«Аҵла аҭагылазаашьа хар амам, абыӷьқәа ылнагеит. Ҳгәыӷуеит уи аԥсы ҭахап ҳәа. Убри азы иааҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», – иҳәеит Ахада.
Маи 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Лыхнашҭа даҭааит. Ибеит апрель 5 азы ааха зырҭаз аҭәаҵла ду аҭагылазаашьа. Аҭәаҵла абӷьы ҿалеит, иара еиқәхоит ҳәа агәыӷра ыҟоуп.