Print this page

Астудентцәа дырԥылеит

Рашәара 23, 2023 345

Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Санкт-Петербург ақалақь иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо, ахәҭакахьала, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ацхыраарала иҭалаз астудентцәа дырԥылеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Инал Арӡынба астудентцәа хара имгакәа Аԥсны Ахада Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аус ацура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны, Санкт-Петербург ҳаҭыр зқәу Аԥсны аконсул икандидатура аликаауеит ҳәа адырра риҭеит. Санкт-Петербург еиҿкаахо Аԥсны Ҳаҭыр зқәу Аконсулра аидгьылуаа активла реимадара, реибабара, иара убас урҭ жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазкхоит.