Print this page

Аԥсны атәылахьчара аминистрраҿы иалацәажәеит арратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра азҵаара

Цәыббра 25, 2025 39
Иласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рынагӡареи рымҩаԥгареи ирыдҳәалоу арҵара-методикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызку аилатәара анхыркәшаха, Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба аизара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәын: атәылахьчара аминистр Владимир Ануа уи ихаҭыԥуаҩцәа, Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко. Иара убас, аизара далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.
Уаҟа ирылацәажәан имҩаԥысраны иҟоу иласу-атактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иазку аиҿкааратә зҵаарақәа. Аҳәынҭқарра Ахада аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи аҭакԥхықәра ду шацу азгәеиҭеит.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны Арбџьармчқәа рҭагылазаашьа, урҭ разыҟаҵара аҩаӡара, рматериалтә-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәа.
Аилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ атәылахьчара Аминистрра адҵақәа аиҭеит, урҭ рыдҳәалоуп: арратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, арбџьармчқәа рырратә напхгараҭара асистема аиӷьтәра, аруаа иахәҭоу зегьы рыла реиқәыршәара.