Print this page

Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара

Мшаҧы 27, 2023 158

 

Аԥсынтәыла агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ас­лан Бжьаниа агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Уаҟа иазгәаҭоуп: «Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. 108 шықәса раԥхьа, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ихамшҭыхәны иҟалаз арыцхә, харада индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Милаҭ еи­лыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы. Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара рыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркы­лоит жәларык рхьаа. Аԥсни уи анҭыҵи инхо аерман жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа, агәабзиара».