Print this page

Игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

Лаҵара 22, 2024 333

Иахьа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҟны, ахәыҷқәа згәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.

Аԥсны аҵара Аминистрра ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсны  иҟоу 153 школ ирылгоит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рахьтә 12-ҩык аушьҭымҭацәа амедалқәа риуразы рыӡбахә ҳәоуп.

Зынӡаск Аҟәа ақалақь аҟны 16 школ ыҟоуп. Уахь иаҵанакуеит ҽынлатәи, латәаралатәи – латәарадатәи ашколқәа.

Иазгәаҭатәуп,   ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа шымҩаԥгахо маи 30 инаркны ииун  20-нӡа.