Жьҭаарамза аказы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы Аԥснытәии Урыстәылатәии ауаажәларра-политикатә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Мирон-иԥа Шамба игәалашәара иазкны имҩаԥгахоит IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Шамба иаԥхьарақәа», ҳәа аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Аконференциа атема – «Аԥсны ахьыԥшымра азымхәыцреи Қырҭтәыла аҵакыратә ҽазышәарақәа радымкылареи: Павел Ингороква имц теориеи уи еиԥшу аидеологиеи ҭҵаарадыррала рҿаԥҽра (анацизм, абандеровшьина)».
Аконференциа хықәкыс иамоуп Павел Ингороква аԥсуаа «раара» иазку иԥсевдоҭцаарадырратә теориа акомплекстә ҭҵаарадырратә анализи акритикеи азура. Алахәылацәа арҭ атезисқәа шҵаҵӷәыдоу ала аҭоурыхтә, азинтә, аполитикатә аспектқәа ирыхәаԥшраны иҟоуп, иара убас ас еиԥш иҟоу аконцепциақәа ридеологиатә еилазаара анализ азыруеит.
Апрограмма иаҵанакуеит Ингороква итеориа аҭҵаарадырратә ҵаҵӷәыдареи уи азинтә хҟьаԥҟьақәеи рзы ажәахәқәа. Анаҩс ицәыргахоит антропологиатә, агенетикатә, алингвистикатә, аҭоурыхтә дыррақәа, ацифратә епоха аан афальсификациақәа рҿагылара атемақәа, иара убас аидеологиатә хырхарҭақәа реиҿырԥшратә анализ зымҽхазкуа ажәахәқәа 11.
Аҭҵаарадырратә форум еиҿыркаауеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК), Москватәи аԥсуа диаспора.
Модераторс дықәгылоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Валериан-иԥа Кобахьиа.
Алахәхаразы ааԥхьара рымоуп аҭҵааҩцәа, арҵаҩцәа, аспирантцәа, астудентцәа, ажурналистцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Аконференциа мышктәи аформат ала имҩаԥгахоит, убри аан аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рзы авидео ала рхы аладырхәыр рылшоит.
Аусмҩаԥгатә алагоит асааҭ 12:15 рзы ААУ акттә зал аҿы.

