьаа дуны ихигон, ус дагьымҩасит. Аԥсуа ҭаацәара бзиа аԥызҵаз, зыхшара Аԥсадгьыл азы ихәарҭаны, иаԥсаны рааӡара зылшаз Ақсент Жагәа-иԥа аԥсҭазаараҿы ишьҭа аанижьит.
Ихаҭа аԥсуаҵас иааӡара, ихымҩаԥгашьа, иаамсҭашәара агазеҭ «Аԥсны» аредакциаҿы
иусура иахаану ибзианы иргәалашәоит. Ақсент Жагәа-иԥа Занҭариа аԥсҭазаараҿы еиԥш ламысла гәыкала амилаҭтә журналистика дазааԥсеит, илшамҭақәа рыла дыргәалашәалоит иҩызцәа, иколлегацәа, дызлагылаз зегьы.
В.Ажә́анба

