Print this page

Ҳаԥхьаҟагьы – аусеицура

Ԥхынгәы 13, 2023 96

Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр истатс-маӡаныҟәгаҩ – Игор Зубови русуратә еиԥылара.

Аганқәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, урҭ иреиуоуп: 2021-2023 шш. аминистррақәа русеицура апрограмма анагӡара, Аҟәа ақалақь аҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҩганктәи ринформациа-координациатә Центр аиҿкаара аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы ацәгьоурақәа рҿагылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аԥхьырҟәҟәаареи рганахьала аусеицура; аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу ахаҿқәа рыԥшаара, иара убас акурорттә аамҭазы Урыстәылатәи атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара. Роберт Киути Игор Зубови Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа рыбжьара аусеицура аринахысгьы аҿиареи арӷәӷәареи ишазхиоу ҩаԥхьа ишьақәдырӷәӷәеит.


Наира Сабекиа