Print this page

Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҟны

Цәыббра 01, 2023 339

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Аслан Бжьаниа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵеит.

Ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Иҳаҭгәын аҟны. Уи ихьӡ амадоуп аибашьраҿы Аиааира, аибашьрашьҭахьтәи раԥхьатәи ашықәсқәа раан зхыԥхьаӡара рацәаӡаз ауадаҩрақәа раԥыхра.

Ашәҭқәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа Реилазаара иалоу, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭдумеи рделегациақәа ирылоу, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Анаҩс Бжьаниа Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭахь амҩа дықәлеит аҩбатәи Ахада игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵарц. Уи ихаан иалыршахеит ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети жәларбжьаратәи разхаҵара.