Print this page

Афымца иазкны

Нанҳәа 03, 2023 100

Ииуль 31 азы Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит афымца азҵаарақәа ирызкны, – иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵ­ура.

Аилацәажәараҿы ирзааҭгылеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара аҭышәныртәалара, аарыхра знапы алаку аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра уҳәа азҵаарақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рзыҟаҵан афымцамч аԥхьаӡагақәа рықәыргылара, ашәахтәқәа рылхра азҵаарақәа.

Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Ҭенгиз Гырџьынба.